Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа рахьынтә зегьы реиҳа инарҭбааны иазааҭгылан 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан апроект. Уи азы ажәахә ҟаиҵеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым есышықәса Афон Ҿыц анышә дахьамадоу игылоу ибаҟа иаҭаауеит ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа ықәырҵоит. Сынтәагьы, Аиааира – 29 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭараан еиҧш, уи даниз амш октиабр жәаф рзы ибаҟа иаҭааит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз апоет дыргәаладыршәеит.

Виачеслав Аблоҭиа 80 шықәса ихыҵит

«Сара бзиа избоит, аӡәы исыдигало, ма ишигәаҧхо ҳәа акәымкәан, схы сақәиҭны, исгәаҧхо алхны, уи ахәҭаны ишысыҧхьаӡо ала аусура. Аиашазы, ауаҩы ихатәгәаҧхарала, иара иҭахны, ҩнуҵҟала дазхәыцны игәы азыҳәаны иҟеиҵо, анаҧшыҩгьы, ахәаҧшыҩгьы иргәамҧхарц злшом, еиҳагьы ргәы иақәшәо иҟалоит», – абас ҳаиҿцәажәара хацыркуа дҳацәажәон ааигәа 80 шықәса зхыҵыз Аҧсны жәлар рартист, акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша» аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу, акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳаби асахьаркыратә напхгаҩи, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Виачеслав Андреи-иҧа Аблоҭиа.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи иазкны имҩаҧысыз агәырҕьаратә еилатәара далахәын, дагьықәгылеит.

Октиабр 14 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи. Ҳтәыла аҵараиурҭа хада азы акрызҵазкуа арыцхә ахатә ҭоурых амоуп, имариамыз амҩа ианысит, иалыршауа еихаҳауа аихьӡара ҿыцқәа раарҧшразы агәҭакы бзиақәагьы ыҟоуп.

Аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа аҽрылархәразы Аҟәа иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа, Аахыҵ-Уаҧстәыла уҳәа рҟнытә, иара убас Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аӡәырҩгьы адныҳәаларақәа аарышьҭит.

Аҧеиҧш бзиа азы

20 Жьҭаара 2022 12:10

Ҳҧеиҧш бзиа азакәын Аҧсадгьыл ахьчараан ҳашьцәа рыҧсҭазаара иамеигӡа ҳаҕа изиҿагылаз. Милаҭҵас ҳаиқәырхара азын акәын ақәрахьымӡақәа ашәара рхахьы иаамгакәа аҧсра изаҧылоз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me