Ашықәс Ҿыц азы ҳҿар ргәазыҳәарақәа

Аинар Акаба

Ашықәс ҿыц иаҳзааигәоу ныҳәоуп. Ҳгәы зырԥхо, ҳзырлахҿыхуа акы акәны иҟоуп, ҳәарада уи угәалаҟазаара шьҭнамхыр ауам. Ари ныҳәа бзиоуп, ныҳәа ԥшӡоуп, уҭаацәеи уҩызцәеи уареи еидызкыло ауп.

Хаҭала сара Ашықәс ҿыц саԥылоит ҭаацәашәала. Анаҩс 12 рышьҭахь сҩызцәеи сареи ҳаиқәшәоит, ҳаицны ақалақь ахь ҳцоит, ҳаидтәалоит. Абасала, ҳгәырӷьо, ҳахәмаруа ҳаицаԥылоит Ашықәс ҿыц.

Иахьатәи аамҭазы акырӡа аларҵәара амоуп «Имаӡоу санта» ҳәа изышьҭоу Ашықәс ҿыц аламҭалазы имҩаԥырго ахәмарра. Иара аиашазы даараӡа аинтерес ацны иҟоуп, избанзар угәгьы архыҭхыҭуеит. Иара ахәмарра аиҿартәышьа акырӡа уазҿлымҳахартә иҟоуп.

Ахәмарразы гәыԥҩык ауаа рҽеидыркылоит. Аҵара сыцызҵо скурсааи сареи абар шьҭа ԥшьышықәсоуп  ҳахәмаруеижьҭеи. Скурс аҟны аҵара зҵо зегьы аҵәҭаԥсара мҩаԥаҳгоит. Абӷьыц хәыҷқәа рҿы ҳахьӡқәа анҵаны ирҽны еилаҳаԥсоит. Анаҩс аӡәы днеины иалихуеит бӷьыцк, убри иқәшәо ауаҩы изы изирхиароуп аҳамҭа. Абасала зегьы ишьҭырхуеит абӷьыц хәыҷқәа. Издыруада, аӡәы иара ихьӡ иқәшәазар, уи ибӷьыц ҿыцны аҭыԥ ахь иқәиҵоит, нас ҿыцны иалихуеит.

Ари ахәмарра «Имаӡоу санта» шьақәгылашьала даараӡа иҵаулоуп. Сгәы иаанагоит, ААУ аҟны ихәмаруа акурсқәа, даараӡа ирацәоуп ҳәа. Иара уадзыԥхьалаша акы акәны иҟоу, ашықәсҿыцтәи агәалаҟазаара ахьацу ауп.

Ирен Смырԥҳа

Сара сгәы иҭоуп Ашықәс ҿыц сыҩны саԥыларц – Приморск, сҭаацәа рыгәҭаны. Анаҩс, асааҭ 12 рышьҭахь сашьеи сҩызцәеи ҳаицны Афон Ҿыцҟа ҳцоит.

Анаҩс ҳшеицу ҳҩызак иҩнахьы ҳамҩахыҵуеит, мамзаргьы сыҩнаҭахьы. Ҳаидтәалоит, еиуеиԥшым алафқәа еибаҳҳәоит, насгьы ҳалацәажәоит иҳаҩсыз ашықәс иаҳзаанагаз ацәаныррақәа, иара убасгьы иааиуа ашықәс азы агәаҳәарақәа иҳамоу. Абасала, ессышықәса ҳаицаԥылоит Ашықәс ҿыц.

Иааиуа Ашықәс ҿыц аныҳәа раԥхьаӡа иргыланы иацыз агәабзиара. Избанзар агәабзиара еиҳау акагьы зыҟалом, анаҩс агәырӷьара.

Ԥшӡала ныҳәаԥхьыӡла ҳаԥылалааит Ашықәс ҿыц!

Мадина Амҷԥҳа

Ашықәс ҿыц хаҭала  аныҳәақәа зегь реиҳа ирылыскаауа ныҳәоуп ҳәа сҳәар сылшоит, избан акәзар схәыҷы аахижьҭеи Ашықәс ҿыц бзиа избоит.

Ҳаныхәыҷыз ҳҭаацәа иҳарҳәон Аҵаа Бабаду даауеит ҳәа, уи нашанак ҳазцәырнагон. Ианҳазҳа акәзаргьы, иааиуа ашықәс азы ҳамч-ҳалша еизганы, насгьы ҳхы агәраганы, ҳагәҭакқәак ӡбаны, Ашықәс ҿыц азы ԥхьаҟа иҟаҳҵаша шьақәҳаргылоит. Ашықәс ҿыц иагәылаку ацәаныррақәа зеиԥшрахо ҳаздыруам, аха зегь рыла иҿыцуп. Убри аҟнытә, Ашықәс ҿыц илахҿыху ныҳәоуп, избанзар агәалаҟазаара бзиа ацуп, иара убасгьы иацуп ашәаҳәара, акәашара, агәырӷьара. Аԥсаҵла архиара аиашазы саныхәыҷыз бзиа избон, уажәгьы бзиа избоит. Ахәмаргақәа  хкы рацәала ианҩычоу даараӡа идырԥшӡоит аҩны, иагәылыҷҷаауа иҟалоит.  Насгьы иара азааигәара аҭаацәа анеидтәалоу, ианеицәажәо, Ашықәс ҿыцтәи агәалаҟазаара анрымоу – уи даараӡа акраҵанакуеит. Убарҭқәа зегьы рзы даараӡа бзиа избоит Ашықәс ҿыц.

Традициас ҳара ҳҭаацәараҟны убас иҟоуп: Ашықәс ҿыц ҳанҭало аламҭалазы асааҭ   12 ҟалаанӡа маҷк шагу ҳара аишәа ҳархиоит, анаҩс зегьы ҳҽааидкыланы ҳаидтәалоит ҭаацәашәала. Ҳныҳәа-ныԥхьа асааҭ   12 инахысуеит, ҳанҭалоит Ашықәс ҿыц  Ҽаанбзиала ҳәа.

Хаҭала иацысҵарц исҭаху, иааиуа 2024-тәи ашықәс ҩнаҭацыԥхьаӡа инанагааит агәырӷьара, алахҿыхра, ацәгьа ҟамло, ҳажәҩан лашаз, абзиа зуа рзыҳәан ашәқәа аартыз. Сҩызцәа, сықәлацәа, сеиҳабацәа рыгәҭакқәа наӡааит, илашо рхәыцрақәа аԥсҭазаара иалаҵәааит.

Ишәҭыкакаҷлааит ҳ-Аԥсынтәыла! Ҳара аҿар иаҳуалуп еснагь ҳаԥсадгьыл ахь абзиабара аихаҳара, ҳбызшәа амырӡра.

Ҽаанбзиала!

Алиса Қәычбериаԥҳа

Ашықәс ҿыц аныҳәа даараӡа бзиа избоит, избанзар анашана ацуп рҳәоит. Иара угәалаҟазаара даара ишьҭнахуеит.

Уҭаацәеи уареи уанеидтәалоу, аԥсаҵла уҩнаҭаҿы иԥшӡаӡа иангылоу. Арҭ зегьы агәахәара ҳаракы урымҭарц залшом.

Шәадныҳәалаз иааиуа Ашықәс ҿыц!. Гәырӷьарыла ҳаицаԥылалааит. 2024-тәи ашықәс иреиӷьу шықәсоуп ҳәа азырҳәо иҟалааит!

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me