Бахәараа рыбзарбзан ахы Мықәҟа ирхоуп, аха…

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иҟаз ахынҭаҩынҭарақәа ареспублика апрезидент Гамсахәрдиа иахҳәарахьы икылыргеит. Уи ашьҭахь иаҧҵаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахантәаҩыс Шеварднаӡе днеит, уажәы Қырҭтәыла ахадас дыҟоуп. Уи амчрахь даннеи нахыс итәыла, ақырҭуа жәлар бзиарак ахь икылигап ҳәа сгәы иаанагон. Аха аҭынчра ацымхәрас – ари «адемократ» еибашьрала иҭыҧ ахь дышнеиз еиҧш, иҽанышьақәирҕәҕәа Аҧсны аибашьра далагеит. Ҳажәлар ашьаарҵәыра илаиргылоит, ааха ижәларгьы бзиарак димырбеит, зықьҩыла рҵеицәа ҭахоит. Даҽакала ҟалашьа амоума, афашизм аазырҧшуа ҧсышьа цәгьа иоуеит.

Шеварднаӡе аҧсуа жәлар ықәихырц ауп ииҭаху, уи азоуп агеноцид зымҩаҧиго, ахәыҷы, аду ҳәа еилых ҟамҵакәа ҳажәлар зҭаирхо. Аха уи игәы дажьоит, аҧсуа жәлар жәытәнатә аахыс аҭоурых ду змоу ари адгьыл иқәуп, наунагӡа иҟазаауеит.

Иаарласны шықәсык ҵуеит ҳажәлар рҵеицәа хацәнымырха, фырхаҵарыла аҕа иҿагыланы рыҧсадгьыл рыхьчоижьҭеи уи аӡәгьы ирҭаран иҟам. Шеварднаӡеи уи иҩызцәеи абри шьҭа агәра рго иалагазар ҟалап, аха ар Аҧсны ралгашьа иақәшәом.

Сара ҳқыҭаҿы, Мықә агрономс аус анызуаз еиуеиҧшым аамҭақәа раан ақырҭқәа аус ҳацыруан. Арадутәи Бахәа Бенделиани дбригадирын (ашьҭахь ақыҭа ахадас дҟалеит), Кәача­ратәи Геннади Маргиани иакәзаргьы, бригадирын, Арадутәи Џьамал Бенделиани нџьныр-ргылаҩын, Цагератәи Саша Копалиани економистын.

Ақырҭуа милаҭ иреиуаз аус ҳацызуазаалакгьы гәакьак иеиҧш ҳарзыҟан, ҳаҭыр рықәаҳҵон. Уажәы Бахәеи уи иҩызцәеи рыхшарагьы нарыцҵаны рыбзарбзанқәа рыхқәа Мықәҟа ирхоуп. Еиҳарак, Мықәаа ҳчеиџьыка иааӡахьаз Арадуаа иахьа иаҳҿагыланы еибашьуеит.

Ас мацара ицарым, афашистцәа Аҧсны иқәцахап, Бахәараагьы урҭ рымҩа рымҩахап. Ҳажәлар лассы аиааира Анцәа ираҭәеишьааит.


И.Бигәаа

Мықә ақыҭа

«Аҧсны» №29. 1993 ш.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me