Аҧеиҧш змоу апроект

27 Ажьырныҳәа 2023 12:16

Аҩажәатәи ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан  Аҧсны ихацыркын аефиртә хәшақәа рыҭҵаара. Ахәша еиҳа еиҕьны излыҵуа аҵиаахкқәеи ашәырхкқәеи рыҧшаара, ралкаара, уи моу ҳтәылаҿы иззымҳауа акультура хкқәа аҳәаанырцәынтәи иааганы реиҭаҳара мҽхакы ҭбаала ихацдыркуеит аҩажәижәабатәи ашықәсқәа ралагамҭазы.

Агәаанагарақәа

27 Ажьырныҳәа 2023 12:13

М. Лашәриа – дпоетуп, деиҭагаҩуп, дҵарауаҩуп. Аиашаз, уамашәа иубартә иҟоуп абарҭқәа зегь рҿы данқәыҧ­­шыз ашықәсқәа инадыркны илиршаз, ҳдоуҳатә ҧсҭазаара, ҳмилаҭ культура иалеигалаз, дызланыҧшыз.

Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкны

А Д Н Ы Ҳ Ә А Л А Р А

Арҭ амшқәа рзы, Аҟәа Ахақәиҭра  ашҭаҿы аҿар имҩаҧыргеит амитинг.  Уи иалахәын нхарҭа ҭыҧла еиқәыр­шәам, иқәыҧшу аҭаацәарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала ҳҿар қьырала ауада ахә ахшәаауа иҩноуп. Убриаан идырҳауа абжак рхәыҷқәа рааӡараҿ ирыгырхан, рынхарҭа иахҭнырҵоит.

Анатол Бганба изкны

20 Ажьырныҳәа 2023 09:24

Ҳ-Аҧсны, ҳажәлар дрыҧхеит аҧсуа хаҵа, ахатәра, Аҧсуара алеишәақәа рыла иааӡаз, иныҟәызгоз, аҧсуа гәаҵәа зыҕраз, ауаажәларратә усзҩы, аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы аџьа збахьаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, 46 шықәса инеиҧынкыланы Аҧсны азанааҭеидгылақәа рҟны аус зухьаз, Аҧсны Ихьыҧшым Азанааҭеидгылақәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭы­ҧуаҩ, уи Апрезидиум алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша» орден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз Анатол  Қьаазым-иҧа Бганба.

Аҧсны ахьӡ ҭызго

20 Ажьырныҳәа 2023 09:23

Иахьа ҳтәыла ахьӡ Аҧсны анҭыҵгьы ираҳаратәы иҟазҵо ираҧхьагылоуп аспортсменцәа ҿарацәа. Аха, уажәы сара зыӡбахә сымоу аспортсмен аҿара днахыҳәҳәахьеит, ишырҳәо еиҧш, иқәрабжа  дынҭысхьеит. Отаҧ (Очамчыра араион) ақыҭа иааӡаз Борис Колодиа-иҧа Багаҭелиа дхәыҷаахыс  аспорт бзиа ибон.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me