Иҧшьоу ҳиааирамш еицакра ақәымзарц

Ҳныҳәа ду сентиабр 30 акырӡа аҵанакуеит ҳажәлар ргәаҿы. Есышықәса мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит Аҧсны араионқәа зегьы рҿы.

Асааҭ 10, Аҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апаркаҿ ажәлар рыла иҭәын. Уахь инеиуан ҳныҳәа ҳацазгәарҭарц ҳхақәиҭра иалахәыз нхыҵи-аахыҵи рҟынтәи ҳашьцәа – аибашьцәа, аҟабарда, адыга, ачечен, аурыс уҳәа убас егьырҭгьы. Усҟан еиҧш, иахьагьы ҳаӡәыкуп даргьы ҳаргьы.

«Ҳара аҧсуаа аӡәы итәы ҳашьҭам. Ҳара аӡәгьы ҳиқәымлеит. Изқәылаз ҳара ҳауп. Адунеи зегьы аҿы еиҧш ҳаргьы азин ҳамоуп ҳаҧсадгьыли ахақәиҭреи рзы ақәҧара. Ҳара ҳзышьҭоу Анцәа ду иҳаҭәеишьаз уи ҳнапы ианиҵаз ауп. Ус анакәха, ҳара аиааира ҳгоит. Сара исҭахуп абри зегьы агәра жәгарц». (Владислав Арӡынба).

Игәра ргеит ажәлар Ҳҧыза ду, убри иалҵшәахеит иахьа иазгәаҳҭо Аиааира амшгьы.

Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев уҳәа аӡәырҩы. Ҳфырхацәа рбаҟа аҿаҧхьа ихырхәон, ашәҭқәа шьҭарҵон аибашьра анцоз зыжәҩахыр ҳадызҵаз Нхыҵ-Кавказынтәи иааз, зхатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз ҳашьцәа. Аибашьра зегьы иагәылсыз, агәымшәара аазырҧшыз аҭыҧҳацәа, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Ирҳәоит аамҭа хәырбҕьыцуп ҳәа, аха зҩызцәа звыршьааз, зыҩнаҭаҿы зыҩнашә-гәашә акыз рзы ари бзанҵы ихымҽуа хьаауп.

Аҧсны Афырхаҵа, аибашьра зегьы ахы инаркны иалсыз Адгәыр Воуба изы ари амш ахьаа хьанҭа ацуп. Дҭахеит иашьа еиҳабы – 21 шықәса зхыҵуаз Џьамбул Воуба, ивыршьааит иҩызцәа, дрылахәын ажәыларақәа зегьы. Ҕәадатәи аибашьцәа ргәыҧ «Аҧсны» далан. Ари агәыҧ аиҳараҩӡак аҿар ракәын иалаз. «Сыбла дыхгылоуп, зегь реиҳа еиҵбыз Ҕәадатәи арҧыс Дима Матуа. Уи 14 шықәса ракәын ихыҵуаз, ашәара захьӡыз ихахьы иааигомызт, жәыларацыҧхьаӡа дҳацын, уи диеиҧшын Беслан Агрба, усҟан 17 шықәса зхыҵуаз, нас Лаҭатәи ажәылараан залымдарала иҭахаз, иара хаҵа наӡак еиҧш дҳалагылан, аибашьра зегьы дҳацалсит», – игәалаиршәон Аиааира амш аҽны Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны иҟаз Аҧсны Афырхаҵа Адгәыр Воуба.

Аныҳәа азгәаҭара инамаданы Ахьӡ-Аҧша амузеи аҿаҧхьа Аҧсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыҧқәа шьаҿеиқәшәала иқәсит. Апарад идикылеит атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа. Напхгара аиҭон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба. Шьаҿеиқәшәала ииасит 600-ҩык инареиҳаны аҧсны Арбџьар мчқәа рыруаа.

Аныҳәа хыркәшан Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаҧгаз аконцерт ала.

Нагӡара ақәзааит ҳҵеицәа ршьала иаагоу Аиааира! Уаҳа иҟамлааит ҳ-Аҧсны дгьылаҿ аибашьра! Наунагӡа аҭынчра умазааит зхы иақәиҭу Аҧсны!


Наира Сабекиа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me