Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аамҭа иаӡрыжәыз аибашьҩы

 

Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны иҷыдоу аҭыҧ аннакылоит. Зхәышҭаарақәа ныжьны зыҧсадгьыл аҿаҧхьа зуалҧшьақәа назыгӡоз асолдатцәа рахьтә анцәа имчала зыҧсы ҭаны ихынҳәқәаз рацәоуп, аха иҟоуп зымаха-зышьаха еибгамкәа иааз, убас хабарда ибжьаӡыз, ишьыз. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Дәрыҧшьтәи аибашьҩы Уаҳаид Чуаз иҩныҟа дхынҳәит, аха араҟа изыҧшын аибашьра иахылҿиааз ажәабжь хьанҭақәа.

Гәдоуҭа араион, Дәрыҧшь ақыҭан Хәашиҭ Чуази Назиа Шамҧҳаи аҭаацәа ду аҧырҵеит, ирхылҵит ҧшьҩык аҧацәеи аҧҳаи. Анцәа ишиҳәара арҧарцәа рыжәлар аӡәык ҳәа иаарылагылоны еиҧш иалагоит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду. Усҟан ани аби иабардыруаз иџьабаџьафаны ирааӡаз рҧацәа аҕа иҿагылар акәхоит, зыҧсгьы ахҭнызҵо ҟалоит, даргьы агәырҩа иахҧсаауеит ҳәа. Чуазаа аибашьра иахырҟьаны ирхыргаз арыцҳара атәы еиҭеиҳәеит Хәашиҭи Назии рмаҭа Алик Чуаз.

«Ҧшьҩык аишьцәа Уаҳаиди, Манчеи, Хәаҭхәаҭи, Қьаазыми рахьтә сара саб Уаҳаид иоуп. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду алагаанӡа иара Қарҭ амедицинатә ҵараиурҭа дҭан. Уаҟа алаҳәара ҟарҵеит аҧырыҩцәа разыҟаҵара иалагоит, агәаҳәара змоу шәаҳшьҭуеит ҳәа. Саби, рыжәла сгәалашәом даҽа ҩыџьа аҧсуа ҷкәынцәеи ақәшаҳаҭхеит. Уа ишыҟаз СССР афашистцәа ақәлоит. Уи нахыс саб иҭаацәа дрымбаӡеит», – ажәабжь еиҭеиҳәеит Алик Чуаз.

Уаҳаид, Севостополь 7-тәи амшынтә бригада, 1-тәи абаталион, №-тәи арота санинструкторс даман. Аидысларақәа руак аан хаҭала амцашыра иалигеит ихәыз ҷҧ-ҩык Асовет солдатцәа, уимоу илиршеит рабџьари рџьаҧҳани ахьчара. Аҿагылара изҭоз анемеццәа рҟынтә 20-ҩык ҭаирхеит. Уаҳаид Чуаз Севостополь ахәрагьы иоухьан, аха ишьапы данықәгыл, ҩаҧхьа ирратә уалҧшьақәа ирыциҵеит. Аубых хылҵшьҭра Уаҳаид Хәашиҭ-иҧа аибашьра адәаҟны иааирҧшыз агәаҕьреи  ахаҵареи рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы. Урҭ ирхыҧхьаӡалоуп «Кавказ ахьчаразы», «Севостополь ахьчаразы», «Одесса ахьчаразы», «Аеҵәа ҟаҧшь аорден», «Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду аорден» II-тәи аҩаӡара.

«Саб аибашьра анеилгагьы иаразнак иҩныҟа дзымхынҳәӡеит. Акомандаҟаҵаҩцәа рҿаҧхьа даҽа дҵак ықәдыргылеит. Украина, Бандераа ҳәа изышьҭаз амилаҭеилыхыҩцәа ирҿагылар акәхеит. 1948 шықәсазоуп иаб игәараҭа ишьапы анҭеигала», – иажәа иациҵоит аҧа.

Уаҳаид Чуаз Дәрыҧшьҟа данаа, иани иаби агәырҩа иашьхьан. Дара Уаҳаид дахьыҟаз рыздырӡомызт, уи аҧхьаҟа Брест аҭҟәара иақәшәаз Манча аҽӡара шилшазгьы зегь акоуп Сталин имҩаҧигоз аполитика инақәыршәаны 25 шықәса аҭакра иқәырҵоит, Хәаҭхәаҭ Минск дшеибашьуаз хабарда дыбжьаӡуеит, Қьаазым Қарҭ ашәарҭадара иахылаҧшуаз аруаа дрылан. Абыргцәа рхала ргәырҩа ианазымиааи уамак рыбжьамхакәа рыдунеи рыҧсахит.

11 шықәса зыҩныҟа имаацыз Уаҳаид Чуаз ҩаҧхьа имч еизганы, игәы ҿаҳәаны аҧсҭазаарахь ишьаҿа еихигеит. Дҭалеит Аҟәа иҟаз Қарҭтәи асубтропикатә нхамҩатә институт. Акыр шықәса аус иуан Афон асовнхараҿы, инапы алакын амандаринақәа рааӡара, реихаҳара, ахкы ҿыцқәа ралагалара. Иара убас Дәрыҧшьтәи аколнхараҿы кассирс дыҟан. Уаҳаид Чуаз наҟ-наҟ динасыҧхеит Минца Леиҧҳа. Дара ирхылҵит хҩык аҧацәеи ҩыџьа аҧҳацәеи.

Хәашиҭ Чуази Назиа Шамҧҳаи анкьа рхәышҭаара ҿыцәаауа ишалагаз анырба иахҧсааит. Ирдыруандаз абыргцәа рлахьынҵа ишаныз рыхшара рхылҵ аџьџьаҳәа ишеиҵагылоз. Хабарда ибжьаӡыз рыҷкәын Хәаҭхәаҭгьы дахьӡеит иҵәҩаншьап арсра,иара аҧеи ҩыџьа аҧҳацәеи иман.

Манча иакәзар, 25 шықәса аҭакра ихыганы данаа дҭаацәарахеит, ҧшьҩык ахәыҷқәа ихылҵит. Қьаазым быжьҩык ахшара драбын.

«Уара иушьуа анцәа дишьӡом», – рҳәоит аҧсуаа ражәа иалаҵаны. Чуазаа ргәараҭа аибашьра хлымӡаах ашьҭа азыннажьит, аха рхәышҭаарамца шеиқәыц еиқәуп.


Саида Жьиҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me