Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҵан аҿырпы шымҵадырсуа»

Абас ахьӡиҵеит аскульптор Архип Лабахәуа ҿыц иааиртыз аскульптура аӡыршә. Уи ықәыргылоуп Аҟәа, Леон имҩаду аҟны Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аҿаҧхьа. Аскульптура аартрахь иааиз рҿаҧхьа дықәгыло, Архип Лабахәуа иазгәеиҭеит, ари аидеиа иара иҵазҳәаз амузеи анапхгаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Беслан Бараҭелиеи шракәу. «Ари аирыӡ аҧара ҿырпқәа зҭышәшәо, сара избеит амузеиаҿ. Аҧараҿырп – аџьаз иалху антикатәи аамҭа иатәуп. Сара иаҧысҵеит аҵан, алегенда излаҳәо ала, ажәытәан Аҧсны ашьхатәылан инхон  аҵан уаа ҳәа шьоукы, урҭ убри аҟара иуаа ссақәан, аҭырас иқәлан икарҿон», – иҳәеит иара. Абарҭ рхаҿсахьа ауп аскульптор  ихы иаирхәаз иаҧҵамҭаҿы. Уи аус адиулон ҩымз ирҭагӡаны. Иара иажәақәа рыла, ирҿиамҭа аҧҵара изымариахеит. Аирыӡ иҭышәшәо аҧараҿырп еиҩаӡоит иргаразы ҩыџьа аҵануаа.

Араҟа машәыршәа акәым аӡи аҧараҿырпи рхархәара шаиуз. Еснагь ацивилизациа аҟалара амшыни, аӡиасқәеи ирыдҳәалан. Мшынла акәын ҳашҟа аҧара аимдара акультура шҿиоз.

Ари – аскульптура ауаа иранаҳәои? – Сгәанала, Аҧсны иаҭаауа асасцәеи, нас аҧшәмацәеи ирылшоит ианӡышо ӡыхьк инаҿыхәар. Аӡы – аҧсҭазаара иахыҵхырҭоуп. Аҟазара акәзар, зда ҧсыхәа ҳамам, ауаҩытәыҩса дзырхәыцуа, дзыргәырҕьо акоуп.

Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аартуижьҭеи шьҭа ҩышықәсоуп. Ари аӡыршә аартра аҧареи­кәыршара иадҳәалоуп.

Архип Лабахәуа инапкымҭақәа, искульптура хәыҷқәа Аҟәа ақалақь зырҧшӡо, сасгьыҧшәымагьы еицгәарҭахьоу, бзиа еицырбахьоу даҽа скульптуратә композициак рыцлеит. Ақәҿиарақәа изеиҕьаҳшьоит иаҧхьаҟа.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me