Ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит Аԥсны аҵеи иаша, иналукааша аҳәынҭқарратә, арратә усзуҩ, ар раԥхьагыла, алегендартә командаҟаҵаҩ Владимир Аршба. Уи иррамаҵзуратә мҩа, аибашьрашьҭахьтәи иусура – иԥсадгьыли иуаажәлари рахь имаз абзиабареи апатриотизм иашеи дырҵабыргуеит.
Аинрал-леитенант, Леон иорден занашьоу, Аԥсны ар реиҿкааҩцәа ируаӡәкыз Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ихьӡ наунагӡа иҿыцӡоу Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит», – абас аҳәоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Аԥсны Афырхаҵа иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Владимир Гьаргь-иԥа ибиуст амҵан. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит Владимир Аршба игәалашәара иазкыз афотоцәыргақәҵеи агәалашәаратә хәылԥази.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба диит лаҵарамза 8, 1959 шықәсазы Қарҭ ақалақь аруаҩ иҭаацәараҿы. 1976 шықәсазы далгеит Қарҭтәи абжьаратә школ №81.
1980 шықәсазы далгеит 26-ҩык Бақәатәи акомиссарцәа рыхьӡ зхыз Қарҭтәи иреиҳаӡоу артиллериатә акомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа, «алеитенант» ҳәа ахьӡ иманы. Убри инаркны Аԥсадгьыл ахьчара иара иԥсҭазаара ахықәкы хада акәны иҟалоит.
1980 -1981шш. Владимир Аршба Германиа, асоветтә архәҭақәа Ргәыԥ аҿы аррамаҵзура дахысуан. 1981 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа Афганисҭан аинтернационалтә уалԥшьа наигӡон. Далахәын 1982 шықәсазы имҩаԥгаз Ԥанџьшертәи арратә операциа, ҩынтә ахәрақәа иоухьан. Урҭ рышьҭахь Владимир Аршба Аахыҵ-Кавказтәи арратә округ ахь диасуеит. Ермантәыла аррамаҵзура данахысуаз, Спитактәи адгьылҵысра бааԥсы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра далахәын.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба иналукааша арратә ԥызак, стратегк, ҳтәыла ахьчаҩцәа реидкылара, профессионалла разыҟаҵара зылшоз командирк иаҳасабала, дцәырҵит иаҳа Аԥсны данаҭахыз, уи амчхара анырӷәӷәатәыз аамҭазы.
Ҳҳәынҭқарра ҭоурыхла иамаз ахьыԥшымра абираҟ шьҭыхны, Аԥсны жәлар Рфорум «Аидгылара» ихацнаркхьаз жәлары зегь рықәҧара иацызҵаз, иҳаразкыз ҳнапхгаҩ ҕьеҩ, ҳаԥхьагылаҩ ду Владислав Арӡынба 80- тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иҽазикит усҟан зыда ҧсыхәа ыҟамыз аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк аиҿкаара. Ишаадыруа еиҧш, уи аҭоурых аҿы иаанхеит хьӡи-ԥшеи згым «Аԥсуа гвардиа» ҳәа.
Владислав Арӡынба иарӷьажәҩаны ивагылаз арратә напхгаҩцәа ракәны ицәырҵуеит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Владимир Аршба, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Мушьни Хәарҵкиа, Мираб Қьышьмариа уҳәа гәыԥҩык аибашьцәа нагақәа, архәҭақәа рнапхгаҩцәа.
Лаҵарамза, 1989 шықәса рзы Владимир Гьаргь-иԥа аррамаҵзура ахысразы Аԥсныҟа диасуеит. 1991 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь Арратә комиссарс дҟаҵан.
1991 шықәса анҵәамҭа инаркны иалагеит аҩныҵҟатәи архәҭақәа хазы игоу рполк аиҿкаара. Владимир Гьаргь-иԥа Аршба уи аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз дреиуоуп. Ажьырныҳәамза, 1992 шықәса рзы Владимир Аршба – аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк хазы игоу аҩбатәи абаталион акомандаҟаҵаҩыс дҟалоит.
Хәажәкырамза, 1992 шықәса рзы абаталион Егры аӡиас иху ацҳа инаркны амшынынӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы игылеит. Усҟан абаталион иаанарԥшыз активреи агәаӷьреи ирыбзоураны, Қырҭтәыла анапхгара 1992 шықәса, мшаԥымза алагамҭазы Аԥсны ампыҵахаларазы ирымаз агәҭакқәа раԥхьырҟәҟәаара алыршахеит.
Аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ашьақәыргылара хыркәшаӡамызт, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны ианақәла. Иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Ақырҭуа агрессорцәа Аԥсны ианақәла раԥхьатәи амшқәа инадыркны, Агәыӡератәи абаталион аиҳабыс иҟаз Владимир Аршба тәамҩахә ҟамҵа, напы аиркуеит Аҟәа ақалақь ахыхьчаратә позициақәа рырӷәӷәара.
Нанҳәамза 16 рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапынҵала, Владимир Аршба 500-500-ҩык рыла ишьақәгылаз абаталионқәа хԥа реиҿкаара далагеит. Ашьҭахь Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа ахьчара аиҿкааразы Тҟәарчал ақалақь ахь диасуеит.
Хара имгакәа цәыббрамза, 1992 шықәса рзы Атәылахьчара Аҳәынҭкарратә Хеилак Ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала, имаз аԥышәа ҳасаб азуны, Владимир Аршба дҟарҵоит Аԥсны Ар рыдҵаҟаҵаҩыс.
Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы Ахантәаҩы Владислав Арӡынба, ипрофессионалтә ҟазшьақәа азгәаҭаны жьҭаарамза 11, 1992 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала аполковник Аршба Владимир Гьаргь-иԥа Ареспублика Аԥсны атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵоит. Иара ҭакԥхықәраны идлоит Аԥсуа Ар раԥҵара.
Абҵарамза, 1992 шықәса рзы Владимир Гьаргь-иԥа ӷәӷәала дырхәит. Мшаԥымза, 1993 шықәсазы Владимир Аршба игәамбзиара иахҟьаны Аԥсны атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы иабжьгаҩыс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь – Аԥсны Арратә комиссарс.
Владимир Аршба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Арбџьар Мчқәа реиҿкаара-штаттә еилазаара ашьақәыргылара акыр зџьабаа аду дреиуоуп.
Гагра аҭарцәра аԥшьгаҩыси анапхгаҩыси дыҟан, 1-тәи Шроматәи, Ианартәи, Марттәи, иара убас 1993 шықәсазы имҩаԥгаз цәыббрамзатәи ажәылақәа зегьы дрылахәын.
Абҵарамза, 1993 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа Владимир Аршба Ареспублика Арратә комиссарс дыҟан. 1996 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Аԥсны Арбџьар Мчқәа Рштаб хада анапхгаҩыс аус иуан, Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Аибашьра ашьҭахь аинрал-леитенант Владимир Гьаргь-иԥа истратегиатә ҟыбаҩ, иеиҿкааратә ҟазшьа еилыхха иааԥшит Аԥсны ар Рштаб хада аиҳабыс, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс аус аниуаз аамҭақәа рзы.
Иазгәаҭатәуп иара убас, Владимир Аршба 1998 шықәса лаҵарамзазы Гал араион аҿы еиҿкааз атеррористҿагыларатә операциеи, 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥгаз аоперациеи реиҿкааҩцәа, рнапхгаҩцәа дшыруаӡәкыз. Аԥсны иахьаҵанакуа аҟынтәи адиверсиатә гәыԥқәеи абандатә еиҿкаарақәеи рықәцаразы қәҿиарала еиҿкааз Маитәи аоперациазы Владимир Аршба «аинрал-леитенант» ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.
1991-2004 шықәсқәа рзы – Владимир Аршба Аԥсны Арбџьар Мчқәа рыр-ркомандаҟаҵаратә маҵзурақәа рҿы аус иуан. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы Владимир Аршба аҭынчра ашьақәыргылареи ҳажәлар реизҳазыӷьареи ирызкыз аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәаразы активла аус иуан.
Амиграциа аусхк аҿы аҳәынҭқарратә политика анагӡара ҭакԥхықәраны изыдҵахо анагӡаратә усбарҭа аԥҵара шхымԥадатәиу еилкааны, Владимир Гьаргь-иԥа Аршба Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аԥҵара аус активла ихы алаирхәуеит. Уи раԥхьатәи анапхгаҩысгьы дҟалоит.
2016 шықәса инаркны Владимир Аршба Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылас, Апалата ашәарҭадаразы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан.
Ззанааҭдырра акыр иҳаракыз афицар зажәеи зуси еимадаз, агәцаракра злаз, згәы ҳалалыз ауаҩы аамсҭашәа Владимир Гьаргь-иԥа Аршба 2018 шықәсазы, 59 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Владимир Гьаргь-иԥа Аршба ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала Асовет Еидгыла, Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Аԥсны рҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Арбџьар Мчқәа қәҿиарала рнапхгараҭаразы Леон иорден ианашьоуп. Иԥсҭазаара даналҵ «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵан.
Владимир Гьаргь-иԥа зпрофессионалтә ҟазшьақәа, иҳаракыз активра злаз иԥсҭазааратә позициа аӡәырҩы афицарцәа рзы иҿырԥшыганы иаанхоит.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа