Аԥсуа литература, аҭоурых, аетнографиа, аҭҵаарадырра, аҟазара уҳәа, амилаҭтә доуҳатә культура амахәҭақәа зегьы рхыҵхырҭаҿы игылоу, Д.И.Гәлиа ишықәсны иԥхьаӡоуп 2024-тәи ашықәс. Хазы, сынтәа уи илитература-мемориалтә музеи 50 шықәса ахыҵрагьы азгәаҭахоит.
Арҭ арыцхәқәа аҩбагьы инарымаданы, урҭ реиҿкааразы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа реилкааразы Д.Гәлиа имемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қәарсаиа-ԥҳа ҳлыҿцәажәарц ҳамҩахыҵраан, ҳрыхҭыгәлеит, Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыр азы зҭыжьра хацдыркыз альбом аиқәыршәара иазкыз азҵаатәқәа ианрылацәажәоз, ианырыӡбоз аамҭазы. Текстла ихарҭәаау афотосахьақәа згәылоу, Д.Гәлиа инысымҩеи ирҿиареи ирызку альбом аиқәыршәаҩыс иамоу, амузеи аартра раԥхьатәи ашықәсқәа раан, аамҭаказы аус зуаз, апоет Г.Аламиа, иара убас, апоет Д.Габалиа, Урыстәылантәи иааз асахьаҭыхҩы-адизаинер Витали Жестков, амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаиаԥҳаи уи аусзуҩцәеи ргәаанагарақәа азгәаҭо, еиӷьу авариантқәа алырхуан. Ҳара ҳарԥырхагамхарц ҳарзыԥшын, рус ишалгалак амузеи аиҳабы ҳлыҿцәажәарц, аха ус амузеи ахь имҩахыҵит Санкт-Петербургынтәи асасцәа дахьқәа. Амузеи аусзуҩцәа излаҳарҳәаз ала, урҭ ҵарауаауп, хаҭалагьы ари амузеи згәы азыбылуа, зхатә харџьала аҳамҭақәагьы азҭахьоу роуп. Урҭ дыруаӡәкуп ахьтәы ԥсыӡ зҭоу акалами акарандашьи зхатә харџьала амузеи ҳамҭас иазҭаз аҵарауаҩ Вера Алексеева.
Ажәакала, иаҳаулак аҽны амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаиаԥҳа луаара анҳау ҳаиҿцәажәара хацҳаркит.
2015 шықәса раахижьҭеи Д. Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аиҳабыс аус зуа С. Қәарсаиаԥҳа лажәа далагеит амузеи аҭоурых, уи знысыз амҩа ала. Дазааҭгылеит уи анаадырт еиҳабыс иамаз, анаҩс аӡәырҩы ҳдоуҳатә культура аусзуҩцәа амаҵ шырухьаз, зџьабаа аду аҵарауаа хьыӡҳәала изусҭцәоу.
Уи лажәақәа рыла, 1966-1967 шықәсқәа рзы Елена Андреи-иԥҳаи Гьаргь Гәлиеи ргәаҳәарала Д.Гәлиа насыԥ ду иманы арҿиара аус дахьаҿыз, иҭаацәа аџьџьаҳәа уахи-ҽни иахьыҩназ, ихшара ахьиааӡаз иҩны аҳәынҭқарра ҳамҭас иарҭеит. Анаҩс, Аҳәынҭқарра абзоурала Д.Гәлиа иҩны амузеи алырхырц Санкт-Петербургнтәи амузеирхиаҩцәа, аиқәыршәаҩцәа ааԥхьан. Урҭ 70-тәи ашықәсқәа рстиль ала, алитературатә музеи аанарԥшуа ишьақәдыргылеит, аус рыдырулеит аекспозициатә залқәа 7.
Ҳаиҿцәажәараан Светлана Қәарсаиаԥҳа инаҵшьы иазгәалҭеит, раԥхьа амузеи аиҳабыс дшыҟаз, арҵаҩы, аинрал-маиор Гиви Камыгә-иԥа Агрба (1968-1974).Хаҭала, аетнографиатә ҭҵаарадырратә материалқәа рацәаны ишеизигаз амузеи азы, иџьабаа шырацәоу аҵарауаҩ Таҷ Гыцба. «Амузеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аиҳабацәас аус рухьан Аԥсны жәлар рартист Еҭери Коӷониа, Татиана Гәлиа, Инна Аҳаш-ԥҳа, Наҭела Џьичаева, иара убас амузеи анаадырт ашьҭахь 3 шықәса ааҵхьаны, 1977 шықәсазы аусура иалагаз, иахьа уажәраанӡагьы 47 шықәса инеиԥынкыланы аус зуа Зулиа Кәакәасқьыр, акыр шықәса амузеи аус азызухьаз Гәыли Кьыч-ԥҳа, Белла Мацхарашвили уҳәа рџьабаа даара ирацәоуп» – лҳәеит уи.
Иахьа Аԥсны даҽаџьара уаҩы иԥымло алитература-мемориалтә музеи аекскурсиатә маршрут ишаламгьы аҭааҩцәа агым. Арахь еснагь имҩахыҵуеит еиҳарак алитература, аҟазара, акультура, аҭҵаарадырра иадҳәалоу ауаа, урҭ инарҷыданы лассы-лассы еиуеиԥшым аныҳәақәа, Д.Гәлиа идҳәалоу акрызҵазкуа арыцхәқәа раан имҩахыҵуеит Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҟнытә ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи.
Светлана Қәарсиаԥҳа Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҟны лусура шхацлыркыз азгәаҭо, «Ари амузеи аҟны суаҩ ҿыцын, зынӡа сшацәтәыммызгьы. Зегь раԥхьаӡа сзызхәыцуаз аколлектив сышрыдыркылаша акәын. Аха баша агәырҩа сыман, Аԥсуа ҩнаҭа, аԥсуа хәышҭаара еиднакылоз аколлектив рыԥхарра, ргәызҩыдара иаразнак иснырит. Уи инаҷыданы, амузеи аусзуҩцәа зегьы аԥышәа змоу, зус бзианы издыруа роуп, даргьы саргьы хықәкы хадас иҳамоу Асовет аамҭазы апартиатә усзуҩцәа – Аԥсныҟа иаауаз асасцәа зегьы раԥхьа иахьымҩахыҵуаз ари алитературатә хәышҭаара аԥсуа ацәа шаҟәну инхарц аиқәырхара ауп. Убри аҟнытә ҳаҭыреиқәҵарала, неилымхрада, досу зегьы ҳус еизеиԥшны, аӡәкны ҳаивагыланы аус еицаауеит, алҵшәақәагьы ҳнубаалартә иҟоуп, сгәанала» – лҳәеит амузеи аиҳабы.
С. Қәарсаиаԥҳа излаҳалҳәаз ала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амузеи ацәыӡқәа аиуит, аха Анцәа ду имчала уи ахыбра еиқәхеит, архиви афонди ԥхасҭамхеит.
«Д. Гәлиа иҩны, ҳәарада, ихшара х-ҩык ахьиааӡаз иԥсҭазаара ауп ианыԥшуа, араҟа иҟоуп аетнографиатә кәакь, актәи азал ахәыҷтәы уада акәын, араҟа иуԥылоит Д.Гәлиа ирҵаҩратә усура зныԥшуа ауада, ирҿиаратә усура зныԥшуа: раԥхьатәи ишәҟәы, раԥхьатәи агазеҭ – «Аԥсны», еиҭаҵуа атеатр уҳәа аазырԥшуа азал. Урҭ инарҷыдангьы, Д.Гәлиа иҭынха мацара акәым ари амузеи аҟны иҵәаху, еиқәырхоу. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аклассикцәа аӡәырҩы рнапҩырақәеи рысалам шәҟәқәеи ҵәахуп ари амузеи аҟны. Хазы еизганы иҭаҵәахны иҳамоуп урҭ рнысмҩеи рырҿиареи ртәы зну ақьҭаԥқәа. Д. Гәлиа имузеи аҟны иҵәахуп М.Лакрба ирҿиаратә ҭынхагьы, вариант рацәала ипиесақәа, исалам шәҟәқәа. Уи Асовет аамҭазы иԥшәмаԥҳәыс амузеи ҳамҭас иалҭеит. Ари амузеи аҿы иҵәахуп ҳпатриарх иԥа, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа илитературатә ҭынха аӷьыраки, иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац ипиесақәеи, инапҩырақәеи. Аиашазы, аҭыԥ шҳацәмаҷугьы, ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә ҭынха аҵәахра, аиқәырхара амузеи аусзуҩцәа излаҳалшо ала ҳаҿуп. Иазгәасҭарц сҭахуп, алитератураҭҵааҩцәа Д.Гәлиа иҭынха инаҷыданы егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳаклассикцәеи рҭынхагьы аус адырулартә алшара шрымоу.
Светлана Қәарсаиаԥҳа лажәақәа рыла, амузеи иагу-иабзоу маҷым, уи жәытә ҩнуп аҟнытә, аҭааҩцәа рацәаҩны иазышьҭыхуа иҟам, иуашәшәыроуп, аха уеизгьы гәыԥ-гәыԥла аҭаацәа рыдыркылоит, ари аҩны асасцәа агым.
«Аибашьра ашьҭахь ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥсахын, 2013 шықәсазы афонд аремонт ҟаҵан. Ажәакала, хәҭа-хәҭала аиҭарҿыцратә усурақәа мҩаԥган. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны Аԥыза-министр Александр Анқәаб ибзоурала актәи аихагылаҿы, ахыбрагьы уахь иналаҵаны аремонт ҟаҵан актәи азал ада. Афбатәи аекспозициатә зал, акоридор, аусзуҩцәа руада хәыҷы, иара убас иҿыцны ишьақәыргылан актәи аихагылаҿы хаз иҟоу даҽа ҩ-уадакгьы. Аха, аҩбатәи аихагылагьы шьаҭанкыла аремонт аҟаҵара ихымԥадатәи усны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Уи аганахьала асмета хиоуп, ишәоуп-изоуп, иақәхарџьтәу аҟәрышь уҳәа зегь азгәаҭоуп, агәыӷра ҳамоуп ари аус хацыркхап ҳәа», – лҳәеит уи.
Ҳаиҿцәажәараан Светлана Қәарсаиаԥҳа дазааҭгылеит амузеи азы ихымԥадатәны инагӡатәу даҽа ускгьы:
– Архив ацифровка аҟаҵара хымԥадатәиуп, уи аинтернет аҭагаларазы атехникатә еиқәыршәара аҭахуп. Хазы, аинтернет аҭагалара ацифровка ҟазҵо ауаҩгьы даҭахуп. Ҳәарада, ари иӡбатәу проблеманы ҳҿаԥхьа иқәгылоу акоуп.
Ишдыру еиԥш, Д.Гәлиа иҩны ашәқәа еснагь иҟьаҟьаӡа иаартын асасцәа рзы. Лассы-лассы арахь имҩахыҵуаз иреиуоуп, адунеизегьы аҟны ибзианы зыхьӡ наҩхьаз, еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа Н.Тихонов, Р.Гамзатов, Е.Евтушенко, Б.Ахмадулина, А.Дементиев, Ф Искндер уҳәа.
Амузеи анаартыз аҽны инаркны иаԥшьган амузеи иаҭаауаз асасцәа ргәаанагарақәа знырҵоз ашәҟәы. «Д.Гәлиа иҩны 50 шықәса рыҩнуҵҟа иаҭаауаз ауаа ргәаҳәарақәеи рзеиӷьашьарақәеи рӷьырак анҵаны амобилтә еимадара «Аквафон» абзоурала ашәҟәы ҭҳажьит. Ҳгәы иҭоуп уи аԥхьаҟа иҵегь ихарҭәааны аиҭаҭыжьра. Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыр азы уи инысымҩеи ирҿиареи зҳәо фотосахьала ихарҭәаау альбом аҭыжьра азырхиара ҳаҿуп, иара убас адокументтә фильм аҭыхрагьы напы аркуп. Уи аганахьала, даара ацхыраара бзиа ҳарҭоит амобилтә еимадара «Аквафон». Уи инаҷыданы иазԥхьагәаҭоуп Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи имузеи 50 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы атеатраҿы сценариала еиҿкааны аизара ду амҩаԥгара» - лҳәеит амузеи аиҳабы.
«1977 шықәса раахыс Д. Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҟны аус зуеит. Сара аусура саналагаз амузеи еиҳабыс даман Аԥсны жәлар рартист Еҭери Коӷониа. Уи артистк лаҳасабала даадыруан, бзиа деицаабон, аха араҟа даҽа ганк ала дысзаатит. Лыуаҩышьа даара ибзиан, лус лдыруан, аус лыцура маншәалан, имариан, ауаҩы аамысҭашәа ззырҳәоз лакәын. Ҳәарада, хаҭала, сара илҿысҵааз рацәоуп. Раԥхьа аҭҵаарадырратә усура ала сусура хацсыркит. Аӡәырҩы аиҳабацәа рнапаҵаҟа аус зухьеит, урҭ зегьы аӡәи-аӡәи хеибарҭәаауан, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп амузеи аҟны аус зуа аиҳабы-аиҵбы ҳәа еилых шҳамам, ҳус шаку, хықәкыс иҳамоу, амузеи литературатә хәышҭаараны, уи аԥсуа цәа аҟәынны аиқәырхареи, аҭааҩцәа рыларҵәареи, уи аҭоурых рызнагареи, агәыбылра дыркреи шакәу.
Иахьа, амузеи аусзуҩцәа зегьы аԥышәа змоу аҭҵаарадырратә усзуҩцәоуп, зегьы архив аус адызуло, афондқәа реиҳабы ҳәа неилымхрада, зегьы аҭааҩцәа рзы ҩ-бызшәак рыла аекскурсиақәа мҩаԥаагоит. Есымшааирагьы ҳхы аус адааулоит», – лҳәеит 47 шықәса амузеи аҟны аус зухьоу аҭҵаарадырратә ҟәша аиҳабы Зулиа Кәакәасқьырԥҳа.
Амузеи афондқәа реиҳабы 1996 шықәса раахыс ари амузеи аҟны аус зуа Маиа Кәыҵниаԥҳа ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит амузеи алитературатә музеи ишақәнагоу, аклассикатә знеишьала, аекспозициатә залқәа реишьҭагылашьа, урҭ реилыргара уҳәа ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкаау.
«Амузеи аҟны иҭагалоуп 9-нызқь експонат. Араҟа иуԥылоит ажәытә газеҭқәа, анапылаҩырақәа, асалам шәҟәқәа уҳәа убас ирацәаны. Урҭ рыҵәахышьа иацклаԥштәуп, еиҳарак актәи аихагыла аҟны урҭ рыҵәахреи реиқәырхареи рзы иазыԥҵәоу аԥҟарақәа ирықәшәо аҭагылазаашьа аԥҵатәуп. Еиқәырхатәуп иахәҭоу аԥхарра, ацәаакыра иԥхасҭанатәуеит ажәытә, акрызхыҵуа аматериалқәа. Ажәакала, урҭ зегьы аиҭашьақәыргылара рҭахуп, ареставрациа рзутәуп.
Иазгәасҭарц сҭахуп, амузеи аҭааҩцәа рахьтә, ҷыдала агәыҳалалра аарԥшны, ацхыраара азҭо шмаҷҩым. Урҭ иреиуоуп Д.Гәлиа иуапа иеиԥшыз ауапа ҳамҭас амузеи иазҭаз Жан Мар Дантои, апоезиа амш азы, ахьтәы ԥсыӡ зҭоу акалами акарандашьи зхатә харџьала ҳамҭас иазҭаз Вера Алексеваи» – лҳәеит Маиа Кәыҵниаԥҳа.
Ажәакала, аԥсуа жәлар рзы акрызҵазкуа ари алитературатә хәышҭаара аԥсы ахьҭоу, 50 шықәса уи атрадициақәа ирыцҵо иахьа уажәраанӡа иахьааиуа гәахәара дууп алитературеи, акультуреи, аҭҵаарадырреи ирыдҳәалоу ауаа рзы мацара акәымкәан, аԥсуа жәлар зегь рзы. Иҿымцәааит Дырмит Ду имца, имыӡааит уи иаҳзынижьыз, аԥсуа жәлар еиҵазааӡо илитературатә хәышҭаараны иҟалаз Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи!
Алиса Гәажә-ҧҳа