Ииуль 18 азы аҳазалхырҭатә ҭыҧ "Ҧсоу" аконтрабандеи аҳазатә зинеилагарақәеи ирҿагыланы ақәҧаразы аҟәша аусзуҩцәа, ироуз аинформациа ахы аҵыхәа-анеилдыргоз, иааныркылеит, иагьеимырдеит Урыстәылатәи Афедерациантәи иаауаз, Аҧсны атәылауаҩ Агрба Г.В. дзықәтәаз автомашьына. Аҳәынҭқарратә ҳазалхырҭатә еилакы асаит излаанацҳауа ала, автомашьына аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит, иагьҭыргеит Аҧсныҟа заагара рмаҷу акриптоҧарақәа рырҳаразы амаругақәа ҩба. Абри административтә зинеилагара иазку аматериалқәа нашьҭуп аҳазатә усҭҵаарақәа рыҟәша ашҟа.

 

Венесуела Апрезидент Николас Мадуро Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аҧсни Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашықәсхыҵра.

Ииуль 21 азы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Ҷыда Михаил Шургалин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит агәраргагатә шәҟәқәа.

Иара убри аҽны 30 шықәса ҵит Аҧсны аҳәынҭқарратә символика – Аҳәынҭқарратә Бираҟи Аҳәынҭқарратә Герби анышьақәдырҕәҕәаз аахыс. Урҭ аҩбагьы шьақәырҕәҕәан Аҟәа, 1992 шықәса ииуль 23 азы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы.

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа араионқәа рахь иныҟәара хациркит Очамчыра араион ала. 2022 шықәса актәи ашықәсбжазы имҩаҧгаз аусура еихишьалеит Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа. Уи иажәақәа рыла, Очамчыра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа нагӡоуп 145% рыла. Иззыҧшыз ахашәалақәа 73 миллиони 258 нызқь мааҭ рахьтә араион абиуџьет иаланагалеит 105 миллиони 923 нызқь мааҭ, ари иззыҧшыз аасҭа 32 миллиони 660 нызқь мааҭ рыла еиҳауп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me