Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ҧсадгьыл змам далхәдоуп адунеи»

 – Абас иҳәон еснагь иҩызцәа рҿаҧхьа, аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инадыркны забџьар шьҭыхны ҳаҕа хәымга иҿагылаз Хәаҧтәи арҧыс гәымшәа Хьерсон Иаҭма-иҧа Анқәаб.

Хьерсон (Мазик ҳәа хьыӡшьаран иарҳәон) Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ампыҵахаларатә архәҭақәа Аҧсны ианақәла уи аснаиперцәа ргәыҧ далалеит. Ишырҳәо еиҧш икылкааны ихысуаз, зхымҭа камшәоз иакәын иара.

Хьерсон еснагь хьаас имаз акы заҵәык акәын – аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа фашистцәа ралцара. «Ҳаҳҭнықалақь ҳнапаҿы ианыҟалалак, нас Аҧсынра егьырҭ акәакьқәа зымпыҵазкырц иаҿу ҳаҕа ибҕа ашшара алаҧҵәара акгьы ахҳарҵуам», – абри игәы иҵхоз иҩызцәа иреиҳәон лассы-лассы. Хьерсон занааҭла дсахьаҭыхҩын, амҿлых ибзианы ицааиуан. Уи иусумҭақәа рҿы иахьабалак иубон иаҧсуара, игәыцқьара. Аҧсад­гьыл аҿаҧхьа иуаҩытәыҩсатә уалҧшьа анагӡара дшазыҟоу.

Аҧсуа еибашьҩы гәыла-ҧсыла еиликаауан аҧсуа жәлари Аҧсны иқәынхо егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәеи ақырҭуа фашизм изҭанаргылаз арыцҳара ду нҵыра дук аманы ишзыҟамлоз, ажәлар рқьиареи риашареи аиааира шагоз, аха иҭахын, уи Аиааира амш иахьынӡалшоз ала ирааигәарц. Аҧсуаа ирҳәоит «уара иуҳәо Анцәа иуциҳәом» ҳәа, убас еиҧш Хьерсонгьы ииҳәоз, дзышьҭаз ҳазшаз дахьимгӡеит, агәҭахәыцра бзиақәа аниӡбоз ақырҭуа џьныш дхәыҵатәаны дихыччозаарын. Март 18 аҽны иҩыза гәакьа Анатоли Абҕаџьааи иареи еицҭахеит аибашьратә еидыслара ҕәҕәақәа руак аан. Уи дҭахеит ҳаҕа хәымга иахь изқәа мырхакәа, иҧсадгьыл ахьчаразы гәышҧыла дышгылаз, Аиааира ашәа иқьышә ишықәкыз.

Хьерсон игәараҭа иахьа аччаҧшь ҭыҩуам, алахь еиқәуп, ашәы ашәуп. Лылахь еиқәуп, ашәы лшәуп згәы ҭаҷаҷаз иҧшәма Рита Аҩардан-ҧҳагьы, аҧыхьа аиҧш рыччаҧшь ыҟам Хьерсон-иҧеи иҧҳаи Алхаси Мадинеи. Аха урҭ ирдыруеит Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз хашҭра шиқәым.

Ааи, иахьа агәырҩа ду рымоуп Хьерсон дызцәыӡыз иҭаацәара. Агәырҩа ду рымоуп Аҧсны жәлар зегьы – аибашьра хлымӡаах иреиҕьу рҵеира ахьырцәагаз, аха сара агәра згоит урҭ зегьы рлакҭақәа дук мырҵыкәа ишыччо, зегь ҳгәыҕрақәа здаҳҳәало Аиааира амш шааиуа.

Оксана Анқәаб-ҧҳа

Хәаҧ ақыҭа

«Аҧсны», №31.1993 ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me