Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ҟамчыла», мамзаргьы цәажәарыла

Шықәсык аҟара ҵуеит сгәалашәараҿы хашҭшьа змам хҭыск сақәшәеит.

Амашьына аҧсҟы скижьҭеи рацәакгьы ҵуамызт, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿаҧхьа иҟоу алашарбага сазааигәахон, саҧхьа игылан машьынак. Алашарбага аҟаҧшь акын, уи аҧхьаҵәҟьа ҧшьҩык-хәҩык раҟара ахәыҷқәа гылан, уахьрыхәаҧшуаз жәаҩа-жәаха шықәса зхыҵуаз. Ашьаҟауаа рымҩа аартын, ашьацҧшшә днарбон. Аха абарҭ ахәыҷқәа амҩа аихҵәара рыгәгьы иҭамызт. Ус, аҟаҧшь ныцәаны, амашьынақәа андәықәлоз аамҭазы, руаӡәк даарылҟьан, дыхәхәаӡа днеины амҩа днаниаалеит. Саҧхьа игылаз амашьына аҧсҟы зкыз анцәа иџьшьаны ианаамҭаз аанкылара илшеит, сара сакәзар, ахәыҷы иҟаиҵоз сылаҧш ақәшәеит азы, сагьдәықәымлацызт…

Абри сҳәонаҵы дҩаҵҟьан иҩызцәагьы иаргьы еибарыҩны рҿынархеит. Ари зыла иабаз, ҳшанханы ҳаанхеит. Анаҩс, ана-ара исаҳауа салагеит ахәыҷқәа асоциалтә цәаҳәақәа рҟны иакәым ахәмаррақәа ишырҿыз, уаҟа ашәарҭара зцу адҵақәа ахәыҷқәа ишрырҭо. Уи ахәмарра хьӡыс ишамоу «Синий кит» («Тихий дом»).

Исыздыруам, амашьына иаҵаҧалаз ари ахәыҷы уи аҩыза ахәмарра дыхәмаруазу дмыхәмаруазу, аха ихымҩаҧгашьала иубартә иҟан уи дҵак шынаигӡоз. Анаҩсан Аҧсны зегьы ирылаҩит Гагра ақалақь аҟны иҟалаз арыцҳара ду. Ари ахәмарра иахҟьаны аӡҕаб хәыҷы адәыҕба лҽаҵалыжьит.

Ааигәа сақәшәеит даҽа хҭыскгьы. Сҭаацәа сыцны ҧсшьара ҳәа ҳцеит Черниговка ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ ашҟа. Амашьына аҧсҟы зкыз сара сакәын. Аҩныҟа ҳхынҳәны ҳанаауаз саҧхьаҟа сыҧшызар, инахараны, жәашықәсаҟа зхыҵуаз ахәыҷқәа амҩа аҿықә аҟны игылоуп. Аҷкәынцәагьы аӡҕабцәагьы ыҟан.  Иангәасҭа нахыс (усгьы ирццакны саауамызт) амашьына аныҟәашәа иҵегьы иагсырхеит. Уажәшьҭа сырзааигәахоушәа анырба, еиҳа ижыцәӡа иҟаз ӡҕаб хәыҷыки, урыла илеиҵаз даҽаӡәи иҧаны амҩа инаныҧалеит, рнапқәа шьҭыхны икәашо.  Зынӡа амашьына аныҟәашәа иагырханы ашшьаҳәа снарыдгылеит, саангылоит ҳәа иҟамызт. Избахьеит ахәыҷқәа иҟарҵаз ацәгьоура  ианацәшәо, мамзаргьы ианацәыҧхашьо. Срабжьо салагеит, машәыр рыхьыр шалшо расҳәеит, аха иахьагьы сгәы сзырхьуа акы акәны иҟоуп, урҭ сажәақәа рыгәхьаа ахьырымкыз. Исҳәаз рхахьгьы иахьаарымгаз. Абраҟагьы исызцәырҵит ашәара, издыруада абарҭ ахәыҷқәагьы џьара акы ихәмаруаны, дҵак рымазар ҳәа.

Анаҩс, ааигәа ажәлар ирылаҩыз ажәабжь змаҳаз дмаҷуп.  Знапала заб дызшьыз аҷкәын иҟаиҵаз зыхҟьазгьы ахәмарра «Синий кит» ауп ҳәа агәаанагара цәырҵит, уи аус макьаназ ишҭҵаамгьы.

Анык леиҧш, мамзаргьы уаҩҧсҵас даараӡа агәҭынчымра сызцәырнагоит ас еиҧш сзықәшәаз ахҭысқәа, мамзаргьы исаҳаз ажәабжьқәа.

 Зыӡбахә ҳамоу ари ахәмарра рыӡбеит зыхшыҩ зхаҭыҧаҿ иҟам, адунеи аҟны зхы ҟәнызшьо, абри ахәмаррала зхаҭара шьақәзырҕәҕәарц иашьҭоу ауаа. Ахәмарра даара ашәарҭара ду ацуп, зыхшыҩ цқьа имшәыц ахәыҷқәа ари ахәмарра иагәыланахалазар, аҟәыҵра даара ирцәыцәгьоуп.  Ахәмаррраҿы иҟоуп ҩынеижәижәаба дҵа. Урҭ адҵақәа зегьы рынагӡара ашьҭахь, аҵыхәтәантәи ҧсҭбарала ихыркәшахоит, ахәыҷы иҽшьрала, мамзаргьы даҽаӡәы ишьрала. Иара ахәмаррагьы баша синий кит ахьӡрымҵаӡеит, уи аҿықә аҽхықәыжьланы аҽашьуеит ҳәа азырҧхьаӡоит. Араҟа аҧсихологгьы даҭахӡам, зхы еиқәшәоу ари ахәмарра шимыӡбаз аилкааразы. Аха зхаҭара макьана ишьақәымгылац, зҧсихика ҭышәынтәалам ақәыҧш ари ахәмарраҿы идырҵо адҵақәа зегьы рынагӡара убранӡа дагәыланахалоит, убри ада акы дазымхәыцуа, акы ила иамбо дҟалоит.

Ари ахәмарра ахәыҷы дыхәмаруа далагазар, иҟазшьа аҽаҧсахуеит, агәынамӡара есымша иааирҧшуа далагоит, ихиҿы инапқәа рыла иҵәахлоит, ирбага нацәа есымша ихы иаирхәалоит, акитқәа рсахьа ҭихлоит, мамзаргьы аҧарҧалыкьқәа. Иара убасгьы раҧхьатәи дҵаны иаҧхьа иқәдыргылоит ахәыҷы инапаҿы акит асахьа  цәыҧҧны ианиҵарц азы, нас уи асахьа ҭыхны ирзишьҭыр ауп. Иара убасгьы ҟазшьас ишьҭихуеит ашьыжь агылара, ицәа наӡаӡом.  

Ахәмарра аҿагылашьас иамоу, аҭаацәа рхәыҷқәа рыхьчаразы иҟарҵар ирылшо, ргәы рҽанызарц азы ҳара ҳлыҿцәажәеит, қәрала рацәак зхымҵуа, аха ахәыҷқәа, аҿар ргәы иҵхо бзиаӡаны еилызкаауа, иахьатәи ҳаамҭа ицәырнаго азҵаарақәа рыӡбараҿы ирыцхраауа, аҧышәа змоу аҧсихолог Кристина Лазба. Уи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лҵара аныхлыркәша ашьҭахь лзанааҭ аганахьала лҵара иацылҵеит Москва. Иара убраҟагьы лҧышәа иазлырҳаит. Аҧсны акәзар, аус лухьеит ахәыҷбаҳчақәа рҟны. Иахьа лара ахәыҷқәа лыдылкылоит, аус рыдылулоит лхатә ценр аҟны.

Кристина Лазба лажәақәа рыла, иахьа шамахамзар аҭаацәа зегьы ираҳахьеит ари ахәмарра аӡбахә. Иҟоуп ашәара зызцәырнагаз, аха ирацәаҩуп уи шәарҭарак аҵаны изымбогьы.

«Ахәыҷы дшыхәыҷу нахыс аҭел, ателевизор, егьырҭ агаджетқәа даныруршьцыла, нас уи иаҧыргара уадаҩхоит. Иашоуп, ахәыҷы аҭел наиркны ууысқәа зегьы ҟауҵоит, дуҧырхагаӡам, аха иара игәабзиара аҧырхага ҕәҕәа ауҭоит.  Иахьа сара сусураҿы исҧылоит ирацәаҩны имцәажәо ахәыҷқәа. Урҭ рызегьы аҭел ада, мамзаргьы амультфильмқәа рыда ҧсыхәа змам ахәыҷқәа роуп. Ахәыҷы иҧсҭазаара зегьы аҭели ателехәаҧшреи рыла имҩаҧысуеит, ҧшшәы хкыла, улаҧш хызкуа асахьақәа ахәыҷы убранӡа дрышьцылоит, аҧсҭазаараҿы икәша-мыкәша иҟоу, имҩаҧысуа хьаасгьы имаӡам. Уи зегьы марианы ибоит, ихшыҩ аус аирур иҭахӡам», – лҳәоит Кристина Лазба.

Ақәыҧшцәа ракәзар, аҧсихолог иазгәалҭеит иахьа зқәыҧшра иҭагылоу (подросток) аҭел зынӡаск имҭара, мамзаргьы имхра шиашам. Уи алҵшәа шамаиуа. Избанзар, иахьа ҳазҭагылоу аамҭа уацымныҟәар ҟалаӡом, аинтернетгьы иҳанаҭо аинформациа зегьы ҽеиӡам ҳәа ҳазҳәаӡом, уаҟа иуҵаша, иугаша рацәоуп.

 «Ахәыҷы дызхәаҧшуа, иҟаиҵо, ииуа иахырҟьацәаны ацклаҧшрагьы аҽеира ахылҿиааӡом, избанзар, адуцәа рымацара ракәӡам зхатә ҳәаа змоу. Ахәыҷқәагьы ирымоуп рхатә ҳәаа. Аҭаацәа ааҟәымҵӡакәа ахәыҷы даныхҭарклак, ахәыҷи аҭаацәеи аилибакаара рцәыӡуеит, ахәыҷи аҭаацәеи еимадахаӡом, уи даара ихадоуп. Ахәыҷы инамцхәны ақәыҕәҕәара аниуҭалак, ахаангьы дузааигәахаӡом», – лҳәоит аҧсихолог.

Убри аан уи иазгәалҭеит аҭаацәа иҟарҵарц ирылшо атәгьы. Аҭаацәара рҟны иҟазароуп аҧҟара. Аха убри аҧҟара ахәыҷы имацара иакәымкәа, аҭаацәагьы ықәныҟәалар ауп. «Иаҳҳәап, асааҭ ааба рынахыс аҭел акра ҟалаӡом, убри аҭаацәагьы инарыгӡароуп. Убри инаваргыланы аҭаацәа ахәыҷы иацәажәалар ауп. Иҟалаӡом мацара акәымкәа, изыҟамло, иахылҿиаарц иалшо ахәыҷы иаҳәалатәуп, еилыркаатәуп. Ахәыҷы иҭаацәа рыгәра анига, иара ихала иҳәоит игәы иҵхо, ииҭаху.  Сара зныкымкәа, ҩынтәымкәа азҵаарақәа сырҭоит издыруа, сҩызцәа, сҭынхацәа, рхәыҷқәеи дареи аимадара рыбжьаларц азы иҟаҵатәуи ҳәа. Шәхәыҷқәа шәаҧхьа инартәаны шәрацәажәоума, ргәы иҵхо шәазҵаауама ҳәа санразҵаалак, аҭак рзыҟаҵаӡом», – лҳәоит Кристина. Аҧсихолог лажәақәа рыла, хымҧада аҭаацәа зегьы акы иаҿуп, еилахоуп, аус руеит, аха уи ҽыҵгас аҟаҵара ҟалом,  ахәыҷқәеи аҭели  еизныжьтәым.

Зыӡбахә ҳамоу ахәмарра акәзар, Кристина лажәақәа рыла, ан илызгәамҭар ауӡом лхәыҷы иҟазшьа аҽыҧсахрақәа шаиуз. Хымҧада, ақәыҧш иҟазшьа ҷыдоуп, уи ахаангьы аҽеиҭанакуеит. Аха зегьы раҧхьа иргылан зныкгьы-ҩынтәгьы инаҵшьны иазгәалҭеит ахәыҷы иацәажәара, иҩызахара ада, алҵшәа аазышьҭуа акгьы шыҟам. «Иара ахәмарра атәы акәзар, убригьы иаартны ахәыҷы иаҳәатәуп.Ахәыҷы иацәажәара уаналагалак иумбарц залшом уи ахәмарра аӡбахә ахьынӡаидыруа, лымҳаҭасла акәу мамзаргьы инҭкааны идыруоу. Лымҳаҭасла акәзар, имыртытцәакәа алацәажәара хыркәшатәуп, анаҩс аинтерес имкырц азы. Ус акәымкәа ари ахәмарра аҧҟарақәа идыруаны ижәбозар, ихадароуп изеиҭаҳәара уи адҵақәа рҿы иара нагӡаҩыс дшыҟоу, ишидырҟаҵо. Ақәыҧш, акы мчыла ирҟаҵара уаналагалак, ианакәзаалакгьы дааҳәны дуҿагылоит. Убри аҟнытә, ари ахәмарраҿы рхы дшадырхәо иеилшәыркаар, мчыла идырҟаҵо даҿагылартә еиҧш алшара иоуеит», – лҳәоит аҧсихолог. Иара убасгьы уи иазгәалҭеит ари ахәмарра зыӡбаз ахәыҷқәа рҧсихологиа бзиаӡаны ишырдыруа. «Зхәыҷра инҭысны ақәыҧшра амҩа ианылаз цқьа иҧсихологиа шьақәгылаанӡа уи аҧсра дацәшәаӡом, ихгьы дацәшәаӡом, изааигәоу ауаа роуп еиҳарак дзыхӡыӡаауа. Убарҭ акы рмыхьырц азы иара ихы даҧырхагахар ҟалоит», – лҳәоит Кристина.

Иахьа адунеи зегьы аҟны ипроблеманы иҟалаз аҭелқәеи аинтернети инамцхәны ахәыҷқәа рхы иахьадырхәо азы анацәа уи ахылаҧшра шрылшо, рхатә ҧҟарақәас ирымоу еилаҳкаарц азы ҳлыҿцәажәеит ҧшьҩык ахшара ран Лена Прудникова. Уи лажәақәа рыла, ахәыҷы аҭел, мамзаргьы аинтернет инамцхәны дамышьцыларц азы ахгьы-аҵыхәагьы аҭаацәа роуп изҭакҧхықәроу. «Ҳара ҳаҩнаҭаҿы аҭел инамцхәны ахархәара аӡәгьы азин имаӡам. Ирзалхуп раамҭа уи рхы иадырхәар анрылшо. Насгьы рхатә ҭелқәа рымаӡам. Сара сҭел, мамзаргьы раб, ранду рҭелқәа анааныркыло, уаҟагьы исзықәгылоуп апрограмма «Родительский контроль». Уи ала сахәаҧшуеит иакәым информациак рхы иадырхәозар», – лҳәоит ҧшьҩык ахшара ран Лена. Ари апрограмма атәы аҧсихологи сареи ҳалацәажәон. Кристина иазгәалҭеит ганкахьала уи ахәыҷқәа хылаҧшра рыҭараҿы ишухәо, аха даҽа ганкахьала ахәыҷы ианеиликаа асоциалтә цәаҳәақәа рҟны ахылаҧшра шимоу, убасҟан зынӡаск игәҭакқәа зегьы нҭаршәны иҵәахуеит. Иаҳа-иаҳа иҭаацәара рҟынтәи иҽҧхьеикуа далагоит.

Аҧсҭазаара убас ишоуп, ауаҩы аџьаба баны ирҳауа, иҧара-ишьара, инахандеи зегьы ззикуа ихшаз роуп. «Исымоу зегьы ззысҭахыда, сыхшара рзы ауп, акы иамыргәаҟуа ршьапы иқәгыларц азы», – иҳәоит дарбанзаалакгьы.  Аха убри ауаҩы дшашьҭоу, убас еиҧш ҟалалоит, ихшара рааӡараҿы ихадоу аницәыбжьахо. Ауаҩы ирҳауа зегьы лҵшәас иамоузеи, ихшаз амҩа иаша изанымлар!

Аганахь игылангьы аҧшьгарақәа ауаҩы иҭара мариоуп, аха ҿыц иины адунеи иқәлаз ахәыҷы, амҩа иаша дықәҵаны, аҧсҭазаара дагәылганы, иуаажәлар дрылагылартә еиҧш аҟаҵара даара иуадаҩуп, еиҳараӡакгьы иахьатәи ҳаамҭазы.

Ианакәзаалакгьы ахәыҷы иааӡара ахаангьы имариамызт. Аҧхьаҩ, хымҧада еилукаауеит сыззааҭгыларц исҭаху. Ахәыҷы дыцқьаӡа, деилаҳәа-еилаца, акры иҿаҵа-иржә мацарала дшузымааӡо ауп.

 Аиҳабацәа рҟынтәи акырџьара исаҳауеит «ахәыҷы ииҳәо зегьы шәацныҟәоит, иааиҭаху зегьы шәылаигӡоит, аҟамчы ауп ииҭаху» ҳәа анырҳәо. Иҟазар ҟаларын аамҭақәа, ахәыҷы ақәымчра анинаалоз, аиҳабацәа данрыцәшәоз, ахәацгьы быз-бызуа данадырдыруаз, акәакьгьы даныкҿадыргылоз. Занааҭла сара сҧсихологым, ус еиш ахәыҷы изныҟәара иашазу ииашамзу ахәшьара сзаҭом. Аха сгәанала, зегьы реиҳа ахәыҷы иааӡараҿы алҵшәа аазышьҭуа акы акәны сахәаҧшуеит, ахәыҷы иацәажәара, еиҳараӡакгьы ихәыҷра шықәс дынҭысны, иқәыҧшра ашықәсқәа данырҭагыло.  

Иахьатәи ахәыҷқәа «аҟамчы» иааӡаз ахәыҷқәа излареиҧшым акоуп. Урҭ иаашар хәлаанӡа ааӡаҩыс, ҩызас, аныс, абыс, абдус, андус зҳәаз еиҧш ирымоу аҭелқәа роуп.

Саргьы сануп, ахәыҷқәа рааӡараҿы иаҟасҵо, исҳәо зегьы иашоу ииашаму сыздыруам. Аха акызаҵәык, аҭаацәа сызларыҳәо, иҳалшо зегьы ҟаҳҵап ҳхәыҷқәа аҭели аинтернеты итҟәаны ирмоурц азы. «Згәы зҽанҵо, абџьар иҟәынҵоуп» аҳәоит аурыс жәаҧҟак. Шәгәышәҽаныз аҭаацәа. Иахьатәи имариам адунеи аҟны, ахәыҷқәа даҽа аамҭанык еиҧшымкәа ацхыраара рҭахуп. Ацхыраара аинтернет аҟны ирымҧшаауа, ҳарҭ аҭаацәа ҳагәра рго, иҳацәажәарц азы, ҳаргьы ҳрацәажәап. Уи иахьатәи дҵа хаданы ҳаҧхьа иқәнаргылоит.

 

Шьарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me