Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳҵеицәа ргәымшәара

Аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еиба­шьраҿы аҵеицәа гәымшәақәа азгылеит Река ақыҭангьы. Рекаа рыҷкәынцәа аибашьцәа рыӡбахә анаҳҳәо, еснагь ҳгәала­шәараҿы дыҟазаауеит Аҧсны ахьчаразы фырхаҵарыла иҭахаз, 23 шықәса зхыҵуаз Роман Шьаҭикәа-иҧа Кәартаа. Роман август 14 аҽны абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкын, уи иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа деибашьуан. Аибашьратә ҧышәагьы иман, избанзар 18 шықәса анихыҵуазгьы Афганисҭантәи аибашьрагьы далахәын, убри араҟа иҧсадгьыл гәакьаҿы аибашьра амца анакы иҩызцәа рҿы иаҳагьы агәрагара иоуит. Аха инамӡеит иара игәҭакы иҩызцәа дрыла­гыланы Аиааира амш аҧылара, аҕа хәымга ихы цаҳә-цаҳә игәаҵҕа ҿнаҵәеит. Роман дҭахеит, аха уи дызхьымӡаз игәҭакы – Аҧсны ахақәиҭтәра ҳара иҳалҳаршароуп ҳәа игылоуп уи иашьцәа Резои Ерики.

Иара убас еиҧш Рекаа ргәы злаҕәҕәоу аҵеицәа рацәаҩуп. Жәлантәыла абџьар кны иахьагьы-уахагьы ақырҭуа архәҭақәа ирҿагылоу иреиуоуп Қьышьмариаа, Ҳаџьымаа, Логәуаа, Ҭараа, Ҭориаа, Абшьлаа, Кәакәа­сқьыраа, Қәычбериаа, Нарманиаа, Шаҭ-иҧацәа, Хасиаа уҳәа убас егьырҭгьы.

Рекаа рыҷкәынцәа чарҳәарала иҳақәлаз аҕацәа рыцҳашьарада ааха рырҭоит, иҭадырхахьеит аибашьыгатә техника хкқәа: атанкқәа ҩба, БМП-қәеи БТР-қәеи ҧшьба, хыҧхьаӡара рацәала аибашьцәа.

Хацәнымырха аҕа иҿагылоу ҳаҷкәынцәа ирывагылоуп егьырҭ амилаҭқәа: ачеченцәа, аҟабардақәа, аказакцәа. Урҭ зегьы аӡәк иеиҧш агәра ганы иҟоуп аҧсуаа ҳтәы ишаго, ҳ-Аҧсынра ҧшӡа наунагӡа ахы ишақәиҭхо.


Ламара Ҳашба-Қәычбериа.

Река ақыҭа

«Аҧсны», №26.1993 ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me