Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абард ашәақәа рфестиваль

Иван Кортуа ихьӡ зху арҿиаратә центр ахыбраҿы имҩаҧысит ахыҭхәыц-абардашәа аҧҵаҩцәа 2023  шықәсазтәи рфестиваль.

Абар, сынтәа иҵуеит жәашықәса арҿиаратә центр анапхгаҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Нури  Еремеи-иҧа Кәарҷиа ибзоурала ибзоурала  абардашәа аҧҵаҩцәа  имҩаҧыргоижьҭеи афестиваль. Иахьа уажәраанӡа  уи мҩаҧыргон Р.Гәымба ихьӡ зху  афилармониаҿы.   Ушьҭарнахыс  ироуит алшара арҿиаратә центр аҿы  ҿыц иаадыртыз асцена маҷ аҟны амҩаҧгара.

Сынтәатәи афестиваль ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иҳавагылан иҳацеибашьуаз, ахақәиҭра ҳацаказгаз  ачечен шәаҳәаҩы Имам Алимсултанов игәалашәара иазкуп. Иара идунеи иҧсахит 1996  шықәсазы. Аконцерт  хацыркын  Имам Алимсултанов  иашәа  «Абхазы абхазы» вас мало», анагӡарала . Ахәаҧшцәа  идырбан аибашьра аҟнытә авидео анҵамҭа. Уи ашьҭахь асценахь дцәырҵит ашәаҧҵаҩы-абард Гьаргь Кәакәасқьыр, инаигӡеит ашәақәа ҩба.

Ҳаџьараҭ Ашәба инеигӡоз абард ашәа ус ҭынч узазыӡырҩуамызт.

Ахәаҧшцәа гәахәарыла ирзыӡырҩуан иара убас: Аҧсны  зҽаҧсазтәыз  артист Омар Сангәлиаеи, абардашәа аҧҵаҩы Зураб Лазбеи рашәақәа. Азалаҿ имаҷҩымызт асасцәа –аҧсшьацәа, ашәақәа нарыгӡон аҧсышәалеи  урысшәалеи.

Есышықәса афестиваль анымҩаҧысуа рҽаладырхәит Аҧсны анҭыҵынтә ашәаҳәацәа. Убас сынтәа ари аконцерт иалахәын ақалақь Ижевскнтәи ашәаҧҵаҩы Андреи Иванови, Ҟарачы-Черқьестәылантәи  Билиаль Хасрокови. Урҭ ҩба-ҩба ашәа нарыгӡеит.

Аҧсны зашәаҳәарала бзиа  еицырбахьоу  абард Лавренти Амҷба инаигӡеит ашәақәа: «Бара быда», «Бес в ребро».

Ашәаҧҵаҩы Генади Дбар азыӡырҩцәа ирлахҿыхит «Бара быда» зыхьӡу  иашәа хаа ала.

Аконцерт лырҧшӡон ашәаҳәаҩ қәыҧшӡа Ҭеона Ҭачлиа. Лара аҧсышәалеи, аҭырқәшәалеи ҩашәак налыгӡеит.

Аконцерт хыркәшан, амҩаҧгаҩ, ашәаҳәаҩ Инесса Григолиеи Омар Сангәлиеи еицынарыгӡоз ашәа «Иҭбаауп ҳа адунеи» ала.

Аҵыхәтәан, Иван Кортуа ихьӡ зху арҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа афестиваль иалахәыз зегьы адипломқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранеишьеит.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me