Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Архәҭақәа разыҟаҵаразы

Аҧсны атәы­лахьчара Аминистрраҿы еихыршьалеит 2023­ шықәса ианвар азы архәҭақәа разыҟаҵара иазкыз аусмҩаҧ­гатәқәа, – иаана­цҳауеит Аминистрра асаит.

Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко инапхгарала имҩаҧысуаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәт атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаа, атәылахьчаратә усҳәарҭа аусбар­ҭақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа реиҳабацәа, архәҭақәа ркомандирцәа, амедицинатә маҵзура анапхгаҩцәа, ақьалақьқәеи араионқәеи рырратә комиссарцәа.

Ажәахәқәа ҟарҵеит арратә комендант, аҧшыхәра аиҳабы, аҽазыҟаҵаратәи аморал-психоло­гиатәи зыҟа­ҵара аусбарҭа аиҳабы, Аҧсны арратә комиссар.

Иара убас ирзыӡырҩын арратә, аҽеизгаратә зыҟаҵара аусмҩаҧ­гатәқәа рынагӡаразы, иқәыргылоу ауснаг­ӡатәқәа ралыршаразы архәҭақәа ркомандирцәа ражәахәқәа.

Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабы ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧыргаз аусуразы. Уи азкын атәылахьчара арӷәӷәареи архәҭақәа разыҟаҵара аиӷьтәреи. Аихшьалақәа ҟаҵауа, уи иҟаз рыхшыҩ азишьҭит арратә, аморал-ԥсихологиатә зыҟаҵара аусмҩаҧ­гатәқәа хаҭабзиарала ишынагӡаз.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me