Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира амш азгәарҭеит

Аиааира Ду  амшныҳәа  ҩажәи жәаба шықәса  ахыҵра инамаданы  Аҧсны  ахьынӡанаӡааӡо еиҿкаан аныҳәатә уснагӡатәқәа.

  Аҧсны араионқәа зегьы рҿы еиҧш Очамчыра араион аҿгьы аныҳәа азгәаҭара хацыркын шьыжьнаҵы, ақалақь агәаны игылоу иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҿаҧхьа минуҭктәи аҿымҭрала иааҭгыланы ихырхәарц азы уахь инеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, араион ахадара, ауаажәларра, амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа. Ҳәарада , Аиааира амшныҳәа  еиҳау аныҳәа ыҟаӡам ҳҭоурых аҿы. Избан акәзар, ари амш шәышықәсала иазықәҧон ҳабацәеи ҳабдуцәеи. Аҧсны аҧсуа даҧшәыманы, ихатәы бызшәа дақәиҭны, ижәлар хәаҽымкәа ргәы ҭыганы рҭоурыхтә ҧсадгьыл  ақәыбзазара, абри акәын уи ақәҧара зызкыз.

Иахьа иҳамоуп уи игәазыҳәагаз аиааира. Амала, иара алахьеиқәара ацуп. Ари амш азы абжьааҧны еиҧш акәымкәа еиҳа  иҵарны иуныруеит    зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи ргәалашәарақәа, урызхәыцуеит  забацәеи занацәеи зымбаӡакәа изызҳаз ахшара, угәы ҿыркаауеит  ҭаацәала  иҭархаз аҭынч уааԥсыра. Шықәсык еиҳаны ицоз Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иааннажьит имҕьаӡо ахәрақәа, иаҧсахит аҧсҭазаара  азнеишьа. Урҭ ахҭысқәа раахыс аамҭа маҷымкәа ишцахьоугьы, ахҟьа-ҧҟьақәа иахьагьы аныррра ҟарҵоит. Қәрала еилых ҟамҵаӡакәа абџьар иаҵагылаз рхәышҭаарақәа реиқәырхаразы икарҭәон ршьа, иақәгәыҕуан  аҧеиҧш лаша. Ҳара иҳалшо акызаҵәык ауп – агәалашәара амырӡра, аҧсадагьыл ахьчаразы зхы зымшаҭаз аҵеицәа ззықәҧоз Аиааира аиқәырхара. Абри атәы азгәарҭон агәалашәаратә митинг аҿы иқәгылаз аветеранцәа. 

Аиааира амшныҳәа азгәаҭара  аламҭалазы  акырџьара имҩаҧысуан иҭахаз  аибашьцәа – афырхацәа  рыхьӡ  анаунагӡатәра иазкыз  аусмҩаҧгатәқәа. Очамчыра араион  Кәтол ақыҭан иаартын иҭахаз  рбаҟа.  Афырхацәа    Асҭамыр Ақырҭааи, Едуард  Ҧанҭиеи, Нодар Чагәааи  рҳаҭгәынқәа ирҭааит.  Араҟа  аибашьра  аветеран  Даур Гьергьиа имчала  Аиааира  амшныҳәа  аламҭалазы  иргылан  абираҟ  ахьхыршьуа  ашьаҟақәа. Аҧсны Афырхаҵа Леуан Миқаа иқәгылараҿы дазааҭгылеит  Едуард Ҧанҭиеи иареи реибадырра шыҟалаз атәы: «Иареи сареи Гәымсҭатәи афронт аҿы ауп ҳахьеибадырыз. Иара  арратә зыҟаҵара бзиа иман, избан акәзар Асовет архәҭақәа рҿы арратә уалҧшьа ихигахьан. Аграната аршәга акышьа здыруаз ҳмаҷҩын, иара атәы идыруан аҟынтә акышьа ҳирҵеит. Гәымсҭа ацҳаҿы раҧхьатәи атанк ҭазырхаз дреиуоуп Едуард Ҧанҭиа. Иара еснагь даҧхьагылаҩын, издыруамызт ахьаҵра закәу.  Аибашьцәа ҿырҧшыс дрыман. Ари ауаҩ ииашаҵәҟьаны дфырхаҵан, дгәымшәан».

Аҧсны Афырхаҵа Адгәыр Ӡлаиа, уажәы ааигәа зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны Афырхаҵа Нодар Чагәаа дихцәажәо иазгәеиҭеит, ари аҧсадгьыл ахьчаҩ ижәлари иҧсадгьыли рымаҵ ауразы ихы дшамеигӡоз. Аибашьраан еиҧш аибашьра ашьҭахьтәи аҭынч бзазарааамҭазгьы  ихы ааирҧшуан  ҧсыуа хаҵак ишиқәнагоу, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дыхҭазкыз ачымазара иҽеиҭомызт гәкажьра ааирҧшӡомызт. Аибашьцәа рбаҟақәа ирҭааз аветеранцәа ргәалашәарақәа рацәан. Леон иорден занашьоу Амиран Ҵнариа иазгәеиҭеит Кәтол ақыҭа иалҵыз х-ҩык аишьцәа  Аслан, Баҭал, Беслан Ақырҭаа рыхьӡ афырхаҵара иахьыӡрашәаны ишаанхо наунагӡа. Беслани Баҭали аибашьра ҟалаанӡагьы агвардиа иалан, амилаҭтә хақәиҭратә қәҧара иалахәын. Ҳәара аҭахым Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла урҭ ҳаибашьуама ҳәа азҵаара шықәдмыргылоз. Аслан Ақырҭаа иакәзар, аибашьра ианалагаз ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан, аха игәамбзиара дамыхәаҧшӡакәан ихәра ҽеила иҕьаанӡа  иашьцәа днарывагылоит иҧсадгьыл ахьчаразы. Нанҳәамза жәиҧшь рзы, ацҳа ҟаҧшь аҿы Беслан Џьелиа игәыҧ иаланы раҧхьатәи  аҿагылара ҟазҵаз ирылан Баҭали Беслани Ақырҭаа.

Аибашьра ашьҭахь    раҧхьатәи ашықәсқәа рзы иҭахаз  Кутолаа рҵеицәа  рыхьӡала абаҟа   ақыҭа  уахьналало иргылан. Аха  аветеранцәа  еснагь  ргәы иҵхон  ари аҭыҧ аҟны  акомплекс  аргылара ахьрылымшаз. Сынтәа ари аус нагӡан  ақыҭа иалҵыз  абизнесуаа рымчала. Аиааира  амшныҳәа ҩажәи жәаба шықәса  ахыҵра аламҭалазы Кәтол ақыҭаҿ иаартын  иҭахаз аибашьцәа фырхацәа ргәалашәара иазку  акомплекс. «Ҳқыҭа Кәтол Аҧсны жәлар реибашьраҿы алагала дууп. Аӡәырҩы Кәтол аҵеицәа рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рыхьыӡқәа хашҭра роураны иҟаӡам», – иҳәеит ақыҭа Ахада Геннади Ҵлаиа аусмҩаҧгатә иалахәыз аиааира амшныҳәа рыдныҳәало. Абаҟа аартра анаҩс Очамчыра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Артимон Габилаиа иҳәеит  ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа уажәы абаҟа ахьгылоу аҭыҧ аҿы ишьаарҵәыраз аҕа иҿагылара шымҩаҧысуаз. Кәтолаа рҵеицәа ирылшеит ақыҭа аҕа иаламҵара. Ари аҽны  араҟа  иара убасгьы иаадыртит Аҧсны аҳәынҭқарратә символика  автор  Леон иорден занашьоу Валери Гамгьиа ибаҟа. «Владислав ду ишиҟазшьаз еиҧш ахаан иахьа мацараҳәа акгьы далагаӡомызт. Иацы иҟаз, иахьа иҟоу, уаҵәы иҟало ҳасаб рзиуан. Убас ауп ишыҟоу ҳбираҟгьы. Ажәытәӡатәи аҧсуа ҭоурыхи иахьатәи аамҭеи зныҧшуа акәны иҟалеит иара. Ус иҟоуп агербгьы. Ус иҟоуп ргәы икыдырҵо иреиҳау Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: Аҧсны афырхаҵа, Леон иорден, «Агәымшәаразы» амедал. Еиқәыҧхьаӡоу зегьы авторс ирымоу  Леон иорден занашьоу, абаҩхатәра ду злаз, апатриот иаша  Валери Гамгьиа иоуп» , – иҳәеит абаҟа аартраҿы иқәгылаз апоет, апублицист Геннади Аламиа.

 Иҭахаз  аибашьцәа рыхьӡ  анаунагӡатәразы  аусмҩаҧгатә еиҿкаан  Очамчыра араион  Ҧақәашь ақыҭангьы. Араҟа  ақыҭа иалҵыз  Асҭамыр Шьанаа ибзоурала  иаартын  Асовет Еидгыла  афырхаҵа  Владимир Ҧачлиеи Аҧсны  Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаадырҧшыз агәымшәаразы  Леон иорден  занашьоу  Анатоли Лагәлааи,  Џьума  Бачааи  рбаҟа. Уи амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит  араион анапхгара, аибашьра  аветеранцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа. Имҩаҧгаз амитинг  аҿы  иқәгылеит аибашьцәа фырхацәа  иааигәаны издыруаз рҩызцәа.

 Ишырҳәо еиҧш, иага  аамҭа  царгьы  аҳамҭа  еснагь  афырхаҵа  даҧшаауеит. Агәрагара ыҟоуп  аибашьра адәаҿы   афырхацәа гәымшәақәа  иаадырҧшыз   агәаҕьра  иахәҭоу   ахәшьара  аиуп ҳәа.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me