Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гьама хаала ашьшьыҳәа узшьуа

Ицәырызгарц исҭаху азҵаара сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы журналистк лаҳасаб ала акәымкәа, ҩыџьа ахшара зааӡо анык лаҳасабала.  Иахьатәи аҭаацәа проблема хаданы раҧхьа иқәгылоу акакәны иҟалеит агадџьетқәа ахәыҷқәа раҧыргара. Аха ари апроблема инавагыланы ицәырҵуа акакәны иҟоуп иахьа аҿар рыҩнуҵҟа ахархәара рацәаны изауыз аелектронтә ҭаҭын ахара. Аҿар рымацара ракәӡам, даараӡа рхыҧхьаӡара рацәаҩуп ахәыҷқәагьы.

Аҳабла-Ҿыц апарк аҟны зны-зынла ҳауак ҳфап ҳәа ҳандәылҵлоит сҭаацәеи сареи. Хымҧада, абри аҭыҧ аҟны ирацәаҩуп инеиааиуа ауааҧсырагьы, иара убасгьы жәаба-жәаҩа шықәса зхыҵуа ахәыҷқәагьы. Убарҭ рахьынтә улаҧш иҵамшәарц залшом, дара ртәала рган иавакны ирҵәахырц изҿу релектронтә ҭаҭынқәа зку. Урҭ еиддырҽхәалоит, иарбан фҩу иахылҵуа иалацәажәоит. Уи инаҷы­дангьы рҩызцәа иамыхогьы ирыдыргалоит.

Аханатә аахысгьы иҟан ишыхәыҷқәоу аҭаҭын агьама збоз. Аха убри аан уи аҭаҭын ахара ахәыҷы иҽадицалар, агәҽанызаара змоу аҭаацәа уи афҩы рмаҳарц залшомызт. Убри алагьы аҭаҭын дшахоз иҵырдыраауан. Уи нахыс иахьынӡауала хлаҧшра ирҭон. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ицәырҵыз ари аелектронтә ҭаҭын ахәыҷы дахеит ҳәа, афҩы ҳәа акгьы ихылаӡом, уи акәым иаауҭаху фҩы хаас иҟоу зегьы ахылҵуеит, убри аан ахәыҷы игәабзиара даараӡа ааха ҕәҕәа анаҭоит.

Сынтәа, Ашықәс-Ҿыц азы, еисышықәса аиҧш Аиааира ашҭа хада аҟны идыргылт аҧсаӡ. Уи абаразы иаҭаауаз ҳауаажәлар даараӡа ирацәаҩын, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы сыҟан саргьы. Амш ахәларахь аҿынанахон, аилашәшәра иаҿын. Аҧсшьараз игылаз аҟәардәқәа руак аҟны стәан. Ус иааины абри аҟәардә аҟны инсыдтәалт хҩык ахәыҷқәа, жәеиза-жәаҩа шықәса раҟара зхыҵуаз. Ҩыџьа ӡҕабцәан, егьы дыҷкәынан. Азныказ срызхьамҧшӡеит, аха исҭахы-исҭахым ирҳәоз саҳауан. Акы иацәымшәа, иацәыҧхамшьа релектронтә ҭаҭынқәа ааҭырган ахара иналагеит. Сара ахаангьы амилаҭ еилысхӡом, аха урҭ ахәыҷқәа милаҭла иахьаҧсыуааз сгәы. Азныказ исҳәо сҿамшәа саанхеит, нас сырмабашьыкәа рацәажәара салагеит. Урҭ ахәыҷқәа агәра ганы иҟан изыхоз ари аҭаҭын ҧырхага шырнамҭо ала. Аха зегьы реиҳа ауаҩы игәы ҿызкаауа акәны иҟоуп, аҭыҧҳацәа ари аҭаҭын иахьахо, насгьы имшәа-имырҳа. Аҧсуаа ҳҟны ахацәа рқәыҧшра инҭысны, рҭәымҭа иҭагылазаргьы, аиҳабацәа иахьырбоз аҭаҭын иахаӡомызт… Иаҳзыҟалеи иахьа?!

Аелектронтә ҭаҭын аҭоурых, насгьы уи ҧырхагас ауаҩы игәабзиара ианаҭо ҳазааҭгылозар, иара зегьы раҧхьаӡа иаҧҵан 2004 шықәсазы. Иара аҧызҵаз ракәзар, ишьақәдырҕәҕәоит уи ауаҩы игәаб­зеира ҧырхага анаҭом ҳәа. Насгьы изаҧҵаз аҭаҭын иахо ауаҩҧсы, иказыжьырц зҭаху ицхраауеит ҳәа азгәарҭоит. Аха ус еиҧш еиҭарҳәо «алакәқәа» ҵабыргым. Аиашаха­ҭаҵәҟьа, ари аҭаҭын ауаҩы игәабзиара ааха ҕәҕәа анаҭоит, аҭаҭынҵәҟьа аасҭа. 2014 шықәсазы Агәабзеирхьчара Адунеизегьтәи аиҿкаара аконференциаҟны иҟаҵаз ажәахә аҟны инақәырҕәҕәаны иазгәаҭан ари аҭаҭын аҧырхага шыҟанаҵо азы. Убри анаҩсан иазыӡбан ари аҭаҭын хлаҧшрада аҭира шыҟамло. Иара убасгьы ишьақәырҕәҕәан аҭаҭын ахара казыжьырц зҭаху уи акгьы ишырмыхәо.

Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи аиҿкаара аизараҿы иара убасгьы агәҭынчымра ду рызцәырнагеит ари аҭаҭын ақәыҧшцәа рыҩнуҵҟа аинтерес ҕәҕәа ахьаиуз азы.

Аелектронтә ҭаҭын аҟны зегьы реиҳа аҧырхага ҟазҵо ҳәа иҧхьаӡоуп уи аҩнуҵҟа иҭарҭәо. Уахь иаҵанакуеит: нитрозамини диетиленгликоли. Аҵарауаа излашьақәдырҕәҕәаз ала, арҭ аҩба аҭаҭын аҟны иалоу амаҭәа­шьарқәа раасҭа жәантә рыла еиҳауп. Анаҩс уи аҭаҭын иҭарҭәо иалоуп формальдегид ҳәа изышьҭоу. Ари иҳараку ашҳам злоу ҳәа иҧхьаӡоуп, уи ауаҩы дашьыр алшоит. Анаҩс иалоуп ацетальдегид – ари ауаҩы ашьцылара изцәырнагоит, иара убасгьы Альцгеимер ичымазара арҵысуеит.

Аелектронтә ҭаҭын иҭарҭәо аилазаашьахь иаҵанакуеит: глицерин, пропиленгликоль, ирыцқьоу аӡы, аникотин, ашәыгақәа, афҩы азҭо амаҭәашьарқәа. 

Ари аҭаҭын цәырҵижьҭеи рацәак ахьымҵуа иахҟьаны макьаназ уи аҭыжьра хлаҧшра аҭара ишахәҭоу еиҧш еиҿкаам. Насгьы уи ахаҭабзиарагьы ахьынӡаҳараку азы азҵаарақәа маҷымкәа ицәырнагоит. Иара убасгьы ари аҭаҭын ииашамкәа ахархәараан, ауаҩы иҿатҟәацыргьы алшоит. Иџьаушьаша, ауаажәларратә ҭыҧқәа рҟны, атранспорт аҟны уҳәа аҭаҭын ахара ҟалаӡом, ари аелектронтә ҭаҭын акәзар, уахьахалакгьы ауеит, аҧкрақәа ҳәа акгьы ыҟам. Уи акәхап ахәыҷқәагьы ахьшәҭҳәа ишьҭҧааны ахархәара изалагаз…

Аинтернеттә цәаҳәақәа рҟынтәи абраҟа иааҳгоит еиуеиҧшым атәылақәа рҟны ари аҭаҭын ауаҩы игәабзиара ааха ианаҭо ҳәа ишьақәдыргылаз. Азиа: аелектронтә ҭаҭын иахо, зцәазтәым аҳәса рымгәаҭа иҟоу ахәыҷы дыҷкәыназар, дыҧсуеит. Кореиа: уаҟа имҩаҧгаз аинтернеттә ҭҵаарақәа рыла ирыҿцәажәан 70 нызқьҩык аҭаҭын ахаҩцәа. Урҭ рахьынтә ҧшьынҩажәа процент иазгәарҭеит аҭаҭын ахара акажьразы акгьы ишырмыхәаз. Аҭаҭынгьы аелектронтә ҭаҭынгьы ишахо. Иапониа: араҟа аҵараауа иҟарҵаз алкаақәа рыла аелектронтә ҭаҭын иоунажьуа аҳауа аҟны иалоуп альдегидқәа ҩба – урҭ рхимиатә еимадара акьыба (рак) арҿиоит. США: Сан-Францискотәи ауниверситет аҟны аус зуа аҭҵааҩцәа ишышьақәдырҕәҕәаз ала, аҭаҭын ахаҩцәа аелектронтә ҭаҭын ашҟа ианиас, иҵегьы еиҳаны аҭаҭын ахара иалагеит.

Абасала иӡбоуп, зыфҩы хаау, згьама зуахкы уҭаху зныҧшуа, аха убри аан ҧшьаала узшьуа аҭаҭын. Адуцәа ирымоуп алшара ари аҭаҭын ргәабзеира ианаҭо аҧырхага еилкааны, ахынкылара аарҧшра. Аха рыцҳарас иҟоу, жәаба-жәаҩа шықәса зхыҵуа ахәыҷы макьаназ изеилкаауам игәабзиара ашәарҭара иҭазыргыло. Убри аҟны ахдырра аадырҧшыроуп абри аҭаҭын иахьа Аҧсны иааганы изҭиуа. Макьаназы уи аҭиразы аҧкрақәа ҳәа акгьы шыҟамгьы, ҳарҭ иҳалҳаршароуп ари аҭаҭын ахәыҷқәа иаарымхәартә еиҧш аҟаҵара. Адәқьанқәа рҟны ҳзазҵааз аҭиҩцәа зегьы инеицҿакны ирҳәоит ахәыҷқәа, ақәыҧшцәа – зықәра жәаа инамӡац ишраадмырхәо ала. Ус акә, анс акә иахьа ари аҭаҭын ҳхәыҷқәа рҽадцалара иаҿуп. Арҵаҩцәа ракәзар, агәҭынчымра ду аадырҧ­шуеит. Избанзар, класск аҟны ахәыҷқәа рџьыбақәа неимудар, ари аҭаҭын здубало рхыҧхьаӡара рацәаҩхо иалагеит. Ус анакәха, ахәыҷқәа адәқьанқәа рҟны ираадмырхәозар иабантәаарго, рҭаацәа иаахәаны ирырҭома?!

Аҭаҭын, иара убасгьы аелектронтә ҭаҭын аӡыргаразы ахараҧса ашәара азкын ааигәа Аҧсны Жәлар Реизараҟны иқәгылаз азҵаарақәа руак. Уи алацәа­жәараан Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит ари азҵаара аӡбаразы иаарласны амҩақәа шыҧшаатәу. Хымҧада, ари азҵаара даара ихадақәоу ируакуп. Иаарласынгьы аӡбара зҭаху акы акәны иҟоуп. Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ихадароу ируакуп амилаҭ ргәабзиара. Уи азы еиҵааӡатәуп згәы бзиоу аҿар. Ари азҵаараҟны ҳазегьы ҳаидгылар ауп. Иахьа ахәыҷы аелектронтә ҭаҭын иаазырхәо уарбанзаалакгьы идыр, иахьа уара хәыҷык иааурхәеит аха, уаҵәы уара утәгьы иаадырхәар шалшо…


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me