«Сара счерқьесуп, аԥсуаа сраҳәшьаԥоуп»

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар риааира сынтәа 31 шықәса ахыҵит. Аибашьра аветеранцәа уи аамҭа аныргәаладыршәо, даара ирныԥшуеит. Усҟан ҩажәеи акы шықәса зхыҵуаз, аибашьратә мҩа ианысыз Оҭырба Руслан Есмеҭ-иԥа ацәажәара дналагеит:


– Каралов Игор, Лалик ҳәа ахьӡшьара иман. Зажәа иазыӡырҩуаз, аибашьраҿы зхатә гәаанагара змаз, аҿар ирыхӡыӡаауаз, урҭ рыхьч­аразы изылшоз зегьы ҟазҵоз еибашьҩын. Есымша абџьар кны де­ибашьуазшәа акәын ихы шы­мҩаԥигоз. Икәша-мыкәша иҟаз аи­башьцәа иара идҳәалан. Ажәылараҿы адҵа рыҭашьеи ралгашьеи дақәшәон. Дхатәран, иԥсадгьыл иԥсы алан, бзиа ибон. Каралов Игор (Лалик) Камбар-иԥа диит 1954 шы­қәса ԥхынгәымза ааба рзы Абӷархықә ақыҭан. Аацытәи абжьаратә школ далгеит. Ашкол даналга иуалԥшьа Ахалцихь дахысуан. Ихьанҭоу атехника аҟны механикс дыҟан. Арра дыргаанӡа ашьапылампыл ибзиаӡаны дасуан. Усҟантәи аамҭазы ақыҭа школқәеи ақалақь школқәеи рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥыргон. Усҟан Игор ампыласцәа дрылукаауан. Изныкымкәа аспорт аҟны илагалазы ианаршьоз аҳаҭыртә шәҟәқәа маҷымкәан иҟоуп. Игор иаб милаҭла дчерқьесын. Ҟарачы-Черқьестәыла – Ԥсыж дынхон. Уаҟа иара аҭаацәара иман, ҩыџьа ахшара драбын.
Сабхәа иҭаацәеи ҳареи ҳаибабоит, – лҳәеит Игор иԥшәма Ольга Каралова. Урҭ рышҟа аибабаратә цҳа ҳԥа Каралов Инал ибжьеиҵеит. – Аамҭа уадаҩ аан, ҳааигәа иҟан, иҳацхраауан. Аибабара ҳабжьоуп, уи Лалик даара иҭахын. Иԥагьы иаб иԥсы мгәамҵырц илшо зегьы ҟаиҵоит. Уи еснагь ҳаибабареи ҳаиҭанеиааиреи рҳәаақәа ирҭбаауеит.
Каралов Игор аԥсуаа дра­ҳә­шьаԥан. Иан Вера Боџьгәуа еицы­рдыруаз ареволиуционер диԥҳан, Абӷархықәтәын. Лара дызланагалаз ачеиџьыка змаз, асас дызгымыз гәараҭан. Лыԥшәма Каралов Камбари лареи хҩык ахшара рхылҵит: Аида, Олег, Игор. Зегьы иреиҵбыз Игор ԥшьышықәса дышрықәыз, иаб иԥсҭазаара далҵит. Ран хҩык ахшара рааӡара лыхәда инықәлеит.
Ольга абас илгәалалыршәоит:
– Ран аԥсшьарҭа ҩны «Амра» аҟны аус луан. Аҵх акырӡа инеиаанӡа уа даанхон. Лус даналгалак леидарақәа лыманы шьапыла аихамҩа дықәланы даауан. Уи данаауаз аамҭа здыруаз, Олеги Игори ран илԥылон. Зны-зынла ианигәалаиршәоз илаӷырӡқәа ҳбар ҳәа дшәон…
Аишьцәа Олеги Игори ран џьа­­баала ишылааӡаз еснагь иала­цә­а­жә­­он. Ларгьы ақәра ду нылы­мҵӡеит. Зны-зынла, Игор, абас иҳәалон: «Лааԥсара лыхьӡеит. Акы-заҵәык, ҳара зегьы аҭаацәарақәа ахьаԥаҳҵаз дахаанхеит. Ҳара ҳзы лгәы ҭынчын».
Абас зхәыҷрашықәсқәа абы­да изы­зҳаз Каралов Игор Аԥс­ны аи­ба­шьра ианалага аҩны имаз ашәақь аашьҭыхны дындәылҵит. Иара дҭаацәаран. Иԥшәма Каралова Ольга Уасил-иԥҳа милаҭла доурысуп. Ростовтәи аобласт, ақалақь Шахты аҟны диит. Занааҭла дӡахҩын. Аибашьра ианалагоз ҩыџьа ахшара рыман: Инали Зуридеи.

– Аишьцәа рҩыџьегьы Олеги Игори аибашьра аԥхьатәи амш инаркны абџьар шьҭырхит. Аҳәсеи ахәыҷқәеи ҳанаанха Черқесскҟа ҳдәықәырҵеит. Уа ҳахьнеиз агәҭынчымра ҳацын. Аинформациа ҳамамызт, иҟоу ҳаздыруамызт… Ҳаруаа Гагра анҭадырцәы, Аԥсныҟа ҳхынҳәит. Арахь ҳаара маҷк ҳаԥсқәа еивнагеит, – лҳәеит Ольга.
– Гагра ахақәиҭтәраан, – иҳәеит аибашьра аветеран Оҭырба Руслан. – Рома Чыркба икомандахь ҳрышьҭит: Каралов Игор, Марганиа Дофа, Шамба Руслан, Чаабалырхәа Темур, Шамба Даур, Инал-иԥа Колиа, сара. Игор автомат Ахба Наазим ииҭеит. Аибашьцәа зегьы Игор ус ҳаиҳәеит:
– Атәым мал аӡәгьы шәакьымсын, шәхы шәеиҷаҳа! Сара сыршьыр, схьы мацәази асааҭи сара схатәқәа роуп. Сшәыҳәоит, урҭ наганы сҭаацәа ирышәҭа. Иҟамло акгьы ыҟам, еибашьроуп… Иҭахозаалак ус ҳизныҟәар ауп. Иҭахогьы иахьынӡалшо иалҳгароуп. – Уи аамҭазы, – аӷацәа ҳалахысуа иалагеит. Ҳара ԥхьаҟа ҳцон. Ус, Гагра ҩнык аҟны абџьар ҵәахны измаз ҳрылашәеит. Аб дақырҭуан, ан Украинатәын. Аиҿахысра ашьҭахь аџьаԥҳаны анаҳга, урҭ аҳәара ҟарҵеит 17 шықәса зхыҵуаз рԥа дцартә еиԥш аҭагылазаа­шьа иаҳҭарц. Изҭахымхақәаз, иақәшаҳаҭымхаз ҟалеит. Аха Игор ицәажәақәаз ус реиҳәеит: «Ҳара ҳауаҩра ааҳарԥшыроуп. Аби ани аштаб ахь идәықәаҳҵоит. Аҷкәын шәиламкьысын…»
Инапқәа ихы иадкыланы, аӡы дыруан… Уажәы-уажәы ишьҭахьҟа дхьаԥшуан. Аӡиас агәҭаҿы даннеи дааҭгылан, ишьҭахьҟа дхьаԥшит. Усҟан Игор ибжьы неиҵихын, ус иҳәеит: «Ҳара аԥсуаа ибџьардоу ҳреихсӡом». Аҷкәын данца, ҳара ԥхьаҟа ҳжәылеит.
Зны аибашьраҿы, Гагратәи ахырхарҭаҿы ҳшыҟаз, аҭабиаҿы ҳаибашьцәа ԥшьҩык тҟәаны аӷацәа ишыргаз ҳаҳаит. Ҳара ҳгәыԥ ақырҭцәа хәҩык тҟәаны иҳаман. Аиҿцәажәарақәа акыраамҭа ицон, аха ақырҭцәа аиҭныԥсахлара мап ацәыркит. Уи мзызс иарҭон, итҟәаны иҳамаз рхыԥхьаӡара даҽаӡәы дацаҳҵарц. Игор аҵыхәтәантәи аиҿцәажәарақәа рҿы абас иажәа хиркәшеит! – Аамҭа цоит. Ишәымԥсахыр шәара шәхы иавыжәба! Уи ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ ила ишырԥсахуаз ажәа ҳнырҵеит… Хара имгакәан ақалақь Гагра ҭарцәын, – иҳәеит К.Оҭырба.
Хымз инарзынаԥшуа Чиркба Рома икоманда Гагра аҳәааи ашьхақәеи рыхьчон. Усҟан Игор иҩызцәа днарылаԥшын: «Сҩызцәа, сара сзы араҟа аҟазаара даараӡа ихьамҭоуп. Саҭашәымҵан, Гәымсҭатәи ахырхарҭахь сиасуеит», – ҳәа раҳәаны дцоит.
Каралов Игор Багаҭелиа Валикәа напхгара зиҭоз абаталион далалеит. Иара акомандир ихаҭыԥуаҩс далырхуеит. Аамҭала Мгәыӡырхәа аԥсшьарҭа ҩны «Золотои берег» аҟны итәан, ажәылара рҽазыҟарҵон.
Багаҭелиа Валикәа ибаталион даԥхьагылаҩны Цугуровка ихәнеит. – Уахь инеиаанӡа, - лҳәеит иԥшәма Ольга, – имшиира ыҟан. Аҭынч аамҭазы уи азгәаҭара бзиа ибаӡомызт. Аха абас аҩны иҳаиҳәеит: «Уажәы аибашьраҿы маҷк иҭынчроуп, сымшира аҩны иазгәасҭар сҭахуп». Уи ҩажәи зеижә шықәса ихыҵра инарҭбааны, иҩызцәа аибашьцәа алархәны имҩаԥаагеит. Иҟалап, усҟан ицәа иалашәахьазар, аҵыхәтәантәи имшира ҳгәалашәаларц иҟаиҵазар?! Ҳаибашьцәа Цугуровкантәи рылбаара даара аимак-аиҿак ахылҵит. Усҟан Лалик Каралов аибашьцәа ицны Владислав Григори- иԥа иҟны инеит. Акыраамҭа реицәажәара ашьҭахь, Владислав Григори-иԥа Лалик диазҵааит. – Уара узусҭада ? – ҳәа. Дааиҵамхаӡакәа аҭак ииҭеит:
– Сара счерқьесуп, аԥсуаа сра­ҳәшьаԥоуп...

Аибашьра анеилга ашьҭахь Владислав Григори- иԥа аибашьцәа ираԥхьагылаз командирк адҵа ииҭеит: «Дысзышәԥшаа Цугуровкатәи аҳаракыра ҳанажәлоз, ицәажәоз, счерқьесуп зҳәаз аибашьҩы...» Уи Каралов Игор (Лалик) шиакәыз, дышҭахаз иарҳәеит.Даара илахь еиқәнаҵеит, игәы инархьит.
Цугуровкатәи ахәаҿы Лалик ишьапы ахы ақәшәеит, ихыбаҩлаша ҵысит (аконтузиа) ӷәӷәаны иоуит. Аҩныҟа дмааиӡакәа, иаҳәшьа Аида лахь дцеит. Нас ахәылбыҽха иҭаацәа рахь дааргеит.
Игор (Лалик) ихәра ахәышәтәра дшаҿыз, Аҟәа аҭарцәразы ажәылара ишалагаз иаҳаит. Иара ҳаибашьцәа иҽырхьигӡеит. «Учхоз» иналагылон еиԥш, 1993 шықәсазы цәыббрамза 22 рзы дызгашаз ахы иқәшәеит Аԥсны ахақәиҭтәра мышқәак шагыз. Игор аибашьцәа Ҵәыџьба Гаррики Ҳагба Виталии дааргеит. Иԥшәма Ольга лцәа лтәӡамызт, Лалик данҭаха жәамш аҽны ахԥатәи ахшара Малика зыхьӡырҵаз диит.
Каралов Игор ихшара рыхҩык: Инал, Зурида, Малика – иреиҳаӡоу аҵараиурҭақә́а ирылгеит. Аҭаацәарақәа аԥырҵеит.
Каралов Игор Камбар-иԥа Абӷархықә ақыҭан анышә дамадоуп. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа Иусԥҟала Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me