Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш!

413 ҵхи-мши еихсыҕьрада ицон Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Ари аибашьра иаҳцәалаӡит иреиҕьыз ҳҵеицәа, арҧарцәа, аҭыҧҳацәа. Еиҭаҳәашьа амам Аҧсны ахьчаҩцәа иаадырҧшыз афырхаҵара. Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аҧсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан. Аҧсуа жәлар жәҩахыреибыҭарала ирывагылан егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы, Аҧсадгьыл ахьчаразы игылеит ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа. Ҷыдала хазы иалыскаар сҭахуп Нхыҵ-Кавказнтәи хатәгәаҧхарала иаҳзааз аибашьцәа. Аҧсуаа ахаан ирхашҭраны иҟаӡам ҳашьцәа адыгақәа, ачерқьесқәа, абазақәа, ауаҧсаа, аҟабардақәа, аингәышцәа, ачеченцәа, даҕьсҭанаа уҳәа егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара. Ахәшьара аҭара уадаҩуп ақырҭуа фашизм аҿагылараҿы, аиааира аагараҿы шәара шәгәымшәара, шәыгәаҕьра. Аҧсуа архәҭақәа ирылагыланы фырхаҵарыла еибашьуан Алада Урыстәыла аказакцәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟнытә хатәгәаҧхарала аибашьцәа, хьӡи-ҧшеи згым Донбасси Приднестровиеи рҵеицәа.

Аиааира Амш – ахьааи агәырҕьареи зцу ныҳәоуп. Ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҿыц игыло абиҧарақәа рҧеиҧш лаша ахьӡала игылаз, уи зхы ақәызҵаз, фырхаҵарала иҭахаз зегьы. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аҧсны аизҳазыҕьаразы зхы иамеигӡаз зегьы хаҭа-хаҭала.

Аҧсны аизҳазыҕьара ахьӡала иахьа даҽа аамҭак еиҧшымкәа иаҭахуп аидгылара, ажәҩахыреибыҭара. Ҳазегьы ҳаидгыларала хықәкы хадас иҳамоу – ҳажәлар рҧеиҧш, насыҧ рыманы реизҳа-зыҕьара алыршара ауп.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар! Иҧшьоу абри аныҳәа аҽны ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, аинҭәылара. Ҽаанбзиала шәнеиааит! Шьардаамҭа Аҧсынра!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me