Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриарх Лаша Кирилл Имшира идиныҳәалеит.

Аспортсмен қәыԥш

23 Абҵара 2023 11:07
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Таитәи абокс азы адунеи аԥхьахә згаз Нестор Гадлиа, – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа зегьы Жәларбжьаратәи рымш рыдиныҳәалеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәарҭеит Астудент Имш. Астудент имшны иԥхьаӡоуп абҵарамза 17. Ари арыцхә шьақәырӷәӷәан 1941 шықәсазы ақалақь Лондон,астудентцәа реизараҿы.
Аԥсныпресс. Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит зыла иамбо Жәларбжьаратәи Рымш. Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла ахантәаҩы Езаабеи Қаԥба аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me