Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

«Москва Аҩны» апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусмҩаԥгатә иалахәхеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа рхәыҷқәа.
Аиԥылара аинтерактивтә формат ала имҩаԥигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор Џьамбул Жорданиа. Аиԥылара иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит «Москва Аҩны» аиҿкааратә усқәа рымҩаԥгаразы асектор анапхгаҩы Мариа Соиа. «Ас еиԥш аформат ала арҿиаратә еиԥыларақәа «Москва Аҩны» азы шьҭа традициала ишьақәгылеит. Даараӡа ҳаигәырӷьоит урҭ ҳахәаԥшцәа рзы аинтерес ду ахьаҵоу. Агәыӷрагьы ҳамоуп иахьатәи ҳаиԥылара шәара шәзы хра злоу акакәны ишыҟало, насгьы уи акыраамҭа шәгәалашәараҿы ишаанхо», – лҳәеит лара.
Анаҩс Џьамбул Жорданиа ашколхәыҷқәа рзы азҿлымҳара аҿиаразы актиортә тренинг маҷ мҩаԥигеит, иара убас Алеқсандр Пушкин илакә «Ахьтәы рбаӷь азы алакә» аԥхьара шымҩаԥысуа, уи ашьҭахь ари арҿиамҭа аилыргареи алацәажәареи шымҩаԥгахо ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит. «Алеқсандр Пушкин иоуп ҳаамҭазтәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩыс иҟоу. Убри аҟнытә, ахшыҩзышьҭа аҭаны шәазыӡырҩы, нас шәареи ҳареи ари алакә ҳалацәажәоит», – иҳәеит. Алакә аԥхьара ашьҭахь арҿиамҭа аԥхьаҩ инаҭо анырра ахьынӡаҳараку иалацәажәеит. Иара убас Џьамбул Жорданиа актиортә дыррақәа рхархәарала аинтерактивтә хәмарра мҩаԥигеит. Аиԥылара ахыркәшамҭаз аиԥылара иалахәыз ашәҟәқәа ҳамҭас ирырҭеит.