Аҧхьаӡа иргыланы аиқәшәара зызкыз ахатәы бызшәа – аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхарери арҿиареи роуп. Аҧсуа бызшәа аҭагылазаашьа азы ргәаанагарақәа рҳәеит, иҟаҵатәугьы иаҩымсит: Алеқсандр Чамагәуа, Владимир Занҭариа, Алина Ачба, Шамиль Аӡынба, Гәырам Гәымба, Иури Кәыҵниа, Геннади Аламиа, Енвер Шулумба, Виачеслав Сақаниа, Ҭенгиз Габуниа, Лили Ҳагба, Едуард Квираиа, Вахтанг Аҧҳазоу, Валентина Габниа, Ҳаири Қәҭарба, Дмитри Габалиа, Леуард Мхонџьиа уҳәа егьырҭгьы.
Аилацәажәара цәаҳәа ҟаҧшьны иагәылсуан «Аҳәынҭқарратә бызшәазы» Азакәан шаҧҵоугьы, аҧсшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны ишыҧхьаӡоугьы, уи ахархәареи аларҵәареи рхаҵгылара аганахьала ахьысҳарақәа шыҟоу, ус ианца аҭагылазаашьа еиҳагьы ишуадаҩхо.
Ажәлар, амилаҭ ҧсыс ирхоу, рҧеиҧш змадоу рхатәы бызшәа ауп. Ахеиқәырхара анрылымша етноск аҳасабала ибжьаӡуеит. Абри иахьынӡахәҭоу агәцаракра амамкәа аҭагылазаашьа шьақәгылар, ҳәарада, ашәарҭара ду иҭагылоит. Ҳажәлар шәышықәсала иззықәҧоз, рҵеицәа рыҧсадгьыл ахьчара рхы зақәырҵоз, ари адунеи аҟны аҧсуа иаҭәашьоу иҭыҧ аиқәырхаразоуп. Аҳәынҭқарра амазаара хықәкыс иамоугьы ҳажәлар рхеиқәырхараҿы уасхыр ҕәҕәаны ишыҟоу ашьақәырҕәҕәаразы ауп. Ҳәара аҭахума, аҧхьаӡа иргыланы иҭҵааны ишьақәыргылатәуп ауаажәларраҿы ахатәы бызшәа иааннакыло аҭыҧ, насгьы уи ахархәара зыҧсыҽхо, ҧынгылақәас ицәырҵуа, урҭ ӡбышьас ирымоу амҩақәа. Зегьы еицырдыруеит ажәеицааира «Абызшәа аныҟам, ажәларгьы ыҟам». Ари гәҽанҵагоуп, даараӡа узызхәыцша, ишәа-иза узызнеиша акоуп. Избан акәзар иуеилнаркаауа рацәоуп.
Аиқәшәараҿы иаахтны ирҳәон ахатәы бызшәа ашәарҭара ишҭагылоу, уи инамаданы ҳажәлар рҧеиҧшгьы ашәарҭара ишҭанаргыло. Аҭагылазаашьа арҽеиразы, хымҧада, араҟа амчқәа зегьы еилаҵатәуп.
В. Баалоу