Хазы Чрыгба иҳәеит ишыҟоу акырӡа зҵазкуа даҽа факторкгьы – ари Нхыҵ-Кавказ аешьаратә жәларқәа: адыгцәа, абазақәа, ачеченцәа, ауаҧсцәа, даҕьысҭанаа хьаҳәхьачрада иҟарҵаз ацхыраара ауп. Абри инаваргыланы, ацхыраара ҟарҵеит адунеи зегьы аҟнытәи аҧсуеи ачерқьеси диаспорақәа, иара убас Урыстәылеи, Приднестровиеи, Аахыҵ-Уаҧстәылеи рҟнытәи ахатәгәаҧхарауаа. «Абарҭ аҽазышәарақәа зегьы ҭаҷкәымкны еилаҵәеит, уи иабзоураны аҕа Аҧсны дықәцахеит», – иҳәеит иара. Виачеслав Чрыгба еизаз ирыдигалеит аибашьра зыхҟьаз, азеиҧшмилаҭтә уаажәларратә еиҿкаарақәа раҳасабала аибашьра аламҭалазы Аҧсны жәлар шеидгылаз, адиаспора ахымҩаҧгашьақәа зеиҧшраз, аимадарақәа шеиҿкаахаз, анаҩс Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа иҟарҵаз адгылара ргәаладыршәарц.
Аполитикатә партиа «Аиҭаира» ахантәаҩы, Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа далацәажәеит аибашьра аламҭалазы Аҧсны иҟаз аҭагылазаашьа. Леонид Иван-иҧа иажәақәа рыла, 1988 шықәса анҵәамҭа инаркны усҟантәи ақырҭуа аоппозициа ахадацәа Звиад Гамсахәырдиеи Мераб Коставеи амитингқәеи апериодикатә кьыҧхьи рҟны иаҿаапкны иаладырҵәон «Қырҭтәыла ақырҭцәа рзы» ҳәа аидеиа. Уи шьаҭас иаман Павле Ингороҟуа иконцепциа. Уи излаҳәо ала, ажәытәӡатәи аҧсуаа рхылҵит ақырҭуа абшьҭрақәа руак, аҧсуаа «ҿыццәа» Аҧсны адгьылҵакырахь иааит Нхыҵ-Кавказ ашьхақәа ирхыҵны XVII азы, Аҧсны – ари қырҭуа дгьылуп ҳәа. «Абри азоуп аҽазышәара зыҟаҵаз Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет Аҟәатәи афилиал аартра, уи раҧхьатәи ашьакаҭәарахьы икылнагеит. Анаҩс, аҧсуаа анхарҭақәа раахәараҿы ирҧырхагахоз Мераб Костава ифонд аусура, Асовет Еидгыла аиқәырхаразы ареферендум алҵшәақәа ратәамбара, иара убас 1989 шықәса ноиабр азы Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаҧстәыла ақәлара», – иазгәеиҭеит Лакербаиа. Уи иара убас дазааҭгылеит Ташкенттәи аиқәшаҳаҭра шеилагаз. Уи излаҳәоз ала, Қырҭтәыла иаҭахон хыҧхьаӡара рацәала абџьар, Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алалара, иара убас Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи рганахьала абџьар ихы ишаимырхәауазы Е.Шеварднаӡе иажәақәа рҭыҧан.
Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба игәалаиршәеит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы СССР аҟны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еибархханы ишыҟаз. Аҭагылазаашьа дырцыхцыхуан Аҧсынгьы. Уи ауааҧсыра агәҭынчымра рызцәырнагон. «Ақырҭуа-аҧсуа политикатә еиҿагылара инаҧшьны ицәырҵуеит ауааҧсыра ракзаара «Аҧсны жәлар» ҳәа. Ауааҧсыра реиҳараҩык ирыдыркыло иалагеит амилаҭ-хақәиҭтәратә қәҧара аидеиақәа. Убасҟантәи аамҭазы Қырҭтәыланы аҳра зуаз агәалаҟазаарақәа рзы иҿырҧшыганы иҟоуп 1988 шықәса сентиабр 11 азы агазеҭ «Литературули Сақарҭвело» аҟны ашәҟәыҩҩы А.Силагаӡе иҳәамҭақәа. Уи иҩуан: «Қырҭтәылан иақырҭуам ҳәа акымзарак ҟамлароуп. Иақырҭуамгьы Қырҭтәылан дақырҭуахароуп…», – иазгәеиҭеит Шамба. Абри инаваргыланы, иара игәаанагарала, ареспубликаҿы аурыс бызшәа зҳәо ауааҧсыра рполитикатә гәалаҟазаарахь уаҩы ибаратәы анырра ҟанаҵеит Аҧсны амилаҭ-хақәиҭтәратә қәҧара ахадацәа Урыстәылаҟа рхы ахькыдыз.
Сергеи Мирон-иҧа инаҵшьны ишазгәеиҭаз аиҧш, Жәлар рфорум «Аидгылара» акәша-мыкәша рҽеидыркыло иалагеит аерманцәа, абырзенцәа, аурысцәа. «Абасала убасҟан Аҧсны иҟаз ауаажәларратә, аполитикатә хеидкылақәа зегьы еизааигәахеит, еидгылеит ҳәарас иаҭахузеи, ақырҭқәа аалыхны», – иҳәеит иара.
Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аусзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991-1996) адепутат Наҭелла Акаба илгәалалыршәеит Қарҭтәи ауниверситет Аҟәатәи афилиал аартра ақырҭцәа дҵаны ианықәдыргылаз 1989 шықәса. «Сара усҟан Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны азеиҧш ҭоурых дсырҵон. Иҳаман аурыс, аҧсуа, ақырҭуа секторқәа. Аҧсуаа ирҿагыланы ақәгыларақәа ирылагеит, афилиал аартразы ақәҵара рыдыркылеит, ҳара ари даара ҳаргәамҵуан, избанзар асеиҧш иҟаз аҧышәа ҳбахьан. 1952 шықәсазы Аҟәа иаартын асубтропикатә нхамҩа Қырҭтәылатәи аинститут. Абар уи иахькылнагаз: Қырҭтәылантәи Аҧсныҟа ииасит 4 нызқьҩык инареиҳаны астудентцәа, 200-ҩык раҟара арҵаҩцәа. Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет афилиал аартрагьы Аҧсны ақырҭцәа рхыҧхьаӡара акырӡа азырҳарахьы икылнагон», – иазгәалҭеит Акаба. Ақырҭуа шовинизм ахаҿраҵәҟьа аалырҧшырц азы Наҭелла Нури-иҧҳа илгәалалыршәеит ауниверситет арҵаҩцәа – ақырҭцәа Аҧсны аҭоурых арҵага шәҟәы аҭыжьра азҵаара анықәгыла, урҭ ишырҳәаз Аҧсны аҭоурых ҳәа егьшыҟам, иҟоу Қырҭтәыла аҭоурых заҵәык шакәу. Абарҭқәа зегьы, ҳәарас иаҭахузеи, ҳаизыҟазаашьақәа иаҳагьы идырҵаруан», – иазгәалҭеит лара.
Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Вагаршак Косиан, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара игәаларшәауа, иазгәеиҭеит Гагра аерман уааҧсыра реиҳараҩык Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа ақалақь анрымпыҵархала ргәы шканажьыз. «Аҭагылазаашьа ҿаасҭан. Ақалақь иалан абџьар зкыз анаркоманцәа», – иаҵишьит Косиан. Иара игәаанагарала, аҭагылазаашьа аҽаҧсахит 1992 шықәса октиабр алагамҭазы Гагра Аҧсны ар рнапаҿы ианаарга. «Ампыҵахалара ҳалҵит бџьарла ҳҽеибыҭаны, нас аибашьра ҳналагылеит. Ицәырҵит аерманцәа рырхәҭа аиҿкаара азҵаара. 1993 шықәса февраль азы еиҿкаан И.Баграмиан ихьӡ зху Аерман баталион. Уи ажәыларақәа зегьы активла ирылахәын».
Сократ Џьынџьал иҳәеит ахьыҧшымразы Аҧсны знысыз амҩа даара ишыуадаҩыз. «Ҳтәыла аҭоурых зегьы шьақәгылоуп ахалаҟазаареи ахақәиҭреи рзы ақәҧарала. Ҳажәлар еснагь ирдыруан ргәаҭахра, ргәаҳәара зхәаҽуаз амчқәа», – иҳәеит иара. Сократ Раҷа-иҧа игәаанагарала, Аҧсны зныкымкәа иладырҟәхьан аҳәынҭқарратә статус. Аҧсуаа рыҧсадгьыл аҿы иаҳа-иаҳа рхыҧхьаӡара амаҷхара иаҿын, аибашьра аламҭалазы 17% ыҟан. Абри инаваргылан, ареспубликаҿы аҭыҧ хадақәа зегьы ақырҭцәа иааныркылон. СССР анеилаҳа ашьҭахь, Қарҭ иаиуит хыҧхьаӡара рацәала абџьар. Абарҭ афкторқәа зегьы аҭагылазаашьа бааҧсыла идырҵарит. Иҵоурам аҭыҧ ааннакылеит Урыстәыла усҟантәи анапхгара рпозициа. «Едуард Шеварднаӡе Борис Ельцин дақәиргәыҕит Қырҭтәыла ИАР иалалоит ҳәа, 2-3 мшы рыла Аҧсны еиқәиртәоит ҳәа. 1992 шықәса август 14 аҽны Қырҭтәыла Аҧсны ишақәлаз азы амассатә информациа адунеитә хархәагақәа ажәак рҿыҵымшәеит, Владислав Арӡынба Борис Ельцин иахь иҟаиҵоз аҭелқәа атәарбомызт», – игәалаиршәоит Џьынџьал. Уи иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аҧсны ианақәла аҽны атәылауаа рахь Арӡынба иҟаиҵаз ааҧхьара агрессор иҿагыларазы аҧсуа жәлар рхеиҿкаара ҳаранакит. Убри иабзоураны аҕа ижәылара аанкылахеит.
Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иажәақәа рыла, иахьатәи аицәажәара даара агәахәара ду инаҭеит. «Исгәаласыршәоит И.Гиоте ицәаҳәақәа: «Аҧсҭазаареи ахақәиҭреи иаҭәашьахоит есҽны урҭ ирзықәҧауа». Аҧсны аҭоурых уи шьақәнарҕәҕәоит», – иазгәеиҭеит ацҳаржәҳәаҩ.
Акьыҧхь иазирхиеит Борис Қаџьиа