Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ачымазара ашьҭыҵра иаҿуп

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала имҩаҧысит ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аилатәара. Аҳақьымцәа иазгәарҭоит ачымазара ашьҭыҵра ишаҿу, Ковид-19 хәыҵҟьеит араионқәа зегьы рҟны. Хадаратәла ичмазаҩцәахаз ирыдырбалоит аштамм «омикрон», ачымазарагьы рацәак аҽараапкуам.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иҳәеит уажәы ишышьҭоу 20-ҩык. Уи иазгәеиҭеит макьана аус зуа аинфекциатә ҟәша шакәу.

«Адунеи зегь аҟны ачымазара ашьҭыҵра иалагеит. Ҳаргьы ҳахианы ҳаҟазароуп. Иаҭахханы иҟалозар, ахәышәтәырҭа ахыбра хада аҟынгьы аҟәша ааҳартуеит, еиҿаҳкаауеит амедицинатә бригадақәа. Макьана ахәышәтәырҭа амч ақәхоит», – иазгәеиҭеит аминистр.

Едуард Быҭәба иаҵишьит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аҵәыҵәыраӡритә станциа техникала амаҵзура шымҩаҧгахо.

Аминистр ицхырааҩ атерапиеи аексперементтә паталогиеи Рыҭҵааратә институт алабораториа аиҳабы Алиса Матуа иазгәалҭеит ПЦР-атестқәа ргаразы абригада аусура ишалагауа.

Ахәшәқәеи амедицинатә лыхымҭақәеи рыла аиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба иҳәеит, Аминистрра ишамоу ахәшәқәа, хаҭалатәи ахыхьчара ахархәагақәа. Иара убас, аилатәараҿы иазгәаҭан ПЦР-атестқәа рыҭаразы ишаҭаху аҳақьым ишәҟәы, мамзаргьы ачымазара илаҽны дыҟазар. 14 мшы акарантин иқәныҟәатәуп, аха убри аан еиҭах атест аҭара хымҧадатәиӡам.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me