Медианеттәи Ауниверситет аҿы аҵара ахысра Аԥснытәи ауниверситет астудентцәа рзы акыр зҵазкуа академиатә ԥышәа мацара акәымкәа, даҽа культурак аилкаареи, аԥсуа диаспореи дареи реимадара ашьақәыргылареи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы ԥхьаҟатәи аспециалистцәа раҳасабала рдыррақәа рырҭбаареи рзы зеиԥшыҟам лшараны иҟалеит.
Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ауниверситетқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәоит, еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рзы аплатформа аԥҵара, академиатә еимадара инаҵшьны иаанарԥшуеит аҩганк рзы ихәарҭоу аусеицура, акультурабжьаратә еиҿцәажәара, аилибакаара, акультуратә ҭынха аиқәырхара рҵакы ду адинамикатәи еидҳәалоу адунеи рҿы.
Аҵыхәтәантәи алекциақәа раан, астудентцәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемақәа рыҭҵаара рхы аладырхәит. Урҭ аҭоурыхтәи атеоретикатәи аперспективақәа ирыхәаԥшит, системацыԥхьаӡа ихадоу аҟазшьақәеи аныррақәеи еилыркааит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи ашәарҭадара аконцепциа, уи ахьчара иазырхоу азҵаарақәеи астратегиақәеи уахь иналаҵаны.
Академиатә ҵарақәа рнаҩсангьы, Аԥснытәи астудентцәеи арҵаҩцәеи Сҭамԥылтәи Аԥсуа культуратә центр аҿы адиаспора рԥыларазы зеиԥшыҟам алшара роуит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Кавказ Аҭрышбеи Џьансыхә Лазбеи. Ари ацентр атәым дгьыл аҿы аԥсуа культура лашарак аҳасабала аус ауеит, Аԥсны ибеиоу атрадициақәеи аҭынхақәеи органикала ианыԥшуеит. Астудентцәа рџьынџьуааи дареи гәыкала еицәажәеит, ргәаанагарақәа еимырдеит. Ахәылԥаз адинамика змаз аԥсуа милаҭтә кәашарақәа рыла идырԥшӡон, акзаареи агәадуреи рҭагылазаашьа шьақәдыргылеит.
Аманда Анталаа