Убас, арҭ амшқәа рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аинрал-маиор Роберт Киут ари аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ишҟа инаԥхьаны, аминистрра ашьақәгылазаашьеи, аусзуҩцәа рҭакԥхықәра анагӡашьеи уҳәа лабҿаба иалархәны, аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит заԥхьаҟа амилициа аусзуҩ изанааҭ шьҭызхырц агәаҳәара змоу, Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭантәи ашколхәыҷқәа Костиеи Серафими.
Агәабзиарахьчара аминистрра аусзуҩцәа ракәзар, ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду изырҩыз асалам шәҟәқәа инарықәыршәаны аҳамҭақәа рызнархиеит, 12 ш. зхыҵуа Аҟәа инхо Данил Дараселиа дназлоу 11-ҩык ахәыҷқәа. Ас еиԥш аусмҩаԥгатә ахәыҷқәа рзеиԥш, аиҳабацәа рзгьы акырӡа аҵанакуеит ҳәарада. Аҳамҭа зауа диеиҵамкәан игәахәарахоит иҟазҵаз ихаҭа изгьы.
«Абзиара уны аӡы иаҭ» ҳәа баша ражәа иаламызт ҳажәлар. Ақьиара ауп иеиқәзырхо ҳдунеи.
Шәацәымаашьалан, иаашәырԥшла аҳалалреи ақьиареи!
Ҽааныбзиала шәнеилааит!