Аиааира Ду амшныҳәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра инамаданы Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо еиҿкаан аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Ахырҵәарақәа, аибашьрақәа ишдыру еиҧш, еиҳа ирныруеит ажәлар маҷқәа. Аха хыҧхьаӡарала рмаҷра Ҳазшаз иациҵаз адоуҳа хеиқәырхагак ахь ихьанарҧшуеит урҭ ианакәызаалак.
Аиааира 30 ш. ахыҵра аныҳәеи Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи ирызкны октиабр 2-4 рзы имҩаҧысуан Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рпроблемақәа». Уи еиҿыркааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститути, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилаки.
Абар мышқәак роуп иагу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) шықәса Аиааира 30 шықәса ахыҵра Аҧсны жәлар иазгәарҭарц. Егьа аамҭа царгьы аибашьра ахьаа Аҧсны жәлар ҩнаҭацыҧхьаӡа ирзаанагаз хашҭшьа амам.
Аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса шҵхьоугьы уи иалахәыз, иара зхьысыз аҭаацәарақәа рзы, ҷыдала ихьанҭоу гәалашәароуп.