Есышықәса, ииуль раԥхьатәи асабшаҽны Аԥсны иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь Амш. Ари аӡбамҭа рыдыркылеит 2016 шықәса ианвар 28 азы.
Шǝышықǝсабжаĸ аԥхьа, 1975 шықǝса ԥхынгǝымза ԥшьба рзы, адунеи иадырит зеиԥшыҟам аԥсабаратǝ цǝырҵра – Аԥсны аҵаҿы иҵǝахыз Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы.
Рашәарамза 16, 1925 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы диит еицырдыруа аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат Михаил Михаил-иԥа Гәынба.
Аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ Анатоли Аџьынџьал диижьҭеи 95 шықәса ҵит. Анатоли Ҭархәына-иԥа Аџьынџьал диит 1930 ш. ииун 6 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Аԥсны ашколқәа 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аныҳәа «Алые паруса» алахәхаразы Санкт-Петербургҟа амҩа иқәлеит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.
Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа» рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Алахҿыхцәеи аиҿамсцәеи Рклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылараҿы акоманда «Четыре татарина», иара убас Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда (МАИ) ираԥысны аиааира ргеит.