Зыхьӡ еицамкуа Сариа

«Ауаҩы ажәытәра дшазыҟоу еиԥш ауп икультурагьы шаҳараку», – иҩуан А.С.Пушкин. Ажәлари аҳәынҭқарреи ажәытәра ишазыҟоу, рфырхацәа ахьынӡаҳараркуа ала иубоит иахьынӡаҵаулоу, рԥеиԥш зеиԥшхараны иҟоу.


Сынтәа иит 120 шықәса ҵит ҳаԥсуа милаҭтә қәԥара аԥыза Нестор Аполлон-иԥа Лакоба иарӷьажәҩа, иԥшәма Сариа Џьих-оглы-Лакоба диижьҭеи. Ари аԥҳәызба 35 шықәса рыда шнылымҵызгьы дхаҵамԥҳәысны Аԥсны аҭоурыхаҿ даанхеит. Уи аабоит ашәышықәсқәа иргәылсны иааиз аҭоурых мҩа ҳаныԥшылар.
Нестор Лакоба итәы умҳәакәа, Сариа лтәы узҳәом. Аԥсны аҵеи лаша, зыжәлар ҿиарцаз, аамҭацәгьа, амҳаџьырра иаҳцәагаз хынҳәырцаз, ртәылаҿ иаԥшәымацәан иҟаларцаз тәамҩахә змамыз Нестор дызҿыз ианарыжьуамызт Сталини Бериеи.
1937 шықәсазы Қарҭ апленум ашҟа днарыԥхьеит. Уаантә Бериа аҩныҟа сасра дигеит ишиҭахӡамыз, уаҟа иԥшәма Нино Гегечкории иареи идырхиаз рчеиџьыка ашҳам аҭаны ирҭеит, сааҭқәак ирылагӡаны иԥсҭазаара далҵуеит. Мызқәак анааҵ, Лакоба жәлар драӷан ҳәа рыларҳәоит, уи ашьҭахь иуа-иҭахы, иҩызцәа зегьы рырӡра напы аиркит Бериа.
1937 шықәса август 23 рзы Қарҭ, Ортачалтәи абахҭа иганы иҭаркит Сариеи Нестор иан Шьахәсна-Џьергьениеи. Абри аҭоурых сахьашьҭаз сара исымԥыхьашәеит аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба иԥшаарақәа Сариа ллахьынҵа иадҳәалоу. «Аамҭаказы, Аҟәа амшын ахәықәаҿы имҩасны ицоз Сариа лыҷкәын Рауф усҟан 15 шықәса зхыҵуази, иара ихәыҷра зегьы ҩызас имаз, игәылара инхоз Вианор Анчабаӡеи (нас иҭоурыхҭҵааҩхаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорс иҟаз) дырбеит Лавренти Бериа. Иагьиӡбеит днеины иеиҳәарц иан акгьы лхарамкәа дышҭаркыз. Усҟан Вианор иеиҳәеит иааигәа дымнеирцаз, длаԥшықәырҵартә ихы ҟаимҵарц, аха игәаӷьит: «Шәара ҳҭаацәа бзианы ижәдыруеит, сан акгьы лхарамкәа дҭакуп, сшәыҳәоит дысшәырбаразы», иҳәеит. Лавренти ажәа ииҭеит дшиирбоз ала. Адырҩаҽны 15 шықәса зхыҵуаз Рауф дҭаркит. Ҳәара аҭахым, абри аҭаацәа зегьы ртрагедиа адҳәалан Нестор иархив. Аха иага ддыргәаҟзаргьы, Сариа лыԥшәма ихьӡ зырхәашьуаз акгьы лнапы аҵалымҩит, «иархивгьы еиқәырхан», – иҩуеит Станислав Лакоба.
Қарҭтәи абахҭаҿы Сариа хышықәса ддыргәаҟуан. Уаҩы ихахьы изаагомызт урҭ имҩаԥыргоз агыгшәыграқәа. 1937 шықәсазы – 14-нтәы арҳәацәаразы днаргеит, 1938 шықәсазы – 2-нтә ддырҳәацәеит, 1939 шықәсазы 2-нтәны. Абри ашьҭахь ҩымз ааҵхьаны Қарҭ, Ортачалтәи абахҭа ахәышәтәырҭаҿы илыхҭыргоз аргәаҟрақәа дырхыԥсааит Сариа. Иџьоушьаша, лыԥсымҭазҵәҟьа инеиз апрокурор илымҵаиҵаз абӷьыц, лыԥшәма иҿагылоз, лшьала илҟьашьит. «Абар, ишәымаз абри снапы аҵаҩра, зегьы акоуп мышкы зны аиаша ааԥшуеит», лҳәеит. Рыҷкәын заҵә Рауф, уа дҭакны ддыргәаҟуан 1941 шықәсанӡа, иқәра анынаӡа, инаигәыдҵан дыршьит.
Сариа Џьих-оглы – Лакоба диит маи 16 рзы. Цәгьаԥсышьа лыҭаны лыԥсҭазаара даналырхызгьы маи 16 рзы ауп.
Сариа Лакоба лгәалашәара амш Аԥсны зегьы иазгәарҭеит. Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху адрамтеатр афоие аҿы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа. Арахь иааит Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, афинансқәа рминистр Владимир Делба, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
Ацәыргақәҵа аалыртит Нестор Лакоба Иҩны-музеи аиҳабы Надежда Ашәба.
Еизаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит шықәсы рацәала амузеи напхгара азҭоз ааигәа здунеи зыԥсахыз Лиудмила Малиа.
Ацәыргақәҵаҿ иҟан 1937-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирылаӡыз Нестор Лакоба, Сариа Лакоба, урҭ рԥа заҵә Рауф Лакоба, иара убас урҭ рҩызцәа рфотосхьақәа.
Уи ашьҭахь агәалашәаратә хәылԥазы иацҵан атеатр азал ду аҟны. Ахәылԥаз аартуа, уи амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ажәа лиҭеит арепрессиа иалаӡыз Анатоли Аҩардан иԥҳа Ирина Аҩардан. Лара еиҭалҳәеит Сариа лыӡбахәала имаҷымкәа ажәабжьқәа лан лҟынтәи ишлаҳахьаз. Усҟан лара дстудентын, рыҩны еизон лан лҩызцәа, есымша Сариа лыбзарӡы рҿакын, лара Аԥсны жәлар рԥыза иарӷьажәҩа иаша лакәын. «Даара идырыз, иԥшӡаз џьара акала егьырҭ атәылақәа рхадацәа рыҳәсақәа дрыҵахомызт, илдыруан абызшәақәа рацәаны, иԥшӡаз, еснагь асасдкылара злаз, ажәлар ирзааигәаз ԥҳәызбан. Дара уи лыӡбахә рҳәон, нас иагьҵәуон «Бара бахаанхоит ҳажәлар Сариа абаҟа анлыздыргыло, убасҟан ҳахьӡала блеихырхәа бнеины!» – ҳәа ажәаҳәахьагьы сзынрыжьит», – ихлыркәшеит лықәгылара.
С.Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы Гугуца Џьыкырба лықәгылараҿы аҳәара ҟалҵеит, ҳҭоурых иазхьаауа зегьы иргәыҵхоу, Нестор иахьагьы ибаҩ ахьамадоу аилкааразы аԥшаарақәа нагӡазарц. «Сариа Лакоба абаҟа даԥсоуп. Иахьагьы ирацәаӡоуп акьыԥхь зымбац урҭ ирызку, уимоу рҷангьы умԥыхьашәар алшоит. Лара еизаз идлырбеит Сариа ашәыр злацәлырԥссоз аҳәызба хәыҷы. Уи амузеи аиҳабы Надежда Ашәба лнапаҿы илылҭеит. Сариа лҭаацәагьы ларгьы зегьы иреиҳау абаҟа иаԥсоуп», – иҳәеит уи.
«Абаза» ателехәаԥшра алшарала еизаз идырбан Нестор Лакоба изку афильм.
Сариа Лакоба лбаҟа аҟаҵаразы иахәҭоу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me