Иаҳхамышҭуа ахаҿсахьақәа аԥызҵаз

Иналукааша аҧсуа актиор, арежиссиор, ашәҟәыҩҩы, адраматург Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 110 ш. ҵит.
Шәарах Абзагә-иҧа Ԥачалиа диит (20.05.1914) иахьатәи Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 2000 ш. ноиабр азы).

СССР-и (1982), Аҧсни, Қырҭтәылеи (1955) жәлар рартист СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1955) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Илагала маҷымкәа иҟоуп амилаҭтә профессионалтә театри адраматургиеи русхк аҟны.
Аацытәи алагарҭатә школ дҭалеит, ашьҭахь аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ашкол-интернат (далгеит 1929 ш.) аҟны. 1929 ш. апрель азы Аҟәантә ашкол иаҭааит хҩык еидызкылоз акомиссиа: Аҟәатәи аҧсуа школ адиректор К. Ӡиӡариа, Аҟәатәи адраматә студиа арежиссиор В. Домогаров, арҵаҩы В. Маан. Акомиссиа аҧышәара иахнажьит адраматә кружок иалахәыз жәохәҩык. Урҭ рахьтә Аҟәатәи адраматә студиа ашҟа ирыдыркылеит хәҩык арҧарцәа: М. Ақаҩба, А. Агрба, Р. Агрба, В. Аргәын, Шә. Ԥачалиа. Астудиаҿы иҵара аныхиркәша (1933) Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт дҭалеит, қәҿиаралагьы далгеит (1939).
1960 ш. инаркны Шә. Ԥачалиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩыс даман. Ҩышықәса рышьҭахь Аҟәатәи аурыс оперетта режиссиор хадас дарҭеит. Аамҭак азы аус иуан Ижевсктәи амузыкатә драматә театр аҟны, аха хара имгакәа Аҧсныҟа, С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь дхынҳәит. Аҟазара қәҿиарала амаҵ азызуаз артист Тҟәарчалтәи жәлар ртеатр аиҿкаараҿгьыы иааԥсара ыҟоуп.
С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректорс дахагылан жәохә шықәса. Араҟа акыр арольқәа дыхәмарит, урҭ иреиуоуп: Гьедлач (С. Ҷанба – «Кьараз»), Рашьыҭ (С. Ҷанба – «Амҳаџьыр»), Кьагәа (М. Ақаҩба - «Инаҧҳа Кьагәа»), Иазон (Еврипид – «Медеиа»), Осип (Н. Гоголь – «Аревизор»), Иаго (У. Шекспир – «Отелло»), Фердинанд (Ф. Шиллер – «Ацәгьоуреи абзиабареи»), Жорж Данден (Молиер – «Жорж Данден»), Незнамов (А. Островски – «Ахашәала зцу аҭыҧ»), Дудукин ( А. Островски – «Харада ахара зду»), Заур (Шә. Ԥачалиа – «Гәында»), Қьалашьбеи ( Г. Гәлиа – «Асас еиқәаҵәақәа»), Забелин (Н. Погодин - «Кремльтәи акурантқәа»), аҭауад Вано (А. Цагарели – «Ҳанума»), Аҳмед (Н. Ҳиқьмеҭ – «Аџьашьахә»), Ҳаџьараҭ (Б. У. Шьынқәба – «Ахра ашәа», Ҳамырза (Б. Шьынқәба – «Ацынҵәарах»), Гәдым (Д. Гәлиа – «Анаурқәа») уҳәа егьырҭгьы.

Режиссиорк иаҳасабала аҧсуа сценаҿы иқәиргылеит ҩеижәижәаба инареиҳаны аспектакльқәа, урҭ иреиуоуп: М. Лакрба – «Гьечаа рҵыхәтәа» (1940), И. Папасқьыр – «Ҭемыр», У. Шекспир – «Отелло» (1955), А. Островски – «Харада ахара зду» (1943), Ф. Шиллер – «Ацәгьоуреи абзиабареи», А. Корнеичук – «Аескадра аҭахара», Н. Погодин – «Кремльтәи акурантқәа» уҳәа.
Шәарах Ԥачалиа абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз актиорцәа реиҳабыратә абиԥара деиуан. Аԥсуа сценаҿы урҭ рцәырҵра ахәаԥшцәа еснагь ныҳәак еиԥш ирыдыркылон. Шәарах Абзагә-иԥа инаигӡоз арольқәа рыла деицырдырхьан. Атеатр аҟны қәҿиарала иқәыргылаз У. Шекспир иҩымҭа «Отелло» аҟны даараӡа ирылаҵәаз ахаҿсахьақәа аԥырҵеит актиорцәа. Шәарах Ԥачалиа иакәзар, дыхәмарит акрызҵазкуа иреиуаз Иаго ироль. Араҟагьы, аханатә еиԥш, артист иқәҿиеит. Акраамҭа ахәаԥшцәа ирхамышҭуа Иаго ихаҿсахьа ааирԥшит, ҳтеатр аҭоурых аҟны «Отелло» ахаҭа аҭыԥ ҷыда ааннакылеит. Уи акырнтә асценаҿы иццәырҵхьан иабиԥара иаҵанакуаз Азиз Агрба, Леуарса Касланӡиа, Минадора Зыхәба реиԥш иҟаз ахатәрақәа, абжьаратәи абиԥара ахаҭарнакцәа ракәзар: Нурбеи Камкиа, Софа Агәмаа, Шалуа Гыцба, Сергеи Сақаниа, Алықьса Ермолов уҳәа аӡәырҩы. Софа Агәмааи Шалуа Гыцбеи зныкымкәа иргәаладыршәахьеит Шәарах Абзагә-иԥа асценаҿы ицыхәмарра насыԥс ишыршьоз, еснагь ҿыцк шиҿырҵаауаз, ибаҩхатәреи иԥышәеи дара рзы акырӡа шаҵанакуаз.
Актиор 150 иреиҵамкәа еиуеиԥшым арольқәа наигӡеит. Артист иҟазара амҽхак ҭбаан. 1939 ш. нахыс ихаҭагьы аспектакльқәа ықәиргыло далагеит. Атеатртә ԥсҭазаара убасҟак дагәыланахалеит – дышнеишнеиуаз адраматургиа дазхьаԥшит. Иҩит «Ачара ду», «Гәында» реиԥш иҟаз апиесақәа. Аԥсуа театр аҟны егьықәыргылан.
Актиор, адраматург ибзианы дыздыруаз абжьаратәи абиԥара иаҵанакуаз артистцәа иазгәарҭон, уи иԥсҭазаара ззикыз атеатртә ҟазара ламысла амаҵ шазиуаз, зегьы рҟны аҭакԥхықәра шааирԥшуаз. Икәша-мыкәша иҟазгьы рус ԥшьа ҭакԥхықәрала иазнеиуазар иҭахын.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, Шәарах Ԥачалиа Тҟәарчал атеатртә кружок ааиртит. Уахь иныҟәоз даара рҽазҵәылхны, бзиа ибаны ихәмаруан. Уаанӡа жәлар ртеатр ҳәа иҟаз ҩаԥхьа аусура хацнаркит. Ишдыру еиԥш, нас уи ҳәынҭқарратә театрны ишьақәгылеит, иааиԥмырҟьаӡакәагьы аус ауеит. Хымԥада, араҟа ибзоуроуроу рацәоуп Шәарах Абзагә-иԥа.
Шәарах Ԥачалиа Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан 1940 шықәсазы. Жәохә шықәса рышьҭахь Қырҭтәыла жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Аԥсуа ҟазара зегьы азы еихьӡара дуны иушьаша акәны иҟалеит асовет аамҭазы аԥсуа актиорцәа рахьтә уи СССР жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы ахьихырҵаз (1982).
Акыр шықәса инеиԥынкыланы ахәаԥшцәа рыбзиабара зҽаԥсазтәхьаз артист иџьабаа ахәшьара бзиа аиуит. Аԥхьаӡа иргыланы аԥсуа театр азы ари қәҿиара дуун.
Шәарах Ԥачалиа дыхәмархьан иара убас асахьаркыратә фильмқәа жәпакы рҟны.
Апиесақәа хәба авторс дрымоуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аҟәа иҭыжьын Шәарах Ԥачалиа ишәҟәқәа: "Апиесақәа", (1956), «Гәында» (Аповести апиесақәеи, 1977), «Актиор имҩа» (Агәалашәарақәа, 1968), «Сара сзаанаҭ» (актиор ианҵамҭақәа), 1958), «Марица» (Агәалашәарақәа, 1988).

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me