Аҧсуаа ианакәызаалакгьы ахӡыргара ҳцәыуадаҩуп, аха аҿар рзы иаанҳажьша аныҟоу, уи ааныжьлатәуп… Уи 1941-1945-тәи ашықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: – Сара знык исҳәаз схашҭӡом. Урҭ аҭоурыхқәа изызҳауа аҿар рзы акраҵанакуеит. Избанзар, уажәы исҳәо ианҵамзар, иаанхаӡом. Мышкызны џьоукы ашьҭаларгьы еилкаашьа амамкәан иаанхоит.
Барцыц Алықьса Мадраҭ-иҧа 1920 ш. азы Блабырхәа ақыҭан диит. Уаҟа абжьаратә школ далгеит. Уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалоит. Аҩбатәи акурс дыштәаз, хатәгәаҧхарала аибашьра ацаразы Аҟәатәи арратә усбарҭаҿы арзаҳал иҩит, аха дрымгаӡеит. Уаантә Гәдоуҭа архәҭаҿы дааит. Уи ахәҭа аҟынтә Қарҭҟа атанктә ҵараиурҭахь ддәықәырҵеит, 1943 шықәсазы далгеит. Азанааҭ шимоу ашәҟәы анырба, Украина афронт ахь дрышьҭуеит. Уаҟа иахьнеиз излаҧшыз, иибоз еиҭаҳәо, Руслан ус иеиҳәахьан: – Ӡиаск ахықә ҳақәгылан. Аибашьра ду цон. Акомандир инапы аасықәикын, ус адҵа ҟаиҵеит: – Уара, Амшын еиқәа ахьыҟоу унхоит. Аӡсашьа бзианы иудыруазароуп. Аӡы уҭаланы, нырцә иҟоу аилкааразы, арыҕьарахьала уҩызцәа уманы, уцароуп.
Алықьса иҩызцәа арымарахь ицеит, иара ихала арыҕьарахь дагеит. Аҕацәа дрылашәеит. Аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит. Иҭахаз рацәаҩхеит. Убраҟа иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Аеҵәа Ҟаҧшь» аорден ианашьан.
Барцыц Алықьса Мадраҭ-иҧа, уи ашьҭахь, дызлаз аполк аҧшыхәра рҽазыҟарҵон. Алықьсагьы дыргарц дрыҳәеит. Аха ирҭахымхеит, иара мчыла дрыцны дцеит. Рыдҵа нагӡаны ианыхынҳә, уи ашьҭахь даҽа бжьынтә ҧшыхәра ицеит. Аполк аруаа иҳәаны рыбжьынтәгьы дыргеит. Хыхь иаагоу афактқәа зегьы Украина акәын иахьымҩаҧысуаз. Аҵыхәтәантәи аҧшыхәраан аҕацәа рҭабиа иазааигәахеит. Анемец леитенант иҧсы шҭаз дырҳәынҷеит. Уи аамҭазы ала цәырҵит, уи иеихсыр акәхеит. Аибашьра иалагеит. Аҧшыхәцәа руаӡәк дыршьит, егьи дырхәит. Алықьса анемец офицер дизынхеит. Ихәыз дырцәҧсит. Анемец офицер дымныҟәо даналага, Алықьса изқәа дкыдҿаҳәаланы, диманы ддәықәлеит. Украина афронт ацәаҳәаҿы аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит. Алықьса дырхәит. Уи нахыс уаҳа акгьы игәалашәомызт. Ихдырра ихаҿы ианааи, итҟәаны иааигоз анемеци иареи ахәышәтәырҭа еицҭан. Аполк акомандир «Алешка-абхаз» ҳәа дишьҭан.
Барцыц Алықьса Мадраҭ-иҧа аибашьра амҩа данысны Польшанӡа днаӡеит. Аибашьраҿы иааирҧшыз агәаҕьразы, афырхаҵаразы «Аеҵәа Ҟаҧшь» аорден, аҩбатәигьы ианашьан.
Алықьса Барцыц хаҭала 70-ҩык анемеццәа ҭаирхеит. 28.04.1943 ш. ҕәҕәала дхәын, аха уи аамҭазы иҩызцәа аанимыжьит, аҵыхәтәан иҧсы илышәшәо далагеит, амедицина-санитартә баталион ахь ддәықәҵан. Ари ахҭыс азы ианашьан «Аеҵәа Ҟаҧшь» аорден….
Барцыц Алықьса Мадраҭ-иҧа Аҧсныҟа дхынҳәуеит. Аҭаацәара далалоит. Инасыҧхаз Вартагава Раиса Алеқсандр-иҧҳаи иареи фҩык ахшаара рааӡеит: хәҩык аҧацәеи, аҧҳаи. Иҧацәа ҧшьҩык Аҧсны (1992-1993 ш.ш.) аибашьраан еибашьуан: Рафаель, Гарри, Лиониа, Роман, Константин. Рыҧшьҩыкгьы «Агәымшәаразы» амедалқәа ранашьоуп.
Барцыц Алықьса игәараҭа ҧшӡоуп. Анцәа ишиҳәара иҟоуп. Алықьса иаҳәшьа Анна Мадраҭ-иҧҳа 1941-1945-тәи ашқәсқәа раан, ахацәа аӡәгьы аанмыжькәан еибашьра ирго ианалага, иҵәрышкәаӡа иҟаз аҧҳәызба даара ихьаалгеит. Усҟан, 1942 шықәсазы, Блабырхәа ақыҭан ф-ҩык аҭыҧҳацәа еизылгеит, усгьы ралҳәеит: – Ҳашьцәа зегьы аибашьра ицеит. Ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵароуп, ҳрывагылароуп. Фҩык аӡҕабцәа Гәдоуҭатәи архәҭатә хеилак ахь илгеит: Рабаиа Кәыкәица, Қәҭарба Лиуба, Беиа Ҧиҧ, Беиа Минора, Барцыц Марица, Барцыц Анна. Рызегьы Баҭымҟа акурсқәа ирхысразы идәықәҵан. Акурсқәа ианрылга Анна Мадраҭ-иҧҳа Аҧсны акаҵәарақәа рахь даашьҭын. Санчара ианеибашьуаз Риҵатәи ашьхақәа рҿы итәан. Уаантә Аладатәи Уаҧстәылаҟа аимадара аполк ахь ддәықәҵан. 1943 ш. анҵәамҭазы Армавирҟа дрышьҭуеит. Уаантә – Ростовтәи агарнизон ашҟа. Убраҟа луалҧшьа шыналыгӡоз, аибашьра Ду еилгеит. Барцыц Анна Мадраҭ-иҧҳа Аҧсныҟа дхынҳәит.
Аибашьра Ду аҟны аџьабаа збаз Ҳагәышь Шьаликәа Ҳалыл-иҧеи Аннеи аибашьра иалагаанӡа еибадыруан. Еигәаҧхеибашьауан. Иара аҕа иҿагыларазы идәықәырҵоз, аҧхьа ирышьҭыз дрылан. Бриансктәи абнаршәырақәа рҟны деибашьуан. Убраҟа ахәра ҕәҕәа иоуит. Аҕацәа дытҟәаны дыргеит. Польша анемеццәа рлагер дақәшәеит. Убраҟа ҧшьҩык аҧсуааи иареи еиқәшәеит. Урҭ рахьынтә ҩыџьа еиликааит: аӡәы д-Аршбан (Тҟәарчалтәын), егьи – Зарданиа Семион – алагер аҟны аус иуан (асовет ар рыхьӡала, маӡала). Аҧсуаа аурысқәа ҩыџьа рыдкыланы, маӡала ибналар рҭахын. Шьаликәа идыргалеит, аха ҕәҕәала дхәын, деиҭаҵуа дыҟамызт. Дааныжьны ицар рҭахымхеит. Уахык Зарандиа Семион ицхыраарала, маӡала абаагәара иакәыршаз ҵшәааны, ф-ҩык ахацәа бналеит. Аҟарул дыршьуеит. Иабџьар ихыхны, ибналеит. Ҩба-хҧа сааҭ рышьҭахь, анемеццәа рлақәа рыманы, ирышьҭалеит. Шьаликәа иҩызцәа дрыҳәо далагеит: – Сыншәыжь! Шәара шәца! Аҕацәа сара иааныскылоит!
Иҩызцәа ҧхьаҟа ицеит. Шьаликәа аҕацәа рнапаҵаҟа аҟазаара закәыз еиликаауан. Дҳәазаны ҧхьаҟа ддәықәлеит. Убри аамҭазы, ихарамкәан игылаз ашьашьма ибла иааҵашәеит. Убра иҽиҵәахит Аҕацәа ҧшыхәит, иахьабалак игәарҭеит, аҕа аӡәгьы данырзымҧшаа, ицеит. Урҭ анца, ииулак, иҧсы иманы дҭыҵит. Дныҟәо дыҟамызт. Ихарамкәаны, аӡы шыҟаз ибеит. Дҭаланы иҽикәабеит. Ҩымш, хымш шаҟа уа дкажьыз игәалашәаӡомызт. Дгәаҭеиуан, имца шоура ҳаракӡазар акәхарын. Лагажәыки ҭакәажәыки аҽыуардын аҭәа ақәҵаны ишаауаз, дахьышьҭаз дырбеит. Дрыцҳашьаны, аҭәа даҵаҵаны, аҩныҟа дыргеит. Ҩымз инареиҳаны, рыҩны дҵәахны дырхәшәтәуан. Маҷк зыҧсы еизызгаз, Хагәышь Шьаликәа дызбоз, ус дразҵааит: – Аурысқәа ахьыҟоу жәдыруазар, сшәыҳәоит сыжәга! – ҳәа. Урҭ, аполиакцәа маӡалатәи рхеилак иалаз, аӡәы иҿы дааргеит. Уи аурыс бызшәа еиликаауан. Хымш-ҧшьымш анҵы, уи ахаҵа дааны, Шьаликәа дигеит. Акырӡа ианынаскьа ашьҭахь, ахаҵа ус иҳәеит: – Абри, Бриансктәи абнаршәыра ауп. Амҩа ушану уцала, уаҟа апартизанцәа урықәшәоит ҳәа иеиҳәеит. Шьаликәа хымштәи иныҟәара ашьҭахь дрықәшәеит. Аха апартизанцәа иара ишҟа агәрагара шрымамыз ибон. Урҭ дҵас ирҭеит: – Хымш рышьҭахь ешалонк аауеит, убри ҧужәар, нас угәра аагоит ҳәа иарҳәеит. Иҧижәеит. Уинахыс, апартизанцәа рхеилак даларҵеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, рҭоурыхқәа еиҭазҳәоз, Барцыц Руслан Дмитри-иҧа, ус иҳәеит: – Сара, иҩнаҿы ицәҩеижьхахьаз, газеҭ ҽыҭк збахьан. «Бриансктәи апартизан» ҳәа ианын. Кавказ ашьха дуқәа илбааны иааз, аҧсуа ҷкәын, Ҳагәышь Шьаликәа Ҳалыл-иҧа, ифырхаҵарақәа иҟаиҵоз, ақәҿиарақәа шрыцыз… Аха, агазеҭ иацыз ахьыҧжәаз аҟынтә, аҭоурых аҵыхәтәанынӡа аилкаара уадаҩхеит…
Хагәышь Шьаликәа аибашьра Ду ашьҭахь 25 шықәса иқәҵаны дҭаркит. Даныхынҳә, Барцыц Анна Мадраҭ-иҧҳаи иареи рыҧсҭазаара еиларҵеит. Урҭ аҧҳа дырхылҵит. Ирина лыхьӡырҵеит. Лани лаби знысыз амҩа уадаҩ иадҳәалоу аҭоурых шаҳаҭра азызуа апатреҭқәеи амедалқәеи лыҧсы иаҵаҵәахуп. Дҭаацәароуп, аҧҳа длымоуп. 1941-1945-тәи ашықәсқәа ҳажәлар рзы ихьаа дуӡӡаны иҟалеит. Гәдоуҭа араион аҟынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын: 6913-ҩык, изымхынҳәӡеит – 2365-ҩык. Урҭ рахьтә аҧсуаа 1560-ҩык иҭахаз ыҟоуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 78 шықәса шҵызгьы, зҭоурыхқәа еизгам, иҳәам аҭаацәарақәа маҷӡам. Абиҧарақәа еимадо, изыхӡыӡаауа ирымоу, афотосахьақәеи асалам шәҟәқәеи, знымзар зны, аӡәы дшҧамааири ҳәа, рылаҧш агәашәахь ихоуп. Аҭоурых ахааназ иӡӡом, иҧсуам. Аамҭа иафырхаҵахаз иҭоурых ижәлар ирҭоурыххоит, ижәлар ирбаҟахоит.
Гугуца Џьыкырба