Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахада ауниверситет аҟны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәарҭеит Астудент Имш. Астудент имшны иԥхьаӡоуп абҵарамза 17. Ари арыцхә шьақәырӷәӷәан 1941 шықәсазы ақалақь Лондон,астудентцәа реизараҿы.

Ари амш аҽны егьырҭ ауниверситетқәа рҿы еиԥш, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿгьы иазгәарҭеит ари аныҳәа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Аԥснытәи  аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуаз астудент Имш иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

 Аныҳәатә қәгылара иалагаанӡа Аԥсны Ахада, атәыла аиҳабыра алахәылаҩцәа, ауниверситет анапхгара, 1992-1993 шықәсқәа рзы иҟаз  Аџьынџьтәылатә   еибашьраан иҭахаз ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи рыхьӡ зху абаҟаҿы  ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Актәи аихагылаҿы ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи идырхиеит аԥсуа чыс. Згәы иаҭахыз зегьы азин рыман агьама абара.

 Аԥсны Ахада астудентцәа рахь адныҳәалара ҟаиҵеит, ирзеиӷьишьеит ақәҿиарақәа, аизҳарақәа рҵараҿы.

 Анаҩс аныҳәатә қәгылара иацҵахеит "азҵаара-аҭак" аформат ала. Ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи Аԥсны Ахада дасу дзызҿлымҳау азҵаарақәа ирҭон.

Иҟан адәныҟатәи аполитика,  аҩнуҵҟатәи аполитика ирызкыз, иҟан аҵара, аҿартә политика, аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иазкызгьы.

 Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны Ахада реиқәшәаразы, иара убас иҟаиҵо ацхырааразгьы.

  Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла аиҳабыра алахәылаҩцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me