Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ацқьара – зегьы ирыцкуп

Ҳашәхымсгьы – ҳара иаҳтәуп

Ацқьара – зегьы ирыцкуп

Жәытә-натә аахыс, аҧсуа жәлар ртрадициа иалан рыҩны аҩнуҵҟа еилдыргаанӡа, шарҧазы ишыҩагылалак еиҧш, анаҧшҩы иибаша, амҩасҩы илаҧш зықәшәаша ашҭа, уи анҭыҵ, аҩны ааҵра аҧссара, арыцқьара…

Аха, иахьатәи аамҭазы, аҳҭнықалақь аҟны игылоу аҩнеихагылақәа рҿы инхо шьоукы-шьоукы руадақәа ааилырганы, ргәам-сам зегь ашәхымс иларыжьуеит, ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыҧқәа рҿы акәзар, ахәыҷ иакәым «зхәы анырымҵо» ауаҩы дтәартә иҟам. Хаҭала, абарҭ ацәаҳәақәа равтор, ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыҧ ашҭаҿ сынхоит, Чалмаз имҩа, 7 ҳәа иахьашьҭоу. Аиаша шәасҳәап, даара иџьасшьоит шьоукы-шьоукы анацәеи абацәеи зыхшара зманы арахь иныҟәо рхымҩаҧгашьа. Ахәыҷқәа ирфо «ачипс», «аканфеҭ», «аӡыхаа» уҳәа зегь агәам-сам зҭарыҧсо акәымкәан, урҭ еицәыхарамкәан ишгылоугьы, иахьырфаз аҭыҧ аҟны икарыжьуеит. Ус ҟашәымҵан, агәам-сам зҭарыҧсо иҭашәыжь ҳәа раҳәара аамҭа рымаӡам, дара рхаҭақәа «азараҟьа ыфо» ацәа шьамхахьы илатәоуп. 15-16 шықәса зхыҵуа ахбыџқәа, ҷкәыни-ӡҕаби уахынла, ауаа аныцәоу аамҭазы изықәтәоу рҽыҩқәа актәи аҭыҧ ргазшәа, еибарҳәҳәо – еибарҟаауа ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыҧ иқәуп, акырынтә хаҭала срацәҳаны «иҧхасҵахьеит», аха аҧхашьара абаҟоу. Иҿабыҕ-ҿабыҕӡа аҭак шәкы рҳәоит. Ашьыжь, урҭ рышьҭахь, ахәыҷқәа руаргьалақәа еимыхны уаҩы ибоит. Хазы, «аҩыжәцәагьы» еизоит, урҭ иржәуа арыжәтә зҭоу аҧаҭлыкақәа уаҩ дрыхҟьашаны дкаҳауа аҟынӡа.

Уаанӡа ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыҧ еснагь ирыҧссон, агәам-сам ықәыргон аҧссаҩцәа. Аха ҩы-мчыбжьа инарзынаҧшуа аӡәгьы ихабар ҟамлеит, аҧссаҩцәа аӡәгьы имбеит, агәам-сам ақәгара иаҟәыҵны иҟан Чалмаз имҩа 7 аҟны.

Иахьамзар уаҵәы ҳәа аҧссаҩцәа ҳшырзыҧшыз ҩы-мчыбжьа анҵы, агәам-сам ахыҧхьаӡара иацымлозар иагымхо ианалага, хаҭала Аҳабла ҿыц ацқьара иахылаҧшуа, агәам-сам ақәгара, аҳаскьын архрақәа уҳәа Аҟәа ақалақь Ахадара иаҵанакуа аиҿкаара аиҳабы Ҭемыр Лагәлаа ҳаҽимаҳдеит. Аиашазы, ҳажәа ҩбамтәкәан, иара зыӡбахә ҳамоу аҭыҧ ахь аусуцәа ргәыҧ иманы даҳзааит. Иусзуҩцәа ахәыҷқәа ахьыхәмаруа аҭыҧ ахаҿра азырхынҳәразы. Арыцқьарақәа иахьынӡарҿыз, ҳгәы иҵхоз азҵаарақәа рҭакқәа ҳаиҭеит Ҭемыр Лагәлаа. Уи иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи 10 мшы рыҩнуҵҟа даара еилахан «ҵ шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит ари аиҿкаара аиҳабыс аус зуеижьҭеи, архыҩцәа фҩык налаҵаны иҳамоу аусуҩцәа рхыҧхьаӡара наӡоит 8-ҩык рҟынӡа. 10 мшы раахыс аҵлақәа ршьапқәа рышәра ҳаҿуп, Аҳабла ҿыц абжьаларҭа аҟнытә нап аҳаркит уи. Ари аус аҧшӡара мацара азы акәымкәан, иара ашәаҧыџьаҧ рзгьы даара ихәарҭоуп, хара имгакәангьы ихҳаркәшоит, ианаамҭаз ахәыҷқәа ахьыхәмаруа ҭыҧқәак рҟны агәам-сам ақәгара ҳахьахьымӡазгьы мзызс иамоу абри ауп» – иҳәеит уи.

Ҭ. Лагәлаа излеиҳәаз ала, Аҳабла ҿыц агәы аҟны иҟоу апарк аҟны аҵлақәа ршьапқәа рышәреи, иара апарк ахылаҧшреи бзианы еиҿкааны ирымоуп, Аргәын имҩаду аҿы акәзар, уаҟагьы аҵлақәа ршьапқәа рышәра, иара апарк ахылаҧшра аус еиҿкааны ирымоуп.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо азҵаара иаҳҭеит, агәам-сам еиқәымларц, ианаамҭоу ақәгара аиҿкааразы иҟаҵатәузеи?» ҳәа. Азныказы иааигәарҧханы дааччан, нас илакҭа ааиҧсахын: «Арахь имҩахыҵуа зегь акака карыжьлар,18-ҩык аусуҩцәа урҭ рышьҭа ихыланы агәам ақәгара иахьӡаӡом, рымч ақәхаӡом. Ауаа рыхдырра хәыҷык еизҳароуп, рыхдырраҿы инагалатәуп есымшааира, зегьы ираҳҳәалароуп, рхы иҭаагалароуп, ҳақалақь, ҳҳабла ацқьара – уи ҳара ҳхаҿра шакәу» – иҳәеит уи.

Аиашазы, уадаҩра аҵам, ауаҩы иифаз ма иижәыз аҭра, ацәа, агәам-сам зҭарыжьуа иҭаижьыр, уи авараҿ икамыжькәан. Аха, ус еиҧш ахымҩаҧгаразы, изызҳауа иҩнаҭаҿы ааӡара иаухьазароуп, иҭаацәа, иеиҳабацәа рыҟнытә иаҳахьазароуп, идырузароуп. Аха, ацқьара аганахьала ҳахдырра еизҳахаанӡа, ҳкультура шьҭыҵаанӡа, зыхдырра лаҟәу ҳтәылауаа рхаҭарнакцәақәак рхарала, ацқьара бзиа избо, еилазымго, иацклаҧшуа ауаа агәам-сам илатәар иҧшӡам, ацқьара аиҿкаара иазку 20 нызқь иеиҵамкәан ауалафахәы зауа аҧссаҩцәагьы русура нарыгӡалароуп.


Алиса Гәажәҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me