Абугенвелиақәа рфестиваль

Маи 17 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит абугенвелиақәа рфестиваль.
Абугенвелиа ари шәҭы хкуп,ааԥын инаркны аӡынынӡа ишәҭуеит. Иара аҳҭны қалақь аҟны ана-ара иуԥылоит аҩнқәа рзааигәара.
Абар уажәшьҭа фы-шықәса ҵуеит Ольга Пракопова ашәҭ ааӡара лнапы алакуижьҭеи, уи ааӡараҿы длыцхраауеит лыԥшәма. Лара азҿлымҳара алҭоит еиҳараӡак ауадаҿ ирааӡо ашәҭқәа, лымкаала абугенвелиақәа дрызнеиуеит.
Ԥшшәы рацәала зыԥшӡара ухнахуа абугенвелиақәа рыбла хыркуан аҭааҩцәа. Ааӡаҩ Ольга лажәақәа рыла,ари раԥхьаӡатәи фестивальуп, абугенвелиақәа ирызкны. Афестиваль мҩаҧысуеит хымш. Актәи амш аартреи ахәаахәҭреи ирызкуп, аҩбатәи амш, абугенвелиақәа шааӡалатәу,аус шрыдулатәу азы асааҭқәа мҩаԥыргоит, ахԥатәи амш ахәаахәҭра,анаҩс ихыркәшахоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me