Зегьы – Аиааиразы

Аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса шҵхьоугьы уи иалахәыз, иара зхьысыз аҭаацәарақәа рзы, ҷыдала ихьанҭоу гәалашәароуп.

Арҭ амшқәа рзы Аԥсуа-абаза конгресс аофис аҿы, еицырдыруа ажурналист Екатерина Бебиа лнапхгарала имҩаԥган аибашьраҿ иҭахаз аҵеицәа ранацәеи амедеиҳәшьцәеи реиԥылара.

Аиԥылара аартуа, Екатерина Бебиа еизаз идлырдырит аибашьраан зыҷкәын дҭахаз Ирина Анқәаб-Амҷба,  иҭахаз рҭоурых лыцеизызгоз Лиуна Шармаҭ, Аида Ашәԥҳа, аибашьра иалахәыз амедеиҳәшьа Нанули Ашәба, Марина Бганба.

Ирина Анқәаб-Амҷба лыҷкәын Дима Амҷба 18шықәса ракәын ихыҵуаз еибашьраҳәа абџьар шьҭыхны данцоз, иара иаб Алик Амҷбагьы деибашьуан, урҭ рҭаацәара рҭоурых иазкны илыҩхьеит Екатерина Бебиа Кәтолаа ирызкны иҭлыжьыз раԥхьатәи лышәҟәы аҟны. Ахьаа ду згәыҵаҵәахәу ан афрыԥҳәызба еиҭалҳәоит иаазыркьаҿны лҭоурых: «Сынтәа иазгәаҳҭо Аиааира нагӡахааит. Ҳара ҳхәыҷқәа  рхала ракәым иҭахаз, урҭ зегьы иҭамхазшәа иаабоит, ҳиааира мцурамхар, сыҷкәын 18 шықәса ихыҵуан аибашьра дандәықәлоз. «Сара ашколаҿ исдырҵахьеит абџьар акышьа, ахысшьа» иҳәеит иара. Аибашьраҿ дҭахеит, аибашьра ашьҭахь машәырла артҟәацга импыҵаԥжәан дҭахеит иаанхаз лԥа заҵәгьы. Аԥсҭазаара нҵәон агәаҟра ианиаз уи рыҽнамаданы имҩасызҭгьы. Ирина лыԥшәма Алик Амҷбеи лареи ргәырҩа иаиааины драаӡеит аҵеи Рауль, уи иахьа дыҵәҩаншьапны, дгәыҭгаганы ихәаԥшуеит.

Екатерина аиԥылара иалахәыз идлырдырит Аида Ашәԥҳаи аиурист, аусеилыргаҩ Лиуна Шармаҭ-ԥҳаи (иахьа амузеиаҿ аус луеит).

«Аибашьра ацара рылымшазаргьы, аԥсуа радио аус ахьауаз иааит ҳабашәыхәо ҳәа, даргьы саргьы иҭахаз рҭоурыхқәа реизгара ҳаицалагеит. Лиуна лнапала акартотека ҟалҵеит, иаҳзааиуан Лиудмила Хьыбба, Мадина Аргәын еицҳацхраауан», – лҳәеит лара. Анацәа рпатреҭқәа ргәыҵакны инеиуан, нас ицон иҭахаз рҭаацәа рышҟа. Ихьанҭан даараӡа уи аус амҩаԥгара. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз идырымкәа инымхандаз ҳәа. Лаҭатәи атрагедиаҿы иҭаблыз рыхьӡгьы рыжәларгьы убра азеиԥш нышәынҭра ҳҭатәаны аҵәыуара инеиуаз аҭаацәа ҳрыҿцәажәаны рсиа шьақәҳаргылеит. Лиуна Шармаҭ илгәалалыршәон: «Зны Кобахьиаа рҭаацәараҿы ҳнеит, дхаҵамԥҳәысын даара  ан, лыҷкәын дҭахагәышьеит, «и-Аԥсны азы дҭахеит, сизыгәдууп», лҳәеит. 1978-тәи ашықәсазы Шеварнаӡе Аԥсны дааны даныҟаз, диҿагылан диацәажәеит «шәызҿу хықәкыс иамоузеи» ҳәа. Ари ҳара ҳџьабаа рбандаз ҳәа акәым ҳзаашьҭыз, ҳара ҳакәым зџьабаа ыҟоу, абарҭ иҭахаз рџьабаа ауп иаҳмырӡша, усҟан даҽакы ҳазхәыцӡомызт, абри ҭоурыхуп, – абас ихлыркәшоит Лиуна лцәажәара.

Аибашьраҿ хаҵамԥҳәысҵас зхы аазырԥшыз Нанули Ашәԥҳа лылаӷырӡқәа ддырцәажәомызт, «исцәыхьанҭоуп даара аныҳәақәа рахь анеира, сыбла ихгылоуп иҳацәҭахаз рсахьақәа. Гәдоуҭа сиқәшәеит Оҭар Ԥалаванӡиа (Душман), иасҳәеит мрагыларатәи афронтахь сцарц шысҭахыз, Марина Бганба дысирдырит. Сҽеиқәыршәаны лара лыбзоурала сцеит, ишылашьцаз вертолиотла ҳаԥрит, ҳвертолиотгьы еихсит, аха иаҳмаахеит, иҳахҟьеит. Ҭхьына идыртәеит, уантәи Џьгьардаҟа сцеит, нас аибашьра ҳналагылеит. Марина аума лыллыршон, Тамшьтәи ажәылара далахәын, аԥышәа лоухьан. Лаб ахәра аниоу Гәдоуҭаҟа агоспиталь ахь дганы дылхәшәтәит, ишьапы дышнықәгылаз дхынҳәит арахь, далалеит Душман игәыԥ.

 Оҭар Ԥалаванӡиа еизигеит 38-ҩык аурысцәа, нас аԥсацәагьы ҳалалеит, уа иалан адыгақәа, џьоукы-џьоукы аԥсуаа раасҭагьы ауаҩра аадырԥшуан, ҳара аиҳәшьцәа реиԥш иаҳхылаԥшуан, иҳаҵашьыцуазгьы ыҟан. Аҷкәынцәа рҳәоу  еиқәшәаны иҟан, уи ыҟамзар ҳзаиааиӡомызт. Аԥсуа гвардиа иалаз, Афганисҭан еибашьуаз, аԥышәа змаз ҳамамызҭгьы ҳара ҳзаиааиӡомызт. Ҳара ҳгәыԥ иаҵашьыцуан зхысҳәаауа, зны аимадарала иаҳзааит абри аҭыԥаҿ шәнеи ҳәа,иахьҳарҳәаз ҳаназааигәаха – ақырҭқәа ҳаӷацәа тәан уаҟа. Нас узҭаху абри аҩыза узеиҿикаауама, ҳара иҳаимҳәеит, аха ҳаиҳабы идыруан уи ҟазҵоз. Ашәҟәқәа изынарышьҭуан, уҽеиқәкны, узҿу уаҟәыҵ ҳәа,  избанзар, иԥышәа еибашьышьа иацашьыцуан. Душман Кәтол ҳаннеи, даара адисциплина ҟаиҵеит, иакәымла зхы мҩаԥызгоз зегьы рҽааныркылеит, аҷаԥшьарақәа еиҿыркааит, Славик Бебиа ҳаиҳабы иакәын. Ииуль 2 рзы Тамшь адесант аныӡхыҵуаз 2-сааҭк ухы узышьҭыхуамызт, ҳаӷацәа ашкол иҩнатәаны ихысуан… Ҳгәыԥ зегьы ҳаибганы ҳалҵит. Уи зегьы аиҳабы ибзоуроуп. Ҳара Аҭара ҳаҟан, Тамшь, Лабра, Кәтол, ҳахьырышьҭуаз ҳцон.

Иахьазы сара сзыҳәо, аидгылара ҟалааит, ҳ-Аԥсны ҳхәыҷкәа ирзаанхеит, иқәӷьацааит» – абас ихлыркәшеит аибашьҩы, амедеиҳәшьа Марина Бганба лгәалашәара.

Еизаз зегьы аныҳәа рыдныҳәало иқәгылеит Иза Ҳагба, Аԥсуа-абаза конгресс анапхгаҩы  Ҭемыр Реикәаа. Иара убас  Екатерина Бебиа лнапаҵаҟа аԥышәа иахысуа астудентцәа. Абасеиҧш аиҧыларақәа ыҟанаҵ ҳгәалашәарақәа рыҽдырҿыцуеит. Афырхацәа ргәалашәара ҳара есымшагьы иаҳуалҧшьоуп. 


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me