Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Алҵшәа бзиақәа ирзыҧшуп

2022 шықәсазы Аҧсны Апенсиатә фонд ала апенсиақәеи, ацхыраагӡақәеи, иҵегьы аҧарашәа­рақәеи рзы иоушьҭын 1 миллиардки 276 миллиони 933, 5 нызқь мааҭ. Ари 2021 шықәсазы аасҭа 76 миллиони 513 5 нызқь мааҭ рыла еиҳауп, иҳәеит Аҧсныпресс аҟны Апенсиатә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.

«2022 шықәса аҩнуҵҟала Апенсиатә фонд ахь инеит 1 миллиардки 200 миллиони 54, 5 нызқь мааҭ аҧгаҧсатә хәҭалагалақәа. Ари иҳаҩсыз ашықәс аасҭа 161 миллиони 556, 2 нызқь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи алагалақәа идыртәеит 160 миллион мааҭ. 2022 шықәса декабр азтәи адырраҭарақәа рыла, апенсиақәеи ацхыраагӡақәеи роуеит 49 528-ҩык, ари 2021 шықәсазы аасҭа 1 011-ҩык рыла еиҳауп», – иҳәеит Гәылариа.

2022 шықәсазы апенсиақәа ирыцҵаны иршәауа иартәеит 307 миллиони 682, 9 нызқь мааҭ, ари иҳаҩсыз ашықәс иадкыланы 990 миллиони 670 нызқь рыла еиҳауп.

Афонд анапхгаҩы излеиҳәаз ала, инацҵаны аҧарашәарақәа зыдҳәалоу убри ауп, 2021 шықәса октиабр азы 10 категориак рпенсиақәа инацҵаны рызшәара арбан.

2021 шықәса алагамҭазы аҧара­шәарақәа рганахьала аиҵахарақәа мызкы еиҳан, 2021 шықәса ахь ииасыз ауалқәа реицҵалыҵ иартәеит 97 миллиони 50, 1  нызқь мааҭ. 2022 шықәса алагамҭазы аиҵахарақәа идыртәоз мызкы акәын», – иазгәеиҭеит Гәылариа.

Апенсиатә фонд аҟны алҵшәа­бзиақәа ирзыҧшуп 2023 шықәсазы.

Ҳазну ашықәс азы Апенсиатә фонд аҟны алҵшәа бзиақәа ирзыҧшуп.

Ҳазну ашықәс азы афонд абиуџьет иартәоит 1 миллирдки 480 миллиони 308, 3 нызқь мааҭ. Ари иҳаҩсыз ашықәс иадкыланы 174 миллиони 292 1 нызқь мааҭ рыла еиҳауп.

«Ианвар 24 азы ианвартәи апенсиақәа, ацхыраагӡақәа уҳәа ҧарала еиқәыршәан. Уи иартәоит 104 миллиони 356, 9 нызқь мааҭ», – еихишьалеит Гәылариа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me