Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ҳшәымшьын, сшәыҳәоит ҳшәымшьын!»

Абар мышқәак роуп иагу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) шықәса  Аиааира 30 шықәса ахыҵра Аҧсны жәлар иазгәарҭарц. Егьа аамҭа царгьы аибашьра ахьаа Аҧсны жәлар ҩнаҭацыҧхьаӡа ирзаанагаз хашҭшьа амам.

Уи иацыз алаҕырӡ, агәырҩа, даара игәаҕьыуацәоуп алацәажәара. Сара сыззааҭгыларц сҭахуп, аибашьраан Аҟәа иалахан иҟаз  быжьшықәса зхыҵуаз ахәыҷы лҭоурых.

Ҧхынран. Аҧсшьара мшқәа ықәҳа ицон. Уи ахәыҷы Кәтол ақыҭан дынхон. Хәышықәса анылхыҵуаз лҭаацәа лықәра ишаҵанамкуазгьы ашкол ахь дрышьҭит, актәи акласс хыркәшан аҩбатәи ахь даниасуаз  ауп аибашьра ианалагаз. Сасра ҳәа ақалақь аҟынтә  Кәтолҟа инеиз, ахәыҷы ланду лаҳәшьа Маиа Гәаланӡиа-ҧҳаи лхаҵа Сергеи Џьопуеи (иҧсҭазаара далҵхьеит) жәамшҟа ахәыҷы ақалақь лҳарбап, ҳмаҭацәеи лареи ааицыхәмарлап, амшын аҧшаҳәахьы ицап ҳәа ақалақь ахь дааргоит. Мышқәак ааҵуаны еиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагоит…

Ахәыҷы зыҟны дыҟаз лыҷкәын Адамыр Џьопуа (иҧсҭазаара далҵхьеит)  ихәыҷқәа ақыҭарахь Гәдоуҭаҟа игарц аниҭахха, иан Маиа илымуит ахәыҷы лгара. «Уи лзы лҭаацәа рҿы аҭакҧхықәра сыдуп, сара сыда аӡәгьы шәнапы данысҵом»,–ҳәа ралҳәеит. Даара иҕьаҵәыҕьаҵәит, аха дрыцлымҵеит. Амшқәа цон. Ахәыҷы лҭаацәа ҵәыуон, игәырҩон, иҟарҵара рзымдыруа  игәжәажәон, рхәыҷы лыхабар  рыздыруамызт.

Ахәыҷы дахьыҟаз аҩнаҭаҿгьы агәҭынчымра ыҟан, анду лаҳәшьа Маиа дахьхәхьан лмаҭацәа аныргоз дахьрыцлымҵаз. Ақырҭқәа танкла рыҩны аҧхьа ииасуан. Анаҩс ақырҭқәа аҩныҟа анеира иалагеит, ҧсуа хәыҷык дшыҟаз анраҳа. Маиа  ахәыҷы дылҵәахуан. Зны агәылара гыруа быргк  лҟны, зны рҩны аҵаҟа иҩназ аурысцәа рҟны. Маиа лыҧшәма Сергеи  дытҟәаны дыргеит. Автомат ашьхәа дарганы, амшын аҧшаҳәаҿы дганы хәдацәахьы апслымӡ иқәрыҧсеит, дыршьырц азы. Аха иҩыза гыруак дидырт, дрымхны иҧсы ҭоу-иҭаму узымдыруа дааганы аҩны дынижьит. Уи анаҩс, еиҳагьы игәаҕ рыман дахьырзымшьыз, насгьы аӡҕаб хәыҷы дахьиҵәахуаз.

Ҽнак, аӡҕаб илгәалашәоит, илышьҭалан ишааз. Ақырҭуа фашистцәа ахәыҷы дыршьырц ақәыркит, аха анду лаҳәшьа дахьӡеит, аҧенџьыр  ала аурыс ҧҳәас лахь лышьҭра. Дара иазмырхакәа аҩны аҩнахысра иалагеит,  ахәыҷы ҵаҟа дшыҟаз анырдыр, илбаауеит  ауадақәа еимырдарц, аха убри аамҭазы, секундқәак рыла, аурыс ҧҳәыс илыллыршеит згәы ҭҟьаны иҟаз ахәыҷы ашьқаҧ лҭартәара. Ақырҭқәа ахәыҷы илышьҭаз рхахьгьы имааит ашьқаҧ хәыҷӡа быжьшықәса зхыҵуа ахәыҷы дакып ҳәа. Уи аҽны зегь раасҭа еицәаз хҭысын ахәыҷы лзы. Анаҩс ахәыҷы лгәалашәараҿы иаанхеит, аҩнаҭаҿы афатә-ажәтә шынҵәаз. Лара амла дамкырц азы, зыҟны дыҟаз Маиеи Сергеии акрымфаӡакәа ирымаз афатә хәыҷы-хәыҷла илырҭон. Иахьыцәоз аҩнаҵаҟа ахьҭа ҩнан, уахынла аҳәынаҧқәа ныҟәон. Аиҳабацәа мыцәаӡакәа адиала ҧхақәа лықәҵаны, аҳәынаҧ лмыцҳарц ахәыҷы дырҷаҧшьон.

Убри аамҭазы ахәыҷы лҭаацәа ираҳауеит ажәабжь ақалақь иалахан иҟоу аҧсуаа ҩыџьа аҳәса ишалырго. Урҭ Света Савчук-Гьергьиеи Аида  Папаа-Гьергьиеи  ракәын. Ахәыҷы лан Нина Гьергьиа-Сақаниа урҭ дрыҳәоит лыҧҳа хәыҷы лыҧсы ҭазар, аҩныҟа дааргарц. Лара дахьыҟаз аҭыӡҭыҧ ралҳәоит. Уи аҭыӡҭыҧ рыҧшаауеит, аха анду лаҳәшьа  азнаказы рыгәра лымгаӡеит, ахәыҷы дызцысҵо здыруазароуп лҳәеит. Еицәажәо ианалага, рҭаацәарақәа шеибадыруаз агәра анылга, ахәыҷы дрыцылҵоит. Светагьы Аидагьы ирыдыз аҭакҧхықәра рдыруан, убри азы еиҳагьы ргәы иҭаӡыӡон, ахәыҷы акы лмырхькәа, ақырҭқәа дрымпыҵамшәакәа лҭаацәа рахь лнагара иаргәаҟуан.

Ахәыҷы дрыманы уахык Турбаза аҳаблан Аида дахьынхоз иҧхьеит. Анаҩс, Света излаҳзеиҭалҳәаз ала, адырҩаҽны амҩа иқәлеит Кәыдры ацҳа иқәсны ицарцаз. Ацҳаҿы ақырҭуа фашистцәа гылан, иргәамҧхоз дааныркылон, ҧыҭҩык рышьҭуан. Убраҟа ахәыҷы дааныркылеит, дызцыз Светеи Аидеи дәықәырҵарц иалагеит, аха дара ирымуит, ахәыҷы дааныжьны шьаҿак ҟарымҵеит. Света илгәалалыршәоит: «Уи ахәыҷы лыҳәҳәабжьи лҵәыуабжьи, иахьагьы слымҳа иҭыҩуеит. Ҳшәымшьын, сшәыҳәоит ҳшәымшьын!» ҳәа.

Убасҟан ақырҭқәа ирылагылаз чын уаҩык ирыцҳаишьоит, рыхҩыкгьы идҵала иргоит рыштаб ахьыҟаз – Драндаҟа. Ахәыҷы лыхцәы шьқьыруа иҧаны илықәын. Лхы инаркны лшьапаҟынӡа, лыхцәы ҧыртланы дгәарҭеит, џьара маӡак зну шәҟәык  лгозар ҳәа. Света лакәзар, сапын хҵәахак илаҵаны илымаз ақьаад бҕьыц лымхны иахәаҧшуан, кыр аҩныҵҟа иагәылазар ҳәа. Ауха аиашазы акрырҿарҵоит, ишьҭарҵоит уадак аҟны. Адырҩаҽны реиҳабы идҵала дырҩегьых, Кәыдры ацҳахь иааргоит. Света излалҳәаз ала  Тамшь иалсны Кәтолҟа ицәырҵырц рыӡбеит. Ацҳа ишықәсуаз хаҵаки ҧҳәыски уардынла аҽы ҵакны иаауан, гыршәала аҳәҳәара иалагеит. Ахәыҷы диазгоз руаӡәк Аида агыршәа цқьаны еилылкаауан. Уи иларҳәеит аиҿахысра ҕәҕәақәа шцо, ахызаҵәқәа ишыршьуа.

Уи ашьҭахь ихынҳәуеит рышьҭахьҟа, ргәы иҭаркуеит ақыҭа Аҧсуа Аҭарала шьапыла ицарц, ус иагьыҟарҵоит. Аха иахьырцәыхәлаз иахҟьаны аҧсацәа ахьтәази ақырҭқәа ахьтәази абжьаларҭақәа рцәеилагеит. Ҩынтәны ачаирҭақәа ирыкәшеит, амҩа рзымҧшааит. Ус ишыҟаз, ирбоит лашарак ацәаара. Иааҧса-икараха иҟаз ҳаршьуазаргьы ҳаршьааит ҳәа имҩахыҵит. Уаҟа инхоз  ҧсацәан. Света рыжәла лгәалашәом, рыҧҳа медеҳәшьас иҟаз Мраҭашәаратәи афронт аҟны иҭахаз лымшҩынеижәа ыҟан.  (Усҟан анышә дамардеит Гәдоуҭа, аибашьра анеилга, лгәараҭахь лыҧсыбаҩ ааган). Ауха уа иаангылт. Ианааша Ҭоумышьҟа излацоз амҩа ддырбеит.

 Кәтол Чаарқыҭ абнала Ҭоумышьҟа аҽы иақәтәан иааз ахәыҷы лашьа еиҳабы данылба, лгәырҕьара ҳәаак амамызт.  Игәалаиршәоит иара: «Абна ҳалсны ҳанцоз, гыршәала ацәажәара даналага сгәахы еибакит, аха убысҟак илыгын, лнапқәа паӡа, лыблақәа ҭраа, акагь сызламҳәеит…».

Иаҳәшьа хәыҷы диманы ашҭа данааҭала, аҭаацәара ргәырҕьара ҳәаак амамызт, ҿыцны диизшәа иагьҵәыуон, иагьгәырҕьон. Уи анаҩс, ахәыҷы такәы аамҭа уахынла дцәырҳаны дааҧшуан. Агыруа бызшәала даҕьуан, нас урысшәала, нас аҵәыуара далагон, ус такәаамҭа...

Абар уажәшьҭа 30 шықәса ҵит. Уи ахәыҷы дҭыҧҳахеит, аҭаацәара далалахьеит, аха урҭ амшқәа иахьагьы лгәалашәараҿы ахааназ илхамышҭуа иаанханы иҟоуп. Еснагь лыбла ихгыло аибашьра амшқәа роуп.

Астатиа хыркәшо иаасыртуеит маӡак. Уаҟа зыӡбахә ҳәоу ахәыҷы сара соуп, абарҭ ацәаҳәақәа равтор.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me