«Сҭоурых ажәытәӡа иалоуп»

«Зҭоурых зхашҭыз аԥеиԥш имам» аҳәоит ҳажәлар рыхшыҩҵак хьыршәыгәқәа руак. Уи аҵабыргра аԥсҭазаара ахаҭа ишьақәнарӷәӷәахьеит изныкымкәа.

Азқьышықәсақәа иргәылоу ҳажәлар рҭоурых аҭҵаара иауасхырхеит,аԥсуаа аҵара-лашара рыларҵәаҩ ԥхьагылацәа ируаӡәкыз ибзоураны, шәышықәса раԥхьа иҭыҵыз «Аԥсны аҭоурых». Аха, уи иаразнакы ажәлар ирԥыхьашәартә изыҟамлеит, «ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом» ҳәа шырҳәо еиԥш, араҟа ҳазааҭгылоит уи акәша-мыкәшатәи аибырххарақәа рыӡбахә. Уи ада инагӡаны изхарҭәаахом ҳҭоурых ахаҭа.
Дырмит Гәлиа ишдыру еиԥш, зуасхыр шьҭеиҵаз аԥсуа сахьаркыратә литература мацара акәым, уи дрышьаҭаркҩуп амилаҭтә доуҳа амахәҭа хадақәа зегьы. Иара убасгьы, еицырдыруа аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа ишазгәеиҭаз еиԥш, уи раԥхьаӡатәи аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩуп. Дырмит Есыф-иԥа асахьаркыратә ҩымҭақәа раԥҵареи, Аԥсны аҭоурых аҭҵаареи деицрылагеит ҳәа агәаанагара зырҵабыргуа аҿырԥштәқәа маҷӡам.
Усҟан XIX ашә. ахыркәшамҭазы, аԥсуаа рҭоурых аҭҵаара аус даараӡа ихьысҳан: Аԥсны иазкыз аҩыратә хыҵхырҭақәа еидкыламызт, амилаҭтә занааҭуаа еиҵамгылацызт, иҵару азҵаарақәа шьҭызхуа, аҿыгҳара змоу аусумҭақәа аԥҵамызт… ус акыр. Убарҭқәа зегь рҟнытә, Дырмит Гәлиа нап зиркыз аус аҭоурых аҩра, дызныз аамҭазы даара игәаӷьыуацәаз шьаҿан. Аха, ХХ ашә. актәи аԥшьбарак ахыркәшамҭазы, ҩ-жәашықәсак инарыцны аџьабаа здибалоз, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа иааркны ажәабатәи ашәышықәсанӡа иаҵанакуа «Аԥсны аҭоурых» иҩҩны иҭижьит. Уи зҵакы акырӡа иҵаулоу, автор аамҭа рацәа зқәырӡны ииԥшааз, Аԥсны аҭоурых иазкыз акыр зҵазкуа адыррақәеи,ахыҵхырҭақәеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, урҭ зегьы ахҳәаақәеи азгәаҭақәеи рыцҵаны иаԥҵаз иуникалтәу усумҭоуп. Аҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Амҷба ишазгәеиҭаз еиԥш, «Аԥсны аҭоурых» иалоу абызшәеиҿырԥшратә материал, ажәытәтәи ахыҵхырҭақәа иргәылху аԥсуаа рыӡбахә, аҭоурыхтә географиа, амифологиа, аетнографиа уҳәа рызҵаарақәа рҿырԥшуп, анаукатә литератураҿы усҟан ирҳәахьаз агәаанагарақәа. Д.Гәлиа ибзианы идыруан ажәытәтәи аҭоурых аҭҵааразы абызшәа иамоу аҵакы. « Абызшәа зегь раԥхьа игылоуп, уи зегьы аҵанакуеит» , – ҳәа ԥсра зқәым иажәақәа ари аџьабаа аҟынгьы хра шрылоу ааԥшуеит.Ҳазҿу аусумҭа аҟны дахцәажәоит аԥсуа бызшәа шьҭрала иззааигәоу, иамоу аҩыра аҭоурых, еилиргоит Кавказтәи абызшәа ирызку аусумҭақәа, иҽанишәоит аԥсуааи Африкатәи ажәлар гәыԥқәеи рлингвисттә еизыҟазаашьақәа рыҭҵаара.
«Аԥсны аҭоурых» аҟны зҵаара хаданы ишьҭыхуп аԥсуа жәлар ретногенез – иахьынтәааз, рабшьҭра. Ари азҵаара аҭҵаареи аӡбареи рзы ӷәӷәала ихы иаирхәеит аҩыратә хыҵхырҭақәа, аетнографиеи афольклори рматериал рацәа, атопонимика, ажәлар рынхамҩатә традициақәа».

Автор игәаанагара иақәшаҳаҭымгьы дыхнахуеит, иҭиҵаауа азҵаарақәа инагӡаны, аламала узрывамло ишьаҭарку аҿырԥштәқәа рыла иахьышьақәирӷәӷәо. Убасгьы, ауаҩы игәы иамыхәарц залшом ашәҟәы злаатуа, автор ихы иаирхәаз акыр абызшәақәа рыла иҩу, зхыԥхьаӡара ԥшьынҩажәа инареиҳау ахы­ҵхырҭақәа рсианҵа. Ашәҟәы аҭыҵра гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит усҟантәи аԥсуа рккаҩцәа, ахәшьара ҳаракы иаԥсахеит аҵарауаа рҟынтәи. Иаҳҳәозар: «…Бесспорный факт, что до сегодняшнего дня никто в таком масштабе, как Гулиа, не интересовался одновременно прошлыми судьбами и настоящим бытом Абхазии, ни один ученый, ни в Европе, ни на Кавказе… не удосуживался и не скора удосужится для составления работы, по глубине искреннего интереса , подобна той, которая уже готова у Д.И.Гулиа», ҳәа иҩҩуан аԥсуа жәлар рҵарадырра аизырҳаразы зылшамҭақәа маҷым Н. Марр.
Дырмит Гәлиа ари аус анаҩсгьы мҽхакы ҭбаала ацҵара игәы иҭан, аха ианакәызаалак аԥсуа жәлар рыхәаҽра иашьҭаз амч еиқәаҵәақәа илдмыршеит уи. Аамҭа рацәак ах­мырҵкәа ақәыӡбарақәа ирылагеит, иааныркылеит аларҵәара, ирымхын иаарласны абиблиотекақәа рахь инанагахьаз реиԥш, аӡәы-ҩыџьа знапаҟны изоухьазгьы. (Анаҩс, уи хаҭәааны аԥхьаҩ иоуратә ианалыршаха 1986 ш. рзы ауп, Д. Гәлиа иҩымҭақәа реизга 6-тәи атом иахәҭакны). Аԥсни уи зыхәҭакыз Қарҭтәылеи рнапхгараҭарақәа рахьтә автор идыргало иалагеит ишәҟәы иаҿагыло аусумҭа аԥиҵарц, даҽакала иаҳҳәозар, уаҟа ишьақәирӷәӷәо агәаанагарақәеи алкаақәеи ԥзырго аусумҭа иҩырц. Уи аҭагылазаашьа игәаларшәо, жәлар рпоет иԥа, еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа «Саб изку аповест» аҟны иҩҩуеит: «Созрел коварный план: предложить Гулиа самому раскритиковать свою книгу, отказаться от нее, заявить, что нет такого народа как абхазский!
Отец, разумеется, немедленно отверг это предложение, сделанное сначала в осторожной форме, через третьих лиц. Со временем, «просьбы» эти стали более настойчивыми, ему давали понять, что в таком выступлении заинтересованы «большие люди». Гулиа не сдавался. Тогда был пущен вход шантаж, о котором даже и вспоминать омерзительно».
1951 ш. рзы, Аԥсны аҵеицәақәак дара идмырдырӡакәа рнапала еиҿкаан аус «еиҵаҟәаҟәа». Ақырҭуа, аурыс, аԥсуа бызшәақәа рыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ арбаны иҭыжьын « О моей книге «История Абхазии» ҳәа хьӡыс изауыз, ҿыгҳарала рацәак иҟамыз «аԥсуаа ҭоурыхс ирымоу ақырҭқәа рҭоурых ауп, ҩ-жәашықәсеи бжаки раԥхьа иҭыжьыз сышәҟәы аҟны иҳәоу гәынхәҵысҭалатәи гәаанагарақәоуп…» зҳәоз ашәҟәы. Ҳәарада, уи ааха ӷәӷәа инаҭеит, иара усгьы згәабзиара уашәшәырахахьаз Дырмит Гәлиа. Илшара акыр ишкәадахахьазгьы, иҿи-инапи еиқәҵаны, ҿымҭ тәашьа имамызт. Ари аҭыжьымҭа мцла ишеибарку шьақәирӷәӷәарц изныкымкәа (20.08.01953ш.; 2.06.1955ш.) ашәҟәқәа иҩҩхьан Аԥсуаҭҵаарадырра аинститут анапхгара рыхьӡала, аха урҭ анашьҭымҭақәа «аԥсҭазаара амаа зкыз» шырхамҵгылоз еиԥш, рыӡбахәгьы зынӡа ажәлар ирыздыруамызт иаҳхысыз ашәышықәса ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭанӡа.

Ари ашәҟәы аҭыҵра шыҟала­ҵәҟьаз еилкаахеит жәашықәсақәак рнаҩс. ХХ ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рылагаламҭазгьы , 30-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа аахыс, ахьанҭара иаҵаз аԥсуа жәлар рҭагылазаашьа есааирагьы иҵархон акәымзар, аҭышәнтәалара амамызт, уи иацәыхаран акыр. Амилаҭтә доуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ, акыр иқәрахь дышнеихьазгьы, «жәлар раӷацәа» ҳәа иԥхьаӡаз рсиа аԥхьа ианқәаз дыруаӡәкын, ишәарҭан аиашазы уи даараӡа, ихаҭа изы мацара акәымкәа, ҳажәлар зегь рызгьы.
Еицырдыруа аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Вл. А. Бигәаа иусумҭа « «Об истории одной фальсификации» аҟны ҳаԥхьоит: «Молодой Ш.Д. Инал-ипа, движимый благими целями (ради спасения патриарха), написал текст «О моей книге «История Абхазии», но текст был отредактирован, кандидатом философских наук М.К.Делба, который в 1945-1953гг. был председателем Совета Министров Абхазской АССР, а оригинал, предоставленный Шалвой Денисовичем М.К. Делба по его настоятельной просьбе, исчез». Араҟа иҳәоу ахшыҩҵак дырҵабыргуеит, иаҳхысыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, ажурналист Руслан Ҳашыг ианиҵаз, аԥсуаҭҵаараҿы зылшамҭа шьардаӡоу Шьалуа Инал-иԥа иҿцәажәареи (аж. «Алашара» 2011ш. № 6, ад. 181-182), акыр аамҭақәа рнаҩс, Михаил Делба ихаҭа уи ахҭыс дшахцәажәаз ҳәа Гьаргь Гәлиа ишәҟәы «Саб изку аповест» аҟны иаагоу ацыԥҵәахеи: « Мне пришлось настоять, против желания Д.И.Гулиа, на выпуске брошюры «О моей книге «История Абхазии»… Брошюра была действительно издана от имени Д.И. Гулиа, хотя и была написана не им. К этому необычайному шагу меня вынудила вся обстановка того времени, когда грозовые тучи собирались не только над головою отдельных людей, но и целых народов. Я совсем не был уверен, что одна из таких туч не сгущается над головою нашего народного поэта. Более того: она неумолимо надвигалась. Без учета всего этого мои действия того времени едва ли будут поняты верно».
Араҟа аӡә далкааны ахара идҵара иаԥсамзар акәхап, усҟантәи аамҭа, аҭахрақәа, иаԥнаҵоз аҭагылазаашьақәа ҳрызхәыцны. Насгьы, урҭ –Шьалуа Инал-иԥеи Михаил Делбеи ҳажәлар рдоуҳатә культура арҿиараҿы рлагала азгәаҭаны.
«1925 шықәсазы иҭсыжьит «Аԥсны аҭоурых» актәи атом, агәра гангьы сыҟоуп Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи рзы уаҩы ииҭаххаша аматериалқәа маҷымкәа уи ашәҟәы иагәылоуп» ҳәа, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Дырмит Гәлиа ихаҭа ишиҳәаз еиԥш, ирацәаӡоуп аусумҭаҟны ауаҩы иԥыхьашәо зыда ԥсыхәа ыҟам анҵамҭақәеи, ахыҵхырҭақәеи, иахьагьы акырӡа зҵазкуа агәаанагарақәеи. Убри аҟынтә ауп, ари аҭыжьымҭа аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иауасхыруп ҳәа гәрагарала аҳәара ҳалзыршогьы.
Гәлиа Дырмит ибзиаӡаны идыруан, агәрагьы игахьан Аԥсни аԥсуааи ҳҭоурых ажәытәӡа ишаларсу. Анцәа иумырӡын ҳҭоурых!

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me