2022 шықәсазы Аҧсны Апенсиатә фонд ала апенсиақәеи, ацхыраагӡақәеи, иҵегьы аҧарашәа­рақәеи рзы иоушьҭын 1 миллиардки 276 миллиони 933, 5 нызқь мааҭ. Ари 2021 шықәсазы аасҭа 76 миллиони 513 5 нызқь мааҭ рыла еиҳауп, иҳәеит Аҧсныпресс аҟны Апенсиатә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.

Аус зуа аҧгала иоуроуп

03 Жәабран 2023 11:04
Иахьатәи аамҭазы ақыҭан­хамҩаҟны еихьӡа­рақәас иҟоуи пробле­мақәас ицәырҵуеи реилкааразы ҳара ҳиҿцәажәеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы уи дазааҭгылеит абар уажәшьҭа ҩышықәса инарзынаҧшуа ақыҭа нхамҩа ашьҭыхразы аус здыруло апрограмма. 2021 шықәсазы уи иазоужьын100 миллионк мааҭ. 2022 шықәсазы акәзар, иара убас даҽа 100 миллионк мааҭк. Ари апрограмма апроектқәа рахь иаҵанакуеит аҵиааӡара, арахәааӡара, аҧсыӡааӡара уҳәа убас егьырҭгьы.

Ашьақәгыла ҿыц

03 Жәабран 2023 11:03
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы рхатәы биуџьеттә малқәа рыла иаархәеит 1 миллионки 133 нызқь мааҭ иаҧсоу алабораториеи аҳәса рконсультациеи рзы ашьақәгыла. Ари ашьақәгыла рхы иадырхәоит аоперациа ззыруа, иҧырҟауа ахьышьҭоу уҳәа апалатақәа рҿы, иара убас рхы иадырхәоит ахирургиа, ахаҧыцхәышәтәра, ахшараиура аҟәшақәа, ииз ахәыҷқәа ирызку аҟәшақәа рҟны. Абри инавар­гыланы, Арсепубликатә хәышәтәырҭа анапхгара иаар­­хәеит аелектронтә микрос­копқәа 7. Урҭ рыла еибырҭеит амедицинатә усҳәарҭа алабораториақәа 3.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me