Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит ифундаменталтәу  аҭҵаарадырратә усумҭақәа реиԥш, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иаԥҵоу аоригиналтә рҵага шәҟәқәагьы, амала урҭ арҵага шәҟәқәа дара аԥызҵаз авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа шьаҭас ирымазар.

Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышықәса рыла (2020–2022) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа.

Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит жәабранмза 1 инаркны лаҵарамза 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.

 

Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:

1) аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;

2) аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;

3 акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;

4) атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;

5) дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;

6) иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);

7) иқәыргылахо аусумҭа арецензиа ацзар бзиоуп;

8) аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.

 

Ицәырҵуа азҵаарақәа реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла:

+7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13.

 

Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху

Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me