Ауардын. Ҳхы иабаҳархәо иахьа?

Иахьатәи аамҭаз аԥсуаа рыбзараҿы рхы иадмырхәо ируакуп ауардын. Уи ҟазҵо иԥшаара шыуадаҩхоз здыруан, аха схәыҷра ашықәсқәа раан саб иашьа ауардын ацәқәа аҵакны, ҳақәыртәаны амхы аҭагалара ҳанигоз аасгәалашәацыԥхьаӡа, еиҳагьы сҽазҵәылхны уи сашьҭалон.

Саҳәшьцәеи сареи ауардын ҳақәтәаны архахь ҳцозҭгьы, схәыҷқәа уи аԥшра амузеи аҿоуп иахьырбо. Шаҟа сгәырӷьазеи Аҷандара ақыҭан ауардынқәа ҟазҵо дынхоит ҳәа адырра ансоу.
Витали Царгәыш ауардынқәа ҟаиҵоит аԥацхақәа рзы, акрыфарҭақәа рҿы идыргылоит експонатк аҳасабала. Витали иҟаиҵо ауардын жәакалаҭк рҟынӡа аџьықәреи акуеит. Аду – ҩажәа-ҩажәи хәба калаҭ. Иара иашҭаҿы игылоу, уажәы дызҿу ауардын, макьана агьежьқәа аҵамызт акәымзар, зегь рыла еиқәшәан. Ауардын злашьақәгылоу ахәҭақәеи, урҭ шыҟаиҵои ҳирбеит, иаҳзеиҭеиҳәеит.
Витали Царгәыш раԥхьатәи иуардын жәашықәса раԥхьа иҟаиҵеит. Уи Пицунда аԥацхаҿы игылоуп, жәамшҟа даҿын. Иус дналанагалан, иахьазы хԥа ҟаиҵахьеит, аԥшьбатәи, амаҷоуп иагу. Даҽакгьы, ирхәаны, ашьаҭа мазеины икыдгылоуп. Акаламқәа алаҵаны ианааиҭаххалак ишьҭихыр илшоит. Ауардын ачарҭ, даҽакала иаҳҳәозар, ашьаҭа, араш ишаӡоу иалухроуп, иҩар ухы иузархәаӡом, иҳәоит Витали.
Иара иаб иҟынтә ауп ауардынқәа рыҟаҵашьа шиҵаз. Уи ахәҭақәа шицәуаз, ишеиҿаиртәыз, зегьы ҭҵааны ауп нап шаиркыз. Ауардын аҿы ихадоу хәҭоуп ачарҭ, уи араш иалырхуеит, амахә амамзаароуп.
«Амахә змоу ианурхәалак, ихымжәар алшаӡом, амҿы еизадазароуп. Араш анеиҩухаалак, амҿы ҭаҿаҟәаны ибжьаукуеит, ианеидухлак, асал бжьауҵоит. Амҿы ажәпарагьы амазароуп. Иара декабр мзазы, ашәаԥыџьаԥ абӷьы анканаԥсалак иԥысҟоит, имхәаԥсаразы. Ишаӡоу исырхәоит. Ҳаб амҿы амца аԥхьа ишьҭаҵаны иҟәион. Усҟан архәарагьы маншәалахон. Сахьымӡаӡакәа араш сыцәҩар, мчыбжьык аҟара аӡы иӡааҵаны исырԥсаар акәхоит», - еиҭеиҳәоит Витали ауардын ачарҭ ҳарбауа.
Ауардын аҵа аԥса ӷәқәа рыла иеибиҭоит. Ачарҭ иахадыргылоит акаламӷәы, уи иахарҵоит ахарԥа, аҩадахьы быцала иршышуеит. Акаламӷәы, Витали излихуа амжәоуп. Ауардын ахәдаҿы аӷәы арҭоит аџьықәреи ақәыԥсаны иааргозар, икамыԥсарцаз, ашьҭахьгьы ус.
«Ауардын змам дынхаҩӡам ҳәа акәын ишырҳәоз. Анхаҩы ицәқәа иман, иуардын ыҟан, деиҵахаӡомызт. Ацәаӷәара данцо икәаҭана иуӷә нақәҵаны дцон. Ауардын иаҵаукуаз ацәқәа рыла ицәаӷәон, аха уи аԥхьа дара бжьатәын. Зны ауӷ ахаҵаны иларгаҩаргон, нас ақды ацраҳәаны амҩаду ианылон, уи ашьҭахь ауардын иаҵаркуан, нас – акәаҭана. Хԥа -ԥшьба шықәса рхыҵаанӡа ацәқәа рыбжьаӡомызт», - еиҭеиҳәоит Витали.

Аԥсуаа еидарамҩангагас ауардын заҵәык шакуз ирымаз дыршаҳаҭуеит аҵарауаа рыҭҵаамҭақәагьы. Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы «Абхазы» аҿы иҳәоуп, иара аԥшрагьы аҽшеиҭанамкыз. Ажәытәангьы ҩ-гьежьык аҵан, еиҳарак иаҵаркуаз ацәқәа ракәын, зны-зынла акамбашьқәа. Уардынла хара ицомызт, еснагь ауаа ацзар акәын, џьара илахар, мамзаргьы икыдхалар, иацхраарц. Ауардын ауаа ақәыртәаны иныҟәыргомызт. Иара ахкқәа еиуеиԥшымызт: ацәуардын, аҽыуардын, аихауардын, иҟан амгьалуардынгьы. Уи атәы аниҵеит аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа иҳаҩсыз ашәышықәса актәи азбжазы. Уи ас захьӡызгьы амҿы иалхны алугьежьқәа аҵан азоуп, уахьахәаԥшуаз амгьал иеиԥшын акәырқәа, алыреи дареи еицыгьежьуан. Егьыс ахахьы абжьааԥнеиԥш ақәыԥа ахаргыланы иҟарҵон. Уигьы абзазараҿы имаҭәахәын.
Ауардын аидара ақәҵаны иаазго дануԥылалак: «Уа, аура уқәуп!» ҳәа иарҳәон. Ҭакс иара: «Бзиара убааит!», иҳәон

Иури Аргун «Жәлар ртрадициатә напҟазареи аамҭеи» ҳәа хьӡыс измоу ишәҟәаҿы, иара Витали Царгәыш ишҳаиҳәаз еиԥш, аԥсуаа ауардын ачарҭ араш иалырхуеит ҳәа арбоуп. Витали дызхыԥшылоз иаб Шамел Царгәыш иуардынгьы еиқәханы иҟоуп, уи хәарҽхьеит, ҳәарада, 60 шықәса ахыҵуеит, аха уеизгьы ишеибыҭаз еилургартә иҟоуп. Аамҭа иақәыршәаны излырхуаз амҿы анхырҵәалак, ауардын «акузов» еиқәхон, иҳәоит Витали дԥышәарччо.
Иара иажәақәа, рыла ачарҭ аҟаҵара уадаҩуп, аха еиҳа ицәгьоу ауардын ахәҭақәа рахьынтә уи агьежьқәа роуп. Абарбал злухуа амҿы ҩазароуп, шықәсык аҟара ахыҵуазароуп. Иахьа иаахҵәаны аус адулара уалагар, амҿы шьшьоит, – иазгәеиҭоит Витали.
«Агьежьқәа амжәа иалырхуан. Метрак аҟара аҳаракыра арҭон. Агьежь аныҳараку ауардын ирласны иныҟәоит, ианхәыҷу - иаҳа ашьшьыҳәа ицоит. Ауардын ду агьежь ԥшьыџьара еиԥшьуп, уи шаҟа иҭбаау аҟара иарҭо акаламқәагьы рацәахоит, иааигәаны ианаларҵоз иаҳа иӷәӷәахон. Абаҟәыл иалоуп акаламқәа, урҭ ирхоуп ахарԥа, ахарԥа иахоуп аихатә маҟа», - еиқәиԥхьаӡеит Витали ауардын агьежь злашьақәгылоу ахәҭақәа.
Урҭ зегьы еибаркуп аҵәымӷ дуқәа рыла. Абаҟәыл акәзар, уи агьыжь агәҭоуп, ақды агәы кылҵәаны, зны парпантала, нас аҵәамҟала хәыҷы-хәыҷла ирҭаху ашәагаа аҭаны иҟаиҵоит Витали. Иурпар ҟалаӡом ихжәар алшоит. Ауардын ахәҭақәа зегьы иара инапала ицәны иҟаиҵоит, агьежь аихатә маҟа акәзар, ажьицәа иакәдыршоит.
Ауардын акәырқәеи алыреи амҿы иалырхуан аҟынтә, ианеицыгьежьуаз абжьы мгарцаз иахьыршьуан асапынӡы. Ауардын аганаҿы икнарҳауан ацәхьа, акамбашь атәыҩа. Агьежь абжьы агара ианалагалак, иахьыршьуан имазеины ирымаз «ахәша», – еиҭеиҳәоит Витали.
Абасала, ажәытәан анхацәа зыда ихәарҭамыз ауардын иахьа даҽа хархәарак аиуит. Уаанӡа иҟамызҭгьы ԥсыуа шҭак уи ахьҭагыламыз, уажәы експонатк аҳасабала ҳахәаԥшуеит. Аха, ишакәхалакгьы, дыҟоуп ауардын ҟазҵо, дыҟоуп уи зҭахугьы.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me