Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Угәы хызхуа атәыла

20 - тәи ашәышықәсазы Аҧсны аҿыханҵатә ҟазара даара аҿиара бзиа аманы ишьақәгылон. Ашәышықәса алагамҭазы аҿыханҵатә ҟазара аҿы шьахәла рлагала аадырҧшуеит, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны Аҧсныҟа иаауаз, аус зуаз, ара инхоз аурыс сахьаҭыхҩцәа. Урҭ русумҭақәа рҿы ганрацәала иаадырҧшуан еиҳарак 1920 - 1930 ашықәсқәа ирыҵаркуа аҧсуа бзазара, аҧсуа милаҭ рыхныҟәгашьа аазырҧшуа аусумҭақәа.

20 - тәи ашәышықәсазы Аҧсны инхоз, аусгьы зуаз еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩцәа иреиуоуп: Осиа Сегаль, Ольва Лишева, Сергеи Булаковски, Васили Контарев уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рҧышәа рхы иархәаны, рхатәы блала ишрыдыркылоз аадырҧшуан аҧсуа милаҭ рхаҿра, ҳажәлар рҵасқәа, рқьабзқәа зныҧшуа, иааизакны аҧсуаа рыҧсҭазаара. Зыӡбахә ҳамоу аурыс сахьаҭыхҩцәа рзы усҟан Аҧсны аҩбатәи рыҧсадгьыл акәхеит, уи инаҷыдангьы арҿиара агәацҧыҳәара рнаҭон.

Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ааигәа, иаартыз 15 - ҩык аурыс сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа 35 еидызкылоз ацәыргақәҵа иахьӡын «Угәы хызхуа атәыла».

 Уахь имҩахыҵит асхьаҭыхҩцәа, аҟазара амаҵ азызуа, бзиа избо, иазҿлымҳау. Евгени Котлиаров иҭыхымҭа «Амҳаџьырра», «Саҭанеи Гәашьа» – Вера Ермолова, «Аҧсуа жәлар репос» – Васили Шухаев уҳәа русумҭақәа рылаҧш рыдырхало ирыхәаҧшуан ацәыргақәҵа иаҭааз.

Ацәыргақәҵаҿы уаҩы ибарц илшон: апеизаж, апортрет, аҿыханҵа, аноаиурморт уҳәа еиуеиҧшым аҟазара ажанрқәа рыла иаҧҵаз аусумҭақәа.

Ари Аҧсны  асахьаҭыхҩцәа Реидгылеи, Ацәыргақәҵатә зал хадеи, «Москва - Аҩни» еицымҩаҧырго проектуп, уи аиҿкаара хаҧшьгаҩыс дамоуп Ельвира Арсалиа-ҧҳа.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me