Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари амедицинатә усҳәарҭа аҩнуҵҟа ауадақәа рҟны аҧхарра ыҟаӡамызт, избанзар арҧхага чуанқәа жәаба рахьтә жәба аус руӡомызт. Аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иажәақәа рыла, хә-чуанк еиҭашьақәдыргылеит, даҽа ҧшьба аархәар акәхеит.
"Иахьа арҧхаразы уадаҩра ҳамаӡам. Иҧхарроуп, ицәаакыраӡам, зегьы ишақәнагоу аус руеит", - иҳәеит Е. Ҳаҭхәа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадаҿы ирыҧсахит адашьма ахәҭак, аҩналараҭаҿы идыргылеит атурникети афымцасаҧаҭқәеи – ахәшәтәырҭаҿы аушьҭратә режим аус ауеит. Е. Ҳаҭхәа ауааҧсыра рахь аҳәара ҟаиҵоит иалагалоу аҿыцрақәа еилыркаарц, ачымазцәа асааҭ 13:00 - 15:00 рзы ирҭааларц шрылшогьы ргәалаиршәеит.
Зыхә ҳараку амыругақәа, акомпиутертә томографи агемодиализ аппаратқәеи рзы иаахәан афымца еиҧҟьарада иоузышьҭуа ахархәагақәа.