Марттәи ажәылара

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иацын хыԥхьаӡара рацәала Аԥсадгьыл ахақәиҭтәразы ажәыларақәа.

Ҳәарас иаҭахузеи, урҭ зегьы иааирала, қәҿиарала изхыркәшахомызт, лымкаала март 15-16 рзтәи ажәылара даара илахьеиқәҵагахеит аҵыхәтәа, аха Ажәлар ргәы кармыжьит, аӷа иҿаԥхьа ршьамхы адмырсит. Иҭахеит 222-ҩык аибашьцәа, иҟоуп хабарда ибжьаӡыз, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.

Есышықәса аиԥш, сынтәагьы урҭ ргәаладыршәарц азы аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь инеиуеит аветеранцәа, абаҟақәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарцоит, рылаԥш иҵрыжьуеит изнысыз аибашьра мҩа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me