Дрылгеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет «аполитолог, асоциал-политикатә маҭәарқәа рырҵаҩы» азанааҭ ала, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә академиа (жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист).
2024 шықәсазынӡа Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭратә хаҭарнакыс дыҟан. Дынхоит Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәымызт.
Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Адгәыр Какоба
Какоба Адгәыр Паата-иԥа диит 1965 ш. ноиабр 24 азы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Даԥсыуоуп.
Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет «алитератураҭҵааҩ, афилолог-аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы» азанааҭ ала. Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет нарҭҭҵаареи адәтәы фольклористикеи Рҭҵаарадырратә центр адиректор дихаҭыԥуаҩуп.
Дынхоит Аҟәа. Аԥсны аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Леон иорден ианашьоуп.