Ааигәа ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара. Уахь инаҧхьан ауажәларратә усзуҩцәа реиҧш, атәыла араионқәа рырҵаҩцәа рхаҭарнакцәагьы.