Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳамҭақәа зауз – рнапаҿы

Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны». Уи ашьаҭаркҩыс дыҟан Дырмит Гәлиа. Убри инамаданы ари амш Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымш ныҳәаны ишьоуп. Абри амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 2022 шықәсазы ажурналистцәа ирылаҳәаз аконкурс аихшьалақәа рылаҳәара. Аконкурс азкын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу, зыӡбахә зынӡаск ирымҳәац аиба­шьцәа, мамзаргьы аибашьратә хҭысқәа.

Аныҳәатә хәылҧазы аартуа, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ахәылҧаз иалахәыз дрыдныҳәало, иазгәеиҭеит ари арыцхә аҧсуа журна­листцәа зегьы еидызкыло амш шакәу. «Аҧсуа журналистцәа рыжәҩахыр еснагь акзаара амазааит, аҧсуа журналистика аҿиара амш шәагымкәа, ҳажәлар,  ҳҳәынҭқарра рымаҵ аура шәазхианы, еснагь ахәаҧшҩцәа, аҧхьаҩцәа, азыӡырҩцәа аиаша рызнагашьа шәақәшәалааит», – иҳәеит уи.

Аконкурс ателехәаҧшра аноминациаҿы актәи апремиа ланашьахеит ателерадиоеилахәыра ажурналист Аруна Чагәаа-ҧҳа. «Гәазыҳәарас ирымоузеи ҳветеранцәа?» захьӡыз лдырраҭараҿы ажурналист илыллыршеит шамахамзар ателехәаҧшраҿы реибашьратә мҩа изнысыз алацәажәара зҭахым ҳветеранцәа рыгәҭыхақәа раарҧшра.

Аконкурс аҟны аҩбатәи аҭыҧ даҧсахеит ателехәаҧшра «Абаза» ажурналист Анастасиа Никонова. «Ахаҳә аҿы ахаҿсахьа» захьӡыз ателерепортаж изкын аибашьҩы қәыҧш Рауф Џьыкырба. Иара убасгьы ателехәаҧшра аноминациаҿы «Кавказаа ҳрыцар» захьӡыз ателеочерк азы ахҧатәи аҭыҧ ланашьан Аҧсуа телехәаҧшра атематикатә дырраҭарақәа рыҟәша аиҳабы Асҭанда Қьецба.

Апублицистика аноминациаҿы актәи аҭыҧ ианашьан Витали Шариа.  Аҩбатәи аҭыҧ – Елеонора Кәаҕәаниа-ҧҳа. Иара убасгьы апублицистикатә конкурс аҟны ахҧатәи апремиа ианашьахеит Алхас Чхамалиа. Уи иусумҭа азкын аибашьра раҧхьатәи амшқәа.

Аконкурс аихшьалақәа рымш аҽны иҷыдоу адипломқәа ранашьан Лана Аҧшьлаа-ҧҳаи, Гәыгәыца Џьыкыр-ҧҳаи. Аинтернеттә кьыҧхьымҭақәеи арадиои рноминациаҿы актәи аҭыҧ даҧсахеит аинформациатә маҵзура «Спутник» ажурналист Сариа Кәарцхьиа-ҧҳа. Аҩбатәи аҭыҧ ланашьан Аҧсуа радио ажурналист Елана Лашәриа.

Агазеҭ «Аҧсны» аҟны 50 шықәса инареиҳаны аус зухьоу, иахьагьы зус назыгӡо Валери Амаршьан ианашьан аҳаҭыртә шәҟәы.

Традициак аҳасабала Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнаго ажурналистцәа реиҧы­лараҿы иӡырган уажәшьҭарнахыс аидгыла иалоу зегьы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа анымҩаҧысуа рхы алархәраан иршәырҵаша иҷыдоу амаҭәа.

Ажурналистцәа Реидгыла анапхгара ракәзар, аиҧылараҿы иазгәарҭеит ари аконкурс ҳазну ашықәс азгьы ишацҵахо. Агәаанагара рымоуп уи зхы алазырхәыр зҭаху ҳжурналистцәа иҵегьы ирацәаҩхап ҳәа.


 Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me