«Аҭыҧҳацәа ар рымаҭәа зшәыз»

Ақалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа имҩаҧысит аҭоурых ду змоу ахҭыс. Ишаадыруа аиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага абџьар шьҭызхыз ахацәа инарывагылеит аҭыҧҳацәагьы.

«Аҭыҧҳацәа, ар рымаҭәа зшәыз»  Аҧсны ахы-аҵыхәа 217-ҩык ыҟан, урҭ рахьтә 24-ҩык аҧсадгьыл рыҧсы ақәырҵеит. (Уи ахыҧхьаӡара ҳара еизаҳгаз ауп, аха инагӡаӡам, аиҧылара ашьҭахь асиа иацлеит). Аибашьра ашьҭахь рыхәрақәа ирыхҟьаны  рыҧсҭазаара иалҵхьеит аӡәырҩы.

Аиҧылара иалагеит Аҧсны ахақәиҭразы иҭахаз аибашьцәеи Лаҭа  аверталиот иҭаблызи рбаҟақәа рҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рықәҵарала.

Рашәара 20 аҽны,Р.Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә Хан иҩныҩуан афырхаҵаратә ашәақәеи ажәеинраалақәеи. Аиааира  ҳзаазгаз, рыкәашарақәа рзыркуан ансамбльқәа: «Адаци», «Аураашьеи». Зџьабаа маҷым, Аршба Манана иазгәалҭеит: «– Иахьа Аиааира 30 ш. ахыҵра  аламҭалазы ҳара ҳаидкылара, ҳаиқәыршәара еиҿызкааз Гәдоуҭаа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ари аиҧылара агәалашәарақәа иацу ҳара иалахәыз ҳаҧсы ахьынӡаҭоу иҳацзаауеит… Иҭабуп ҳазгәалашәо зегьы»…

Ахәылҧаз «Аҭыҧҳацәа, ар рымаҭәа зшәыз» аиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵеит,дара амедиаҳәшьцәа рхаҭақәа, аибашьра ахымхәацәа Рассоциациа Аҟәатәи ахеилак ахантәаҩы Ҭарба Лариса аҧхьа днаргыланы. Уи лықәгылараҿы иазгәалҭеит аибашьраан аҭыҧҳацәа ирылшаз шшьардоу. Урҭ зегьы рыхьӡала Гәдоуҭа ақалақь аҟны аиҿкаара иҟаҵаз азы иҭабуп ҳәа азгәаҭо илҳәеит: «– Ҳара ҳассоциациа  Аиааира 30  шықәса ахыҵра аламҭалазы, аибашьра адәаҿы иҭахаз ҳҭыҧҳацәеи, уи ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵызи рҳаҭгәынқәа ҳарҭаауеит. Аҧсны аҧеиҧш бзиа ацзааит». Аҭыҧҳацәа рҭоурыхқәеи изнысыз амҩеи ибзиаӡаны  издыруа амедиаҳәшьа, Сангәылиа Наташа лгәаҵантә иаауаз ажәақәа рзыӡырҩра уадаҩын.

Аҧсны арбџьармчқәа ркорреспондентс, иҟаз Бебиа Екатерина иазгәалҭеит: – «Ари аиҿкаара иахьа Гәдоуҭа имҩаҧысуа азы араион Ахадареи, араион Еизара адепутатцәа реилазаареи, зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит. Агәалашәара ҳацнаҵы аҧеиҧшгьы ҟалоит. Ҳҵеира ахьӡ-аҧша нрыжьит, ҳара уи абиҧарақәа ирымаҳдароуп»…

Аибашьра иалагылаз, Гәдоуҭа араион ахымхәацәа Рассоциациа еиҿызкааз Папба Ирина иазгәалҭеит: «– Аибашьра иалсыз, иалагылаз ҳазлаҧшыз аҩыза ахаан  иҟамлааит. Аилибакаареи аҭышәынтәалареи ҳацзааит. Иааиуа аныҳәа, Аиааира 30 ш. ахыҵра ҳажәлар зегьы ирыдсныҳәалоит. Зхы ақәҵаны изыхьчаз хашҭра рықәымзааит!..».

Анаҩс, «Аҭыҧҳацәа ар рымаҭәа зшәыз» иацҵахеит,  С. Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Уаҟа Аҧсны ахы-аҵыхәа аҳәса, аибашьра иалагылаз, рфотосахьақәа рцәыргақәҵа  еиҿкаан. Уи х-хәҭакны ишан: аибашьраҿ иҭахази, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵызи, иахьа иҳалагылоуи зегьы рхаҿсахьақәа ахьаарҧшыз. Аҧсҭазаара зцу афотосахьақәа рҟны досу итәы иҧшаауан… Иҵәуон… Аҭоурыхқәа еиҭарҳәон… Акыраамҭа амузеи азалқәа ирыҩнан. Зыҧсҭазаара рзеиқәмырхаз, рнапаҿы зылацәа наӡаӡа еиқәызыҧсаз аибашьцәа Афырхацәа рҿаҧхьа ихырхәон…

 Иара убасгьы, араҟа аҭыҧҳацәа идырбан асахьаҭыхҩы-аскульптор Кәырмазиа Алхас авторс дызмоу, иҭахаз аҭыҧҳацәа рзы идыргыларц иазҧхьагәаҭоу абаҟа амакет, Игор Смыр авторс дызмоу.

Аиҧылара «Аҭыҧҳацәа ар рымаҭәа зшәыз» аҟны  дықәгылеит Гәдоуҭа араион Ахада ихаҭыҧуаҩ Валери Аҩӡба: – «Аибашьраҿы иаашәырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы шәҿаҧхьа ҳхырхәоит. Иага аамҭа царгьы шәара шәыхьӡқәа ҳҭоурых иазынхоит. Агәабзиареи агәамчи шәыцзааит». Баалоуҧҳа Мадина лфырхаҵара иацызҵаз, ирызкын, ашәаҳәаҩцәа: Цымцба  Саида, Ҭаниа Ҭемыр, Григолиа Инесса, ансамбль «Риҵа» рықәгыларақәа, исахьаркны ажәеинраалақәа дрыҧхьеит Аҧсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.

Аҧсны ицоз аибашьра иалахәыз, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз, Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ҧсадгьыл зыхьчарц зашьцәа ирывагылаз, зыҧҳа азал аҟны дтәаз, Аҧсны Афырхаҵа Чуаз Бергьиуль лзы Мирод Гәажәба иҳәахьан: «– Ҳаҳәшьа Бергьиуль ашәа «Шьышь наани» цәгьала бзиа илбоит, уи лассы-лассы дазыӡырҩуеит», – ҳәа. Убри аҟнытә, лыхьӡала уи ашәа, жәлар рартист Бигәаа Наҭела иналыгӡеит. Ашәба  Надиа лцәажәараҿы иазгәалҭеит: «– Агәалашәара, ҳазнысыз амҩа азхьаҧшра, даараӡа  акыр шаҵанакуа. Гәдоуҭаа иҭабуп ҳәа  раҳҳәоит. Аныҳәа ду зегь ишәыдаҳныҳәалоит. Иҭабуп шәеиҿкаареи ҳара ҳаибарбареи рзы».

«Аҭыҧҳацәа ар рымаҭәа зшәыз» иалахәыз зегьы ражәеи, рашәеи, рыкәашареи еилаӡҩон. Ҧсҭазаара дуӡӡак иацҵо, акыраамҭа  еибамбацыз, аиҧырҵра рцәыуадаҩын.


Џьыкырба Гугуца

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me