Анаҩс ирыдигалеит 2025 шықәсазы инарыгӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан. Уи еиднакыло хаз-хазы ирыхцәажәаны егьрыдыркылеит.
ААР уаанӡа еиҿнакаахьаз акомиссиақәа реилазаара аиҭакрақәа аларгалеит. Алитераторцәа ҿарацәеи алитературатә кружокқәеи аус рыдуларазы акомиссиа анапхгаҩыс далхуп Н. Џьынџьал.
Иазыӡбоуп зыԥсҭазаара иалҵхьоу ашәҟәыҩҩцәа рҭынхеи архив азы афотосахьақәеи реизгара иазку акомиссиа аусура арӷәӷәара.
Аҳасабрбала иқәгылеит иара убас ААР Алитфонд аиҳабы Гә. Кәыҵниа, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гә. Сақаниа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра аиубилеи аҳаҭыр азы аҭыжьра иазырхиахоит аибашьра иазку аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа реизга. Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылақәеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирыбжьоу аимадареи аусеицуреи ирыбзоураны ашәҟәҭыжьра аплан иалаҵоуп аԥсшәахь еиҭагоу ҳаамҭазтәи аурыс поетцәа ражәеинраалақәа реизга аҭыжьра. Уаанӡа аурысшәахь еиҭаганы Москва иҭрыжьхьан аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа реизга «Сухумская крепость».
Ишдыру еиԥш, иҳаҩсыз ашықәс аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра ҳтәылаҿы инарҭбааны иазгәаҭан. Уи иазкыз аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирылагӡаны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ажәалагала нанашьҭхьан Гәылрыԥшь араион Ахадара ашҟа, Бабышьра ақыҭан Уарчатәи аҩбатәи амҩа Д. И. Гәлиа ихьӡ ахҵаразы. Уи шьаҭас иҟаҵаны 2025 ш. февраль 14 рзы араионтә Еизара аӡбамҭа аднакылеит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ари гәахәарала ирыдыркылеит, избанзар Дырмит Гәлиа дахьиз Уарча ақыҭан иахьа уажәраанӡа ихьӡ зху амҩа ыҟамызт.
Хара имгакәа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла еиҿнакаараны иҟоу иреиуоуп: март 21 рзы апоезиа Адунеизегьтәи Амш азгәаҭара, иара убас Аԥсны алитераторцәа ҿарацәа аҩбатәи рсеминар амҩаԥгара.
Уаанӡеиԥш, сынтәа Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара азҿлымҳара бзиа амазаауеит. Иазгәаҭоуп: аиубилеиқәа, алитературатә еиԥыларақәа, апоезиа ахәылԥазқәа, астол гьежьқәа, ашәҟәқәа рӡыргарақәа, асеминарқәа уҳәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.
В. Ажәанба