Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахаҵареи агәаҕьреи раамҭа

(Алгарҭа. Алагарҭа ануп «Аԥсны» № 59-60)

Ауаӷеимшхара мшы

Ҳара иаҳҿагыланы еибашьуан ақырҭуа агрессорцәа рымацара ракәымкәа, Украина, Уна-унсо аҟнытә 500-ҩык инареиҳаны, «Арго» ҳәа хьӡыс измаз абаталион аҟны. 1993 ш. март азы Украинантәи Аҟәа итәеит аџьаҧҳани 700-ҩык аруааи зықәтәаз аҳаирпланқәа 4. Украина Қырҭтәыла ацхырааразы 1500-ҩык раашьҭра агәы иҭан (Ашәҟәы шкәакәа… Ад.162).

Зхыҧхьаӡара маҷу, зымч кәадоу ивагыланы аибашьра аҭыҧан, Нхыҵ-Кавкази Алада Урыстәылеи рҟнытә хатәгәаҧхарала ишыҟарҵаз аиҧш акәымкәа, ҳаҕа идгыланы еибашьуан, дара ргәы излаанагоз ала, Москва иабашьуан. Капеи кылҵәак даҧсам иҧсычу иҿагыланы ақәҧараҿы «зҽалызкааз».       

Шәиҧхьыӡ рымазааит 1992 ш. декабр 14 азы аиҳараӡак аҳәсеи ахәыҷқәеи зықәтәаз аверталиот иеихсны илазышьҭыз, 84-ҩык зҭатәаз. Ҳҭоурых аҿы ари мшы еиқәаҵәоуп. Ари гыгшәыгран. Аверталиот иҭаблыз рыҧсыбаҩқәа Гәдоуҭа иааганы анышә иаҳҭеит, ибзианы исгәалашәоит, ахаангьы исхашҭраны иҟаӡам ари ауаҕеимшхара мшы.


Ажәыларақәа маҷмызт…

Ҳаибашьраан ажәыларақәа маҷымкәа иҟан: ақәҿиара змаз, иҳақәымҿиаз. Абри афакт иҳанаҳәоит аиааирахь амҩа аҧшаара ҳшашьҭаз. Аамҭа аҭахын анхара-анҵыра иаҿыз ауаа арратә леишәа рылааӡара, аибашьра аҟазара дырҵара. Абри аҟынтә, лҵшәак рмоуит Шроматәи ажәылара (1992 ш. ноиабр 3-4), Аҟәа агаразы ианвартәи ажәылара (1993 ш. ианвар 5), иаҳараӡак марттәи ажәылара (1993 ш. март 15-16), даара ацәыӡ дуқәа ахьҳауз. Иҭахаз реиҧш, ирацәаҩын ахәрақәа заузгьы. Аҭагылазаашьақәа убас иҟалеит, иҟоуп аӡы ирыргаз, ирзырымгаз.

Абри инамаданы исгәаласыршәоит иџьеишьаз фактк азы С.Сосналиев исеиҳәаз. Ажәылара аламҭалазы ишҟа инеит абыргцәа гәыҧҩык,  иарҳәеит минала ирыҧхыз адәы аҧхьа дара ықәсырц шырҭахыз, аҷкәынцәа еиқәдырхарц азы. Сосналиев, ҟалашьас иамаз, мап рцәикит, аха рхымҩаҧгашьа даршанхеит.

Исзыҵәахәам, ажәылара алҵшәақәа рзыҧшра еиҳау хьамҭара шыҟам: утәоуп ашьал укәыршаны: арахь ашыӡ ухьызшәа уарыхьҭышьуеит.

Ажәылара аҽны амш бааҧсын, ҳара иаҳҧырхагахарц аҭахын (1992-1993 шықәса абжьааҧнеиҧш акәымкәа, ихьҭан, асоура иатәын), ҳазшаз аиааира ҳаҧсоу-ҳаҧсаму ҧишәошәа.

Ҳхынҳәып аибашьрахь.

Мрагыларатәи афронт аҟны иара убас ажәыларақәа мҩаҧысуан, аха рацәак алҵшәа роуамызт:  Очамчыратәи ажәылара (1992 ш. октиабр 26), Кәачаратәи (1992ш. ноиабр 29-30).

1992 ш. декабр азы Мрагыларатәи афронт арҕәҕәаразы аусмҩаҧгатәқәа ҳадаҳкылт. Сара сыдҵала декабр 8 азы уахь идәықәҵан Атәылахьчара Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа С.Багаҧшьи К.Озгани. Декабр 10 азы Очамчыра-Тҟәарчалтәи ахырхарҭахь Атәылахьчара Аминистрра аштаб Хада ахаҭарнакс дҟаҵан амаиор Х.Бганба, декабр 15  азы акәзар, М.Қьышьмариа – Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩыс, Б.Џьапуа – аштаб аиҳабыс.


Адесант рыӡхыҵра

Ҳиааира аҭоурых аҟны даара акырӡа зҵазкуа аҭыҧ ааныркылоит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ҩ-десантк рыӡхыҵра. Аҟәаҟа аҕа ирхәҭақәа раашьҭра аҧырҟәҟәаареи уа игылаз агәыҧқәа рҭахкаареи рзы 1993 ш. ииуль 2 ауха иӡхыҵит 300-ҩык рҟынӡа злахәыз арра- мшынтә десант. Аҕа рхы имырбакәа, цәыӡ рмоукәа адесант Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи дареи рҽеиҧыршьит. Хыҧхьаӡара рацәала аҕа ирхәҭақәа урҭ ирыжәырҵеит бџьархкыс ирымаз зегьы, аха ҳаибашьцәа убасҟак хамеигӡарала  еибашьуан,аҕа игәы иаанагон, 1500-ҩык зхыҵызшәа.

Тамшьтәи аоперациа акырӡа зҵазкуаз аҵак ҷыда аман Гәымсҭатәи афронт аҟны ажәыларақәа рымҩаҧгаразы, ииашаҵәҟьаны адҵала иарбаз ҩымш рҭыҧан, 8 мшы амҩа ркит, Қырҭтәылантәи аҕа ирезервқәа раашьҭра алдмыршеит, имчқәа рыҧсаҟьеит, Аҟәа ашьҭыхразы ҳжәылара хада акырӡа иахуеит.

Иӡхыҵзи Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи ирблит, иҭадырхеит атанкқәа 5, БМП-қәа 3, аибашьыга верталиотқәа 2, иргеит атанкқәа 3, БМП-1, БТР-қәа 2, иршьит, ирхәит 1.500-ҩык рҟынӡа.

Ажәыларақәа раан Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи адесанти ирыцәҭахеит 58-ҩык, 200-ҩык раҟара ахәрақәа роуит.


Аԥышәара хьамҭа

Аибашьраан ҧышәара хьамҭаны исзыҟан ҳаҷкәынцәа рҭахара атәы. Ажәыларақәа раан агәабзиарахьчара аминистр ҳцәыӡқәа ртәы зҳәоз адырраҭарақәа арбаны аконверт ҷыда сзааишьҭуан. Иахьа уажәраанӡагьы конвертқәак еиқәырханы исымоуп. Шаҟа исцәыуадаҩыз урҭ раартра. Акы, миллионла асолдатцәа еидызкыло ар уреиҳабуп, иуздырӡом урҭ ранацәа, рабацәа, рабдуцәа, рандуцәа. Даҽа усуп, зегьы анеибадыруа, ацәгьа-абзиа анырзеилоу. Арахь еилукаауеит: аӡәы дҭахеит, егьи дхуп, даҽаӡәы – ҕәҕәала. Аибашьра еибашьроуп, рыцҳарас иҟалаз, иузымдыруаз, ма ибзианы иудыруаз есымша рыҧсҭазаара ахҭнырҵон Рыҧсадгьыл. Сара зегьы згәаҵахь иназго уаҩуп, ҳцәыӡқәа хьаа ҕәҕәаны исзыҟалон. Еилыскаауан аҩны аиҭашьақәыргылара шауа, архивқәеи акультуратә баҟақәеи – убасҵәҟьа. Еиҳау иҟоузеи, ауаҩы иҧсҭазаара, иара уи ахаҭа шкьаҿугьы. Аӡәгьы иҭахӡам ари адунеи заа аҧырҵра, иаҳагьы иуадаҩуп абри ақәҧара иахагылоу урҭ аницәыӡуа. Схьаа, сгәырҩа, сыгәҭыха сан илныруан. «Сыҷкәын, аибашьра – хьанҭоуп, ҧсҭбарада ҟалашьа амаӡам. Аӡәы дҭахароуп, егьи деиқәхароуп» – лҳәон лара. Саргьы ус акәын сшазхәыцуаз, аха сан сҭагылазаашьа ахьеилылкаауаз, сгәы ахьлырҕәҕәоз, дахьсыдгылоз еиҳаз даҽак сымамызт ари адунеи аҟны.

Ҳаибашьцәа бџьарла, џьаҧҳаныла реиқәыршәараҿы даара аџьабаа збаз дреиуан А.Аиба – сҩыза гәакьа, сыцхырааҩ. Аҧхьа аџьаҧҳаны ҳаҧшаауан Нхыҵ-Кавказ хыҧсыра цәгьа баны, избанзар урҭ ҵәахын амина зҵаз ашьҭаҵарҭақәа рҟны. Иааҳгон «кукурузник» ҳәа изышьҭаз аверталиот ала. Абџьар злаҳауша амҩақәа анаҳаҧшаа, сара ашифровка ҷыда схәыцит, абџьар иарбанзаалак ахкы  иахьӡаҳҵеит ауҭраҭых, ма ашәыр, абасала аҕа дҳарҩашьон, ижәҩахыр ҭаҳҟьон. Ари «амаӡа хьӡшьара» ҩ-екземплиаркны иҟан. Акы сара сҟны, егьи – Алик Аиба иҿы. Уи «ахьӡшьара» џьара акала ҳаиҵанамҟьеит.

Рыӡбахә сҳәарц сҭахуп аҳәса. Аибашьра еиуеиҧшым аамҭақәа раан, ҷыдала лҵшәа змуаз марттәи ажәылара ашьҭахь, ахацәа гәамҵуа ианалага, хьыӡҳәала аҳәса – иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз ранацәа убас рхы аадырҧшит еиҭаҳәашьа амамкәа. Рҿаҧхьа схырхәоит, иара убас амедеиҳәшьцәа афырхаҵара аадырҧшит, шәҩыла ҳаибашьцәа рыҧсҭазаара еиқәдырхеит.


Алаҭраҿы

Аҧсны адгьылҵакыра ахәҭак ақырҭцәа ирымпыҵахаланы ианыҟаз, Д.И.Гәлиа ихьӡ  зху Аҧсны аҭҵаарадырратә институт Аҧснытәи архиви (1992 ш. октиабр 22) рымацара ракәында, акультура егьырҭ ахәышҭаарақәагьы рблит. Аҧсуа институт рыблаанӡа, уи дырҳәит, акыр иаҧсаз зегь дәылыргеит. Уи шьақәзырҕәҕәо акакәны иҟоуп, аибашьра ашьҭахь акырџьара ирбеит ашәҟәқәа – атрофеиқәа. В.Ҭырқьба, иҷкәыни иареи Аҟәа, Ҷанба имҩаҿы, алаҭраҿы ирымҧыхьашәеит Аҧсуа институт абиблиотека иатәыз хәызмаӡам атлас – Ф.Диубуа де Монпере ишәҟәы «Кавказ акәша-мыкәша аныҟәара» (францыз бызшәала, Париж, 1937). Анаҩс сара уи абиблиотека иасҭеит. Харҭәаашьа змам цәыӡны иаанхеит архив мацара акәымкәа, зҧыхьашәара уадаҩу ашәҟәқәа ахьыҵәахыз абиблиотекагьы.

Аинститут архив аҟны, ҧҟарак аиҧш, уа ишьҭан сџьатә шәҟәгьы. Аибашьра ашьҭахь Аҷараҟа иагеит, нас, усҟан Аҷара Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз А.Абашиӡе исзааиҭит. Даара ҭабуп ҳәа иасҳәеит: аџьатә шәҟәқәа мбылуазаап.


«Пастухов ирдәына»

Ииульмзазтәи аинышәаразы, аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагон Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Б.Н.Пастухови сареи. Урҭ мҩаҧысуан Гәдоуҭатәи срезиденциа аҿаҧхьа иҟаз абаҳчамаҷ аҟны. Абжьааҧнеиҧш, Борис Николаи-иҧеи ҳареи аҵәаҵла амҵан ҳнатәаны ацәажәара ҳналагон, уи мҩаҧысуан даара аимак-аиҿак ацны. Еснагь, абри аҵла амҵан ҳанынатәоз, ардәынак ааны инықәтәон, ҳаиҿцәажәарақәа ашәа хаала ихнарҷон. Абри аҟынтә, уи «Пастухов ирдәына» ҳәа ҳашьҭан. Аамҭақәак анҵы, ҳашҟа дааит Сергеи Кужугет-иҧа Шоигу, исырбеит ардәына. Сергеи Кужугет-иҧа, алаф зҿоу уаҩуп, ардәына днахәаҧшны, ус ҿааиҭит: «Шәара, убра иқәҿашәҳәома?»

Б.Н.Пастухов икабинет аҟны снеихьан, ачаи бзиа еицаажәхьан. Ҳаиҧыларақәа ирыбзоураны уи ибзианы дыздырит, абри аҟнытә ҿыҕәҕәала исҳәарц сылшоит ҳара ҳазҧылақәоз раасҭа хыла-хшыҩла акыр дшыҳаракыз.

Аибашьра аанкылареи Аҧсны ақырҭуа архәҭақәа ралгареи рзы аиқәшаҳаҭра анагӡараҿы аџьабаа ду ибеит Сергеи Кужугет-иҧа Шоигу. Зхыҧхьаӡара рацәоу аинтервиуқәа рҟны иҳәон, аҧсуа ган ахыдҵақәа шынарыгӡауа, ақырҭуа ган – мап.


Уаанӡа аҿаԥа рҿан

Аибашьраҿы иҳамаз ақәҿиарақәа ирыбзоураны «адунеи ауаажәлар» ҳашҟа даарышьҭит дара рхаҭарнак. Уаанӡа ҿырҭуамызт, ҳҳәамҭақәа хьаас иркымызт. Арахь, лабҿаба уаҩы ибон ганкы армч рганахьала аҧыжәара ахы иархәауа, иаҳа иҧсыҽыз, икәадаз аанда далеишышырц шиҭахыз. Аха аҧсыҽ аибашьраҿы аиааира иго даналага, «ауаажәлар» ирӡбеит рҽаларгаларц. Абри аибашьра иашала ахәшьара азҭоз, зхыҧхьаӡара маҷӡаз ахаҭарнакцәа дрылукаартә дыҟан Швецариатәи адипломат Едвард Бруннер – ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада иаашьҭымҭа ҷыда, 1993 ш. маи азы Аҧсны иааз (ашьҭахь уи ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада  иҟны инеигеит ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭыҧ ақәҵаразы ажәахә).

1993 ш. ииуль 31 азы Шәача иареи ҳареи аиҧылара ҳаман. Уаҟа ҳрылацәажәон ииуль 27 азтәи аиқәшаҳаҭра анагӡара азҵаарақәа. Инаҵшьны исҳәеит, ООН аганахьала активра аарҧшра шаҭахәу, раҧхьа иргыланы Аҧсныҟа ООН анаҧшыҩцәеи абжьаҟазаратә мчқәеи раашьҭра иадҳәалоу азҵаарақәа зыҧшрак ҳәа ҟамҵакәа рҭыҧ рықәҵара. Аҧсуа ган аиқәшаҳаҭра ахәҭақәа зегьы инхьамырнааӡакәа ишынанагӡо Бруннер дақәыргәыҕны, иара убраҟа исҳәеит ақырҭуа ган ахыдҵақәа – ақырҭуа архәҭақәа ралгареи Аҧсны амчра азакәантә усбарҭақәа рырхырҳәреи – еиланагар, «ахҭысқәа анаҩстәи рҿиашьазы аҭакҧхықәра зегьы ақырҭуа ган ишадло».

… Аха ақырҭуа ган зынӡаск агәы иҭаӡамызт, Шәачатәи аиқәшаҳаҭрала ишарбаз аиҧш, «ахымца анаанкылахалак 10-15 мшы рыҩнуҵҟала Аҧсны Қырҭтәыла архәҭақәа ралгара».

1993 ш. август 17 азы Гәдоуҭа агәаны ираҭәаз ажәа рыхҳәааны, ҭабуп ҳәа раҳәаны инаскьаагеит аконфедератцәа, убас ҳара инаҳалагыланы ҳажәлар агрессиа иацәызыхьчоз зегьы.

Ақырҭцәа рганахьала Шәачатәи аиқәшаҳаҭра анамыгӡара аҭагылазаашьа аҭымҭшәарахь икылнагон. Ари азхарҵон Урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәагьы. Иҟалаз аҭагылазаашьа иаҳагьы еицәанатәуан Тҟәарчал ақалақьи Очамчыра араиони руааҧсыра рыҧсҭазаара. Ирымамызт алашара, абылтәы, ахәшәқәа, афатә, аимадара, ажәакала адунеи иалхәдан. Иаарласны аҭынчра шьақәгылоит ҳәа ирымаз агәыҕра анырцәыӡ, Аҧсны Арбџьар мчқәа рнапхгара рыдҵақәа хьаас имкыкәа, апартизанцәа ргәыҧқәа аблокада ҧыржәеит.

Апартизанцәа рықәгылара адгылара аиуит, Аҟәа акәша-мыкәша ажәыларақәа ирылагеит. Аҧсны  Арбџьар мчқәа Рштаб хада ҕәҕәала  ирмаӡаны аус аднаулеит Аҟәа ақалақьи Аҧсны зегьи рхы рақәиҭтәразы аплан, хықәкылаҵәҟьа сара снапхгарала. Абри аус аҿы аџьабаа ду збаз атәылахьчара аминистр С.Сосналиеви Аштаб Хада аиҳабы С.Дбари роуп.


Грачов дааит ҳиааира ҳамихырц

Ажәыларақәа қәҿиарала идәықәло ианалага, сентиабр 17 азы Гәдоуҭа дааит П.С.Грачов. Еилкаан уи Урыстәыла Апрезидент дшааишьҭыз, урҭ ирнырит ҳар Аҟәа ахақәиҭтәра шрылшоз, ирҭахын иааҟалалакгьы ахҭысқәа абасеиҧш рҿиашьа еиҧырҟьарц. Грачов исыдигалеит еиҿагылоу амчқәа реидыгаразы Аҧсны адивизиа алагалара, иҭахын ҳиааира ҳамихырц.

Идыру мзызқәак ирыхҟьаны усҟан «мап» сзымҳәеит. Сақәшаҳаҭхар акәхеит. Иара убри аҽны Грачови Шеварднаӡеи Адлер еиқәшәеит. Насыҧны иаҳзыҟалаз, Шеварднаӡе Аҧсны Урыстәыла архәҭақәа ралагалара, ақырҭуеи аҧсуеи архәҭақәа реидыгара инаҿаршәны мап ацәикит, иара убриалагьы Аҟәа агараҿы дҳацхрааит.


Ҩ-литрак аӡы

Сентиабр 27 азы, Урыстәылатәи

Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ҩаҧхьа Аҧсны анапхгара ажәылара шәаҟәыҵ, абжьаҟазара ҳазхиоуп ҳәа анҳарҳәа аҽны Аҟәа ахы иақәиҭтәын. 12 мшы ицоз ажәыларақәа ирыбзоураны ицҟьа-шәҟьа иқәҵан 12 нызқьҩык рыла ишьақәгылаз ақырҭуа архәҭақәа, иҭархан ҵҩа змамыз аибашьыгатә техника.

Сентиабр 28 аҽны акомандирцәа еизганы аилацәажәара мҩаҧызгеит, Аҟәа ахақәиҭтәра азы ҭабуп ҳәа расҳәеит, насгьы интересс иҟасҵеит аҧхьаҟатәи аусқәа рзы гәаанагарас ирымоу.

Дара зегь еицҿакны аҷкәынцәа ааҧсеит, Кьалашәыр аӡиас ахықәаҿ ҳҽышьақәҳарҕәҕәап, нас мызкы ашьҭахь ажәылара иацаҳҵап ҳәа анырҳәа,схы сызнымкылеит, иагьсырҧхашьеит, иргәаласыршәеит Мрагыларатәи афронт аибашьцәа рымч еизыркәкәаны Аҟәаҟа еихо ақырҭуа архәҭақәа раанкылара ишаҿу, ҳара ҳнеира ишазыҧшу.

Сентиабр 29, ашьжьымҭан напаркын ҩ-фронтк реиҧыларазы аусқәа. Сентиабр 30, 20:00 азы Аҧсуа ар Егры аӡиас аҿы Аҳәынҭқарратә ҳәаахь икылсит, уа ишьҭырхит Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. Убри аҽныҵәҟьа Аҧсны атәылахьчара аминистр С.Сосналиев ӡыхәашьла иҭәыз, ҩ-литрак зкуаз аграфин сзааигеит. «Ари Егры аӡы ауп», – иҳәеит Сулҭан Асламбек-иҧа. Абри ауаҩ ҟәыш, агәымшәа, ахаҵа ҕьеҩ зегьы иреиҳаз аҳамҭа сзыҟаиҵеит.

Урыстәылантәгьы ҳаззыҧшыз «аҳамҭа» ҳауит – афымцамч ҳамырхит, аҧсуа ган ақәҕәҕәаразы иҵегьы аусмҩаҧгатәқәа рыдыркылт, мамзаргь иҟаз-шыҟаҵәҟьаз уҳәозар, Аҧсны млакрала рнапаҿы иааргарц рыӡбеит.


Иаазыркьаҿны акьыҧхь иазирхиеит 

Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me